
pressadmin-2
АСТОЛТӘ ԤКЬАҬМПЫЛ АЗЫ АКЛУБТӘ ЧЕМПИОНАТ АЛАГЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 8 рзы Аҟәа ақалақь аҿы аусура иалагеит астолтә ԥкьаҭмпыл азы аклубтә чемпионат I атур. Уи иалахәхоит 12 командак: «Аҟәа», «ААУ,» «Ҭҟәарчал», «Очамчыра», «Аҳабла Ҿыц», «Ахәмаррақәа рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ», «Гал», «Гагра», «Ауарашршыга зауад» «Самырзакан», «Апрогресс», Арацәаҵхҩы», ҳәа иаанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
АГӘБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АҞНЫ АКТӘИ АМЕДИЦИНАТӘ ФОРУМ АМҨАԤГАРА АЗЫ АҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба мшаԥымза 24-25 рзы имҩаԥысраны иҟоу актәи аԥснытәи амедицинатә форум амҩаԥгара аҽазыҟаҵара иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара аҿы иалкаахеит асасцәа рсиа, иара убас афорум амҩаԥгара аҭыԥ, атехникатәии аиҿкааратәи азҵаарақәа ирылацәажәеит.
АШӘБА ЛАША АЛАН АЛБОРОВ АЛАДА УАԤСТӘЫЛА АРЕСПУБЛИКА АКОНСТИТУЦИА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Алада Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент Аиҳабы Алан Алборов Аконституциа амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Алан Иури-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Алада Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент адепутатцәагьы Шәаргьы ишәыдысныҳәалоит Алада Уаԥстәыла Ареспублика Аконституциа амш.
Аконституциа амш – иарбанзаалак атәыла ауааԥсыра рзы ныҳәа дууп. Уи иадҳәалоуп ахьыԥшымра, ахақәиҭра, адемократиа, азинӡбара, аҭынчра, ашәарҭадара азҵаарақәа.
АԤСНЫ ИМҨАԤГАН АУРЫС БЫЗШӘАЗЫ АЗЕԤШТӘ ДИКТАНТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра ақалақьқәа рҿы имҩаԥган аурыс бызшәа азы азеиԥштә диктант, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра.
Аҟәа ақалақь аҿы адиктант мҩаԥысуан абжьаратәи ашкол №2 аҿы. Адиктант аамҭакала ирыҩуан 70-ҩык. Атекст даԥхьон акультура ԥыхьатәи аминистр, ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа.
АШӘБА ЛАША ВАЛЕНТИНА МАТВИЕНКО ЛИРАМШ ЛЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Лирамш лыдиныҳәлеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа! Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәирамш! Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит шәдыррақәа, аусураҿы ишәымоу аԥышәа, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи русеицура арҿиараҟны хаҭалатәи шәлагаламҭа.
ҬҞӘАРЧАЛ ХӘЫҶЫ-ХӘЫҶЛА АИҚӘЫРШӘАЗААРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭҟәарчал ақалақь аиқәыршәазаара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит.
Аргыларатә еилазаара анапхгаҩы Рауль Шамугиа Аԥсныпресс акореспондент диҿцәажәо Ҭҟәарчал ақалақь аҿы аиқәыршәазаара иазкны имҩаԥысуа аусурақәа ртәы еиҭарҳәеит.
«Аалӡга аӡиас ихыу ацҳа аҩганк рыла – асветофор аҟынтәи еиԥгалоу амҩанӡа ахаҳәцәы ала иаҳчаԥоит. Иара убас Ҭҟәарчал апарк хада аҭеиҭыԥш рҽеