АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Цәыббра.2023

Аслан Бжьаниа аруаа иааиуа Аиааира Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Атәылахьчара аминистрра аусзуҩцәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Атәылахьчара аминистрраҟны имҩаԥысуаз Аиааира амш иазкыз аныҳәатә еизара далахәын.

Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуан Аҟәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

Аҳәынҭқарра Ахада арратә усбарҭа аусзуҩцәа иааиуа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.

 

"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит иааиуа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ныҳәа!

Аԥсны жәлар 30 шықәса раԥхьа имҩаԥысуаз ашьаарҵәыратә еибашьраҟны аиааира агеит иреиӷьыз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыԥсҭазаара ахҭынҵаны.

Аӷа абџьарла деиқәных Аԥсны даналала, уи иҿагылара зылшоны иҟаз  архәҭаны иҟаз Хазы игоу аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк акәын.

Аха аибашьра ахьанҭара аиҳарак ажәҩа иқәлеит усҟан ашьақәгылара иалагаз жәлартә ардыԥхьала. Ашәарыцага шәақьқәеи  иажәхьаз абџьари рыла ажәлар ақәылаҩ иԥылеит Аԥсны мрагылареи мраҭашәареи рганахь ала, атәылахьчаратә ҳәаа шьақәдыргылеит Гәмысҭа аӡиас аԥшаҳәаҟны.

Нанҳәамза 18 рзы иаԥҵан Аладислав Арӡынба дызхагылаз Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет. Абас ихацыркхеит атәылахьчара аиҿкааразы иҟаз алшарақәа зегьы.

1992 шықәса жьҭаарамза 2 рзы ҳархәҭақәеи хатәгәаԥхаралатәи аотриадқәеи еидгыланы Гагра аҭарцәра рылшеит.

Усҟан еилкаан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахыхьчара зылшоз Ар аиҿкаара шалшаз. 1992 шықәса жьҭаарамза 11 рзы иаҵаҩын Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи  раԥҵаразы Аусԥҟа. Ари арыцхә официалл Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа раԥҵара Амш ҳәа иԥхьаӡоуп.

Анаҩстәи ахҭысқәа иаадырԥшит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа лыҵшәа бзиала аибашьра шрылшоз ҩ-фронтк рыҟны, апозициатә еибашьреи апартизантәи адесанттә операциақәеи, иара убас ақалақь аҩныҵҟеи ашьхарақәеи рыҟны аибашьра еицымҩаԥго.

Иаԥҵан арратә ԥшыхәра, арра-мшынтә флот, артиллериатә мчқәа, авиациа, Аҳауаҟны атәылахьчара. 

Аибашьраҟны аиааира агарала Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыҿиара ауасхыр азышьҭаҵан.

Имҩаԥган акадртә цхыраара аԥҵаразы аусура. 1995 шықәса инаркны аус ауеит Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшарратә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа, ашьҭахь иаԥҵан АА Атәылахьчара аминистрра Азеиԥшархәҭатә академиа ААУ аҟны.

Убри аангьы, абжьаҟазаратә мчқәа шгылазгьы, ақырҭуа ган изныкымкәа аиҭақәылара рҽазыршәахьан. 1998 шықәса лаҵарамзазы имҩаԥысуаз фымштәи аибашьреи 2001 шықәсазы Кәыдрытәи аҩхааҟны ацәгьоуцәа рреиди хыркәшан аӷа дԥыхха дықәҵаны.

2008 шықәсазы Кәыдрытәи аҩхаа аҭарцәразы арратә операциа хыркәшан. Абри инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыра зегьы хылапшра анаҭоит. УА аганахьала АА Аҳьыԥшымра азхаҵара, аҩ-тәылак рыбжьара астратегиатә, аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларала ҳарра-политикатә ҭагылазаашьа акырӡа еиӷьхеит

Атәылахьчара аминистрра хаҭәаауа иалагеит акадрқәа рыла, ҳадгылаҩцәеи ҳареи ахырхарҭақәа жәпакы рыла аусеицуразы алшара ҟалеит, еиӷьхеит аррамаҵзурауаа  рыф-рыԥхьа. 

Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа иаадырԥшит аҳәынҭқарраҿы мчы змоу арбџьар мчқәа рымазаара иамоу аҵакы.

Ҳара иҳалшо ҟаҳҵоит ҳарбџьар мчқәа абџьарла реиқәыршәара, атехника арҿыцреи аҭыжьреи рзы, ахара ихысуа абџьаргьы налаҵаны. Ҳар иахьатәи аамҭа инақәыршәаны абџьарла еибаҳҭароуп.

Аибашьраҟны иӡрыжәыз аҵасқәа реиҷаҳарала, аибашьратә ҟазара есааира иазырҳауа, Ҳар иахьа аҳәынҭқарра аинтересқәа ахьчоит ҳтәылауаа ршәарҭадареи рҭынчреи еиқәырханы. Убас иҟазароуп аԥхьаҟагьы. Сара агәра згоит шәара иреиӷьқәоу шәшыруаӡәку, Арбчьар мчқәа рыҟны аррамаҵзура ахысра дасу ишәзанааҭ мацараны ишыҟам, ари шәыԥсҭазаара ҵакыс ишамоу. Ишәыдысныҳәалоит аррамаҵзурауаа аветеранцәа зегьы рныҳәа! Ишәзеиӷьасшьоит анасыԥ, аҭынчра, ахирра хаҭа-хаҭала, ҭаацәаныла!»

Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра» амедаль ранеишьеит Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаа Беслан Ҵәыџьбеи Лизберт Ԥоцхор-огли.

Аиубилеитә медаль иара убас ианашьоуп Аслан Бжьаниа, Александр Анқәаб, Рауль Ҳаџьымба, Мираб Кьишьмариа, Владимир Какалиа, Сергеи Шамба.

Рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра» амедаль ранашьоуп Владислав Арӡынба, Сергеи Багаԥшь, Владимир Аршба, Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, Гиви Агрба, Владимир Мқанба, Виачеслав Ешба.

 


Read 97 times - Ахәаша, 29 Цәыббра 2023 22:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.