
pressadmin-2
АЖУРНАЛ «ЛИТЕРАТУРНАЯ КАБАРДИНО-БАЛКАРИЯ» АҾЫ АНАТОЛИ ЛАГУЛАА ИАЖӘАБЖЬҚӘА ҨБА КЬЫԤХЬХЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟабарда-Балкариа, Нальчик ақалақь аҿы иҭыҵуа алитература-сахьаркыратәи ауаажәларра-политикатә журнал «Литературная Кабардино-Балкария» адаҟьақәа ирнылеит аԥсуа поет, апрозаик Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәа «Ануаа-рхәы», «Аԥсадгьыл акоуп». Арҭ ажәабжьқәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра атема иазкуп.
Ажәабжьқәа еиҭеигеит ажурналист, ашәҟәыҩҩ, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор хада Витали Шариа.
АНАУКАҚӘА РАКАДЕМИА АҾЫ 2022-ТӘИ АШЫҚӘС ИАЛАГӠАНЫ ИМҨАԤГАЗ АУСУРА АЗЫ АИХШЬААЛАҚӘА ҞАРҴЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәсазы имҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын аҩаша, хәажәкырамза 28 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа азеиԥш усуратә еизара.
Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Апрезидент Зураб Џьапуа еизаз бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит. Уи аҳасабырбатә ашықәс Анаукақәа Ракадемиа азы иҷыдоу аҟазшаьа аман ҳәа иазгәеиҭеит.
«2022 - тәи ашықәс Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа азы аиубилеитә шықәсаны иҟан. Зегьы рзы игәырӷьараны иҟалаз хҭысхеит акарантинтә ԥкрақәа раԥыхра, иарбоу ахҭыс ҳҵарауаа ирыцны азгәаҭара азы арахЬ иааит еиуеиԥшым адунеи атәылақәа рҟынтәи хыԥхьаӡара рацәала асасцәа.
Аҵарауаа хаҭала дрыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, иара убас егьырҭ аҳәынҭқарра Анапхгара ахаҭарнакцәагьы. Аҳәаанырцә иҟоу анаукақәа Ракадемиақәа жәпакы рҟынтәи авидеотә адныҳәаларақәа аарышьҭит. Ари зегьы, жәаҳәарада, аидеиа ҿыцқәа, апланқәа, урҭ рынагӡара азы ажәалагалақәа, уҳәа рцәырҵра азы иназыцҵоу импульсны иҟалеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Анаукақәа Ракадемиа Апрезидент Зураб Џьапуа.
Аизара иалахәыз зыԥсҭазаара иалҵхьоу рколлегацәеи рҩызцәеи минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.
БАҬАЛ ЏЬАПУА «АԤСНЫ ЖӘЛАР РСАХЬАҬЫХҨЫ» ҲӘА АҲЫҬЫРТӘ ХЬӠЫ ИХҴОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Баҭал Џьапуа «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Асахьаркыратә ҟазара аҿиара, акультуратә ҭынха аиқәырхареи зыҩаӡара ҳараку азанааҭтә ҟазареи рзы «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьазааит Џьапуа Баҭал Рушьни-иԥа», - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа атекст аҟны.
АСИДА ШЬАҞРЫЛ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПРЛАМЕНТ АҞНЫ АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРА АЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУ 2022 ШЫҚӘСАЗТӘИ ЛУСУРА АЗЫ АЖӘАХӘ ҞАЛҴЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ааԥынтәи асессиа аилатәара. Аилатәара мҩаԥысит Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша ихантәаҩрала.
Асида Шьаҟрыл Жәлар Реизара-Апарламент аҟны Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу 2022 шықәсазтәи лусуразы ажәахә ҟалҵеит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ауаҩы изинқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 19 инақәыршәаны Апарламент адепутатцәа азыӡырҩит иагьрыдыркылеитт Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу Шьаҟрыл Асида 2022 шықәсазтәи лусуразы ажәахә.
Адепутатцәа Шьаҟрыл Асидеи Ауаҩы изинқәа рзы Азинмчы змоу лаппарати имҩаԥыргаз аусура иҭабуп ахырҳәааит.
АСЛАН БЖЬАНИА АТЕАТР АУСЗУҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атеатрқәа русзуҩцәа Жәларбжьаратәи атеатр Амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Ареспублика Аԥсны атетарқәа русзуҩцәа. Гәык-ԥсыкала ишыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Жәларбжьаратәи атеатр Амш!
Жәларбжьаратәи атеатр – ари атеатр аусзуҩцәа зегьы ринтернационалтә занааҭтә ныҳәа адагьы, уи атеатр абзиабаҩцәа зегьы ирныҳәоуп.
Иахьа ҳара зеиӷьаҟам атеатралтә дунеи иадҳәалоу ауаа зегьы иҭабуп ҳәа раҳәаразы алшара ҳамоуп. Шәара аԥсҭазаара абжьаԥнызаара анҭыҵтәи аҟазаара абара азы алшара аԥҵо, аԥсуа ахәаԥшыҩ естетикалатәии доуҳалатәии иааӡара шәлагала ду алашәҵоит».
РАУЛЬ ЛОЛУА АМИЛАҬТӘ ШӘАРҬАДАРЕИ АТӘЫЛАХЬЧАРЕИ РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИАБЖЬГАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Рауль Лолуа амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рызҵаарақәа рзы абжьгаҩыс иҟаҵаразы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Лолуа Рауль Валери-иԥа диит жәабранмза 20, 1976 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь аҿы.
1993 шықәсазы далгеит Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №17.
2000 шықәсазы далгеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Аҟәатәи абжьаратәи амилициа ашкол ҷыда «азанааҭдырҩы, аоператив-ԥшааратә усура» азанааҭ ала.
2005 шықәсазы далгеит Москватәи асоциал-гуманитартә Институт аҿга апсихологиа афакультет.
2013 шықәсазы «Аҳәынҭқарратәии амуниципалтәии анапхгараҭара» азанааҭ ала далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу аҳәынҭқарратә маҵзуреи жәлар рынхамҩеи рзы Урыстәылатәи Академиа.
1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын, Леон Иордени «Агәымшәаразы» амедали ианашьоуп.
1998 шықәасзы Ирласу анырра азы Иҷыдоу Аотриад (СОБР) аилазаараҿы Гал араион аҿы ақырҭуа адиверсиатә гәыԥқәа рықәгара иазкыз аоперациа.
2001 шықәсазы Ирласу анырра азы Иҷыдоу Аотриад (СОБР) аилазаараҿы Е. Квициании Р. Гелаеви рнапхгарала бџьарла еибыҭаз агәыԥқәа Аԥсны агәы алалара азы рҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара далахәын.
2008 шықәсазы Атеррористҿагыларатә центр напхгара аиҭоит. Иарбоу ацентр урыстәылатәи архәҭақәа ирыцны Қырҭтәыла аҭынчра ахь мчыла азаагара азы аоперациа иалахәын.
«ҲАРА ҲАҚАЛАҚЬ» АЛАХӘЫЛАЦӘА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҬОУРЫХТӘ ХӘҬА АҾЫ АРГЫЛАРАҚӘА РЫМҨАԤГАРА ИАДҲӘАЛОУ АПРОБЛЕМАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥшьгаратә гәыԥ «Ҳара Ҳақалақь» алахәылацәа рыпресс-конференциа мҩаԥысит ашәахьа, хәажәкырамза 27 рзы. Активистцәа ақалақь акомплексттә ҿиара, зинда аргылара, аҳҭнықалақь аҭоурыхтә хәҭа иахьаҵанакуа ҿыц иргылахо аобиектқәа реихагылара, уҳәа иадҳәалоу апроблемақәа ирылацәажәеит. Конкретла ажәалагалақәагы ҟаҵан.
Архитекторқәа, арџьнырцәа, адизаинерцәа, асахьаҭыхыҩцәа, аурбанистцәа, азиндырҩцәа, ажурналистцәа зеилазаараҿы иҟоу аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа Аҟәа ақалақь аҿы иҳараку ахыбрақәа рыргылара атема ҩаԥхьа изышьҭырхуа еиҭарҳәеит.
Урҭ ргәаанагара ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны аҳҭнықалақь ауааԥсыра Аҟәа аҭоурыхтә ԥшаҳәа иахьаҵанакуа еицлабны, аиҳарак ала изакәанымкәа аргылара шымҩԥысуа рымбакәа иҟам. Раԥхьаӡа иргыланы излацәажәатәу Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа азааигәара игылоу ахыбра еихаххаа ауп.
