
pressadmin-2
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ЛИЛИ БГАНԤҲА АҴЫХӘТӘАНТӘИ ЛЫМҨАХЬ ЛЫНАСКЬАГАРА ИАЗКЫЗ АУСМҨАԤГАТӘ ДАЛАХӘЫН.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лили Бганԥҳа аҵыхәтәантәи лымҩахь лынаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын. Лили Бганԥҳа лыԥсҭазаара далҵит иҳаҩсыз ахәаша, Аҟәа ақалақь, 86 шықәса лхыҵуан.
Лили Дыгәыжь-иԥҳа Бганба иланашьоуп Аџьа абираҟ ҟаԥшь аорден, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара. Аԥснытәи АССР ахәаахәҭра аминистрc, АССР Аԥснытәи Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, 1993 шықәса инаркны 2005 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра афинансқәа рминистрс дыҟан.
АБАЏЬДАТӘ ХӘААХӘҬРА АДӘҚЬН АҞЫНТӘИ АҬАҬЫН АЛХРА МҨАԤЫСИТ АҲАЗЫЛХРАТӘ ԤЫԤШЫРҬА «ԤСОУ» АҾЫ.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа, аҳазылхратә гәаҭара азона «Ԥсоу» аҿы ашьаҟамҩатә хырхарҭа «Импорт» аҿы Аԥсны атәылауаҩ инапылеидара агәаҭара мҩаԥган. Агәаҭара аан иарбоу атәылауаҩ идырбалеит иагьимырхит абаџьдатә хәаахәҭра адәқьан «DUTY FREE» аҿы иаахәаз, убри аан ишьақәыргылоу аформа ала иарбамыз 5 600 рҟынӡа инаӡо аҭаҭын аалыҵ.
АҞӘАТӘИ АКОМАНДА АШЬАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АХӘЫҶТӘЫ-ҚӘЫԤШТӘ ТУРНИР DAGOMYS CUP 2023 "ЛИГА ЧЕМПИОНОВ" АҾЫ АҨБАТӘИ АҬЫԤ ААНАКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи акоманда ашьапылампыл азы ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир DAGOMYS CUP 2023 «Лига Чемпионов» аҿы 2-тәи аҭыԥ ааннакылеит.
Мшаԥымза 2 рзы ихыркәшахеит ашьапылампыл азы ааԥынтәи ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир DAGOMYS CUP 2023 «Лига Чемпионов». Атурнир рхы аладырхәит Москва, Санкт-Петербург, Старыи Оскол, Омск, Лобниа, Раменское, Видное, Красногорск, Шәача, иара убас Аԥсны аҳҭнықалақь аҟынтәи ақәратә категориақәа хәба ирыҵанакуа акомандақәа. Аҟәа ақалақь ахьӡала иқәгылеит 2009, 2012 ашықәсқәа рзы ииз аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа ашьапылампыл асекциа ааӡамҭацәа. 2012 шықәсазы ииз рыла ишьақәгылоу Аҟәа ақалақь акоманда афинал аҟынӡа инаӡеит, араҟа урҭ актәи аҭыԥ аанкыларазы ирԥылеит ақалақь Красногорск аҟынтәи Аолимпиатә резерв азы Акомплекстә спорттә школ акоманда «Зоркий», аха иаҵахеит.
Атурнир DAGOMYS CUP 2023 «Лига чемпионов» иреиӷьу ахәмарҩыс далкаахеит 2012 шықәса рзы ииз Аҟәа ақалақь акоманда ахәмарҩы Давид Иосава. 2009 шықәса рзы ииз рыла ишьақәгылоу Аҟәа ақалақь акоманда афиналтә хәмаррақәа рҿы ахәбатәи аҭыԥ аанкыларазы еицлабуан, аха Санкт-Петербургтәи Ашьапылампылтә Клуб акоманда «Солярис» иаҵахеит. Убас ала уи афбатәи аҭыԥ ааннакылеит.
АКАРАНТИН ИАҴАНАКУА ААЛЫҴ ААНЫРКЫЛЕИТ АҲАЗЫЛХРАТӘ ԤЫԤШЫРҬА «ЕГРЫ» АҾЫ.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуиа, аԥса, анҷа, каллистемона, уҳәа аҵиаақәа ршьапқәа аҳазылхратә Ԥыԥшырҭа «Егры» аҿы Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иаауаз автомашьына агәаҭараан ирыԥшааит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа.
Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы занааҵтәи аусеилыргара азы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә усеилыргарақәеи аҭҵаареи рыҟәша ахь инашьҭуп.
ОЧАМЧЫРАТӘИ АШКОЛ-ИНТЕРНАТ БАШКИРТӘИ АХЫҶҚӘА РЗЫ АԤСШЬАРАТӘ БАЗАНЫ ИҞАЛОИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыратәи ашкол-интернат Башкириатәи ахәыҷқәа рзы аԥсшьаратә базаны иҟалоит. Абри азы еилацәажәаны еизыразхеит Аԥсны аҵарадырра аминистр Инал Габлиеи Ареспублика Башкортосҭан Ахада Ради Хабиров ицны Аԥсныҟа иааз аделегациа аилазаараҿы иҟоу уи Башкортосҭантәи иколлега Аибулат Хажини.
Аԥсны аҵарадырра Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Инал Габлиеи Аибулат Хажини башкиртәи ашколхәыҷқәа рыԥсшьараамҭа ахьырхыргаша абаза азы аҭыԥ алыркаарц азы Очамчыра ақалақь аҵараиурҭақәа ирҭааны игәарҭеит.
Аинспекциа аихшьаалақәа рыла, иарбоу ахықәкы анагӡара азы иалххеит С.Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ЕИХАГЫЛАК ЗМОУ АҨНЫ БЛИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәымсҭа ақыҭаҿы, Аишьцәа Езыгәбаа рымҩа ала игылаз еихагылакны иҟаз аҩны амца акит. Амцакра шыҟалаз азы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь адырра ҟалеит 08 сааҭи 13 минуҭи рзы.
Амцарцаҩцәа аҭыԥ ахь раара аламҭалазы аҩны зегьы амца амҽханакхьан. Амцарцәара рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь абылрацәыхьчаратә ҟәшақәа 4, иара убас Аҟәа ақалақь аԥшаара-еиқәырхаратә Отриад аԥсеиқәырхаратә ҟәшаки.
НЕСТОР ЦУЖБА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АԤКЬАҬМПЫЛТӘ 3 АКАТЕГОРИА АТУРНИР АҾЫ АРАӠНЫТӘ АԤХЬАХӘ ИГЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Цужба 13-шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыбжьара Урыстәылатәи аԥкьаҭмпылтә тур «Первенство Брянской области по теннису» 3 акатегориа атурнир аҿы араӡнытә аԥхьахә игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Атурнир мҩаԥысуан Брианск ақалақь аҿы хәажәкырамза 26 -31 рзы.
ГАГРА АҚАЛАҚЬ АСАНИТАР-ЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ СТАНЦИА АКТӘИ АИХАГЫЛА АҾЫ ШЬАҬАНКЫЛАТӘИ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА ХЫРКӘШАХЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь асанитар-епидемиологиатә Станциа ахыбра актәи аихагыла аҿы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара хыркәшахеит.
Ари ахыбра инагӡаны аиҭашьақәыргылара азы Гагра араион Ахадара иазоунажьит 20 млн. мааҭ инарзынаԥшуа, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Гагратәи Ателехәаԥшра.
Гагра араион асанитартә ҳақьым хада Емине Иазычба лажәақәа рыла, асанитар-епидемиологиатә Станциа ахыбра шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара х-еитапкны еихшан, урҭ рахьынтә ҩба иахьатәи амш азы ихыркәшоуп: уи абактериологиатәии ПЦР-лабораториақәеи ахьыҟоу актәи аихагыла шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара; иарбоу ахықәкы азы иақәхарџьхеит 6 млн 600 нызықь мааҭ.
АЛЬБЕРТ КИРАКОСИАН КОСИКИ КАРАТЕ АЗЫ АЛАДАТӘИ АФЕДЕРАЛТӘ ОКРУГ АЧЕМПИОНАТ АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Альберт Киракосиан косики карате азы Алада-Федералтә Округ Ачемпионат аҿы аиааира игеит, Иарна Марганиа ари Ачемпионат аҿы араӡны медал ланашьахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аицлабрақәа мҩаԥысит мшаԥымза 1 азы Ростов -на-Дону ақалақь аҿы.
Ареспублика Аԥсны косики карате Афедерациа аспортсменцәа атурнир рхы аладырхәит Урыстәыла аспорттә контакттә карате анапхгараҭара ааԥхьарала.
САИР КАЧАРАА АБОКС АЗЫ МОСКВА АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ. АБХ.
Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Саир Качараа мшаԥымза 1 азы Москватәи ақалақьтә абҩарҵәыра-спорттә еидгылара «Измаилово» аҟны имҩаԥысыз абокс азы Москва Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит.
Аԥснытәи аспортсмен аԥхьахәгара аҿы ԥшь-еиндаҭларак мҩаԥигеит, зегьы иааирала ихиркәшеит. Саир 17-18 шықәса зхыҵуа, зыкапантә категориа 63,5 кьыла аҟынӡа инаӡо аспортсмен ҿарацәа рыбжьара дықәгылон. Аспортсмен ианашьахеит абокс азы Урыстәыла Аԥхьахәгара ахь ацара азы апутиовка, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҿари спорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Саир Качараа азыҟаҵаҩцәа Арнольд Гәыбази Алиас Агрбеи рааӡамҭа иоуп. Уажәы иара аҵара иҵоит, иҽазыҟаиҵоит Москва аспорттә комитет иатәу Аолимпиатә резерв азы Москватәи аҵараиурҭа № 1 аҿы.