АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Цәыббра.2023

Очамчырантәи Ҭҟәарчалҟа аԥсҭазаара амҩала имҩасуеит 1000-ҩык инарзынаԥшуа.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акциа «Аԥсҭазаара амҩа: Очамчырантәи Ҭҟәарчалҟа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра афырхацәа рышьҭа ихыланы» Очамчыра араион аҿы имҩаԥысуеит.  1000-ҩык инарзныԥшуа, зхыԥхьаӡараҿы   600-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа ыҟоу, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Мрагыларатәи Афронт аҿы ауааԥсыра рзы акызаҵәык излацар ауаз амҩа  ианысуеит.  

Акциа хацырхеит Аҭара ақыҭан асааҭ 09:30 рзы. Амҩан акциа алахәылацәа аибашьраҿы иҭахаз рбаҟақәа рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵареи Џьгиарда,Ҷлоу ақыҭақәа рҿы аибашьраан иҟаз арратә хәышәтәырҭақәа, иара убас Ҭхьына ақыҭан арратә еродром аҭаареи рзы иаанкылалоит.  Аҵыхәтәан иахьаанкылаз ҭыԥхеит Аҟәарчаԥан ақыҭа. Араантәи ԥхынҷкәынмза 14, 1992 шықәсазы иҵыԥрааит, анаҩс ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рыла илашьҭыз, ахыҷқәа зҭаз аҵәиԥрыга.

Амҩасра ашьҭахь Ҭҟәарчал ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Очамчыреи Ҭҟәарчали рхадацәа реиԥылара, иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа, иара убас аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит. Беслан Бигәаа Ҭҟәарчалтәи Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи ҳамҭас иаиҭоит агәаларшәагатә ҳамҭа.


Read 100 times - Ахәаша, 29 Цәыббра 2023 22:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.