Активистцәа агәраганы иҟоуп ас еиԥш иҟоу «архитектура» XIX ашәышықәса анҵәамҭзы ишьақәгылахьаз аҭоурыхтә ԥшаҳәа иаҵоу аԥшӡареи ауникалреи ықәнагоит, иара убас иҳаҩсыз аамҭақәа рзы аҟыбаҩ ду злаз архитеторцәа еиҷаҳаны иаԥырҵаз амшыни ашьхареи ркомпозициа ӷәӷәала еиланагоит. Иарбоу аргыламҭа амра ашәахәақәа ишиашоу ари аҭыԥ аҟынӡа рынаӡара аруадаҩуеит, иара убри ала ԥсабаратәла аҳауаеиҭарсра еиланагоит. Иара убас, иара убри адагьы еидгәыԥланы ахыбрақәа ахьыргылоу аҭыԥ ахь анеирҭақәеи амашьынаргыларҭақәеи амцарцәаратә неирҭақәеи анџьныртә инфраструктуреи иадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит. Аҵыхәтәаны, хымԥада иазгәаҭатәуп даҽакгьы, – Аԥсны адгьылҵысратә (асеисмикатә) шәарҭаразы зиндекс ҳараку (9 рҟынӡа инаӡо) тәылоуп, убри аҟнытә ахыбра еихаххаақәа реизакра, еидгәыԥланы рыргылара мап ацәктәуп.
«Ҳара Хақалакь» алахәылацәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи ааигәа иҟалаз адгьылҵысра ахҟьаԥҟьа дуқәеи уи зыдҳәалахаз аргыларақәа раан асеисмикатә шьақәтәара аԥҟарақәа реилагареи ртәы ҩаԥхьа еизаз иргәаладыршәеит. Ахыбра заҟа иҳараку аҟара, аиҳарак аԥшаҳәа иахьаҵанакуа игылоу, араҟа иҟоу агеологиатә ҭагылазаашьақәа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, адгьылҵысра аан аилыбгаразы еиҳа ишәарҭоуп. Уи иаанагогьы, ахыбрақәа иарбоу аҭыԥқәа рҿы раргылараан асеисмикатә ԥҟарақәа зегьы рықәныҟәара хымԥадатәиуп.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа азааигәара игылоу ахыбра – ари изаҵәу проблеманы иҟаӡам иахьа. Анџьныр-ргылаҩ Асҭамыр Маан игәаанагарала, И. Коӷониа имҩаду ала игылоу иҳараку аҩнқәа реиҳарак иҟалар зылшо анормақәа ирхысуа еицыҟарамкәа аиқәысра рныԥшуеит. Уи ҵаҵӷәыс иамазар алшоит – ахыбра ахьыргылаз аҭыԥ аҿы иҟоу адгьыл ианаамҭаз иахәҭоу анализ азумызм, мамзаргьы афундамент ахаҭабзиара лаҟәхеит, иара убас аргылара апроцесс аан хазхаҭала ахыбра аихагылара ацҵаразы аӡбамҭа адкылара.
АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АИЛАЗААРА ҾЫЦ ИНАГӠАНЫ ИШЬАҚӘЫРГЫЛОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц инагӡаны ишьақәыргылахеит.
Жәабранмза 20, 2023 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа ала Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәас ишьақәырӷәӷәахеит:
Адлеиба Асҭамыр Борис-иԥа;
Ашба Роберт Шамсудин-иԥа;
Гериа Роман Шьоҭа-иԥа;
Џьынџьал Сократ Раҷ-иԥа;
Кьычба Гәыли Михаил-иԥҳа;
Лолуа Лиудмила Ирадион-иԥҳа;
Ломиа Оҭар Каҷ-иԥа;
Миносиан Вараздат Мелкон-иԥа;
Осиа Леонид Дмитри-иԥа;
Ԥлиа Давид Ҷыҷа-иԥа;
Ԥиԥиа Ҭемыр Ахра-иԥа;
Страничкин Алеқсандр Виктор-иԥа;
Хапат Низам Хасан-иԥа.
Ауаажәлрратә Палата аилазаара ахь Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи хәажәкырамза 11, 2023 шықәсазы иалххеит:
Алхас Гәыргәылиа (Аҟәа ақалақьтә Еизара);
Лана Цаа (Аҟәа ақалақьтә Еизара);
Дауҭ Агрба (Гагра араионтә Еизара);
Дона Малиа (Пицунда ақалақьтә Еизара);
Ахра Агрба (Гәдоуҭа араионтә Еизара);
Витали Смыр (Афон Ҿыц ақалақьтә Еизара);
Леуан Чхьеиӡе (Аҟәа араионтә Еизара);
Кочу Махмеҭ Хакан (Гәылрыԥшь араионтә Еизара);
Беслан Перцхьелиа (Очамчыра араионтә Еизара);
Омар Џьынџьал (Ҭҟәарчал араионтә Еизара);
Ҭенгиз Инал-иԥа (Гал араионтә Еизара).
Апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи хәажәкырамза 27, 2023 шықәса рзы Ауаажәларратә Палата аилазаара ахь иалырхит:
Даур Агрба – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсадгьыл»);
Ерасҭ Агәмаа – Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа;
Баҭал Аиба – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Ҳара ҳаҩны–Аԥсны»;
Асҭамыр Ахба – Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны Жәларбжьаратәи афонд»;
Коба Гогохьиа – аполитикатә партиа «Амцахара»;
Ҭенгиз Џьопуа – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны аветеранцәеи аҿари Реидгыла»;
Абесалом Кәарҷиа – «Ааглыхыҩцәа, адгьылқәаарыхыҩцәеи аусдкылаҩцәеи Реидгыла»;
Едик Қриа – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥснытәи амилаҭтә конференциа»,
– Асҭамыр Логәуа – аполитикатә партиа «Аԥсны Жәлар Рфорум»,
– Изольда Ҳагба – Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс.
– Руслан Ҳашыг – Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла.
хәажәкырамза 10, 2023 шықәса рзы, «Аԥсны Ауаажәларратә Палата азы» Азакәан ахәҭаҷ 8, апункт 5 инақәыршәаны, Ауаажәларратә Палата аилазаара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ила ишьақәырӷәӷәаз 13-ҩык Аԥсны атәылауааи 11-ҩык аконкурстә лыԥшаара апроцедура ала Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь иалххо аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыла зыдгалара мҩаԥгаз араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәеи атәыла аиустициа Аминистрра аҟны ашәҟәы иҭагалоу аполиикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи 11-ҩык рхаҭарнакцәеи рыла ишьақәгылоит.
АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АШҞА ИАЛЫРХИТ 11–ҨЫК АПАРТИАҚӘЕИ АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҾКААРАҚӘЕИ РХАҬАРАНАКЦӘА. ПРЕДСТАВИТЕЛЕЙ ПАРТИЙ И ОБЩЕСТВЕННЫХ ОРГАНИЗАЦИЙ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Апсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәеи еицышьақәдырӷәӷәаз Ауаажәларратә Палата алахәылацәа аконкурстә лыԥшаара апроцедура ала Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ахь иалырхит 11-ҩык аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.
Апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи Ауаажәларратә палата ахь иалххеит:
- Даур Агрба – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсадгьыл»),
– Ераст Агәмаа – Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа»,
– Баҭал Аиба – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Ҳара ҳаҩны –Аԥсны»,
– Коба Гогохьиа – аполитикатә партиа «Амцахара»,
– Ҭенгиз Џьопуа – Ареспубликатә Уаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны аветеранцәеи аҿари Реидгыла» ,
ДАУР АҚАҨБА АТЕАТРАЛТӘ УСХКЫ АҾЫ АУС ЗУА ЗЕГЬЫ РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба атеатр аусзуҩцәа хәажәкырамза 27 рзы иазгәарҭо атеатр Адунеизегьтәи Амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә текст аҟны ахәҭкахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, шәзанааҭтә ныҳәа - Адунеизегьтәи атеатр Амш инамаданы ишәыдышәкылар сҭахуп гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара! Ари аныҳәа атеатр аусзуҩцәа рыдагьы Аԥсны есааира зхыԥхьаӡара ацло атеатр абзиабаҩцәагьы рзы иныҳәоуп.
Аԥсны беиоуп атеатралтә традициақәа рыла. Уи аиашазы иналукааша ахҭысқәа, арҿиаратә еихьӡарақәа, асахьаркыратә аартрақәа рыла игәылҭәаау амҩа ду ианысыз, зыхьӡ нагоу атеатралтә коллективқәа рыла агәы дууп. Иахьа урҭ Рыԥсадгьыл анҭыҵгьы еицырдыруеит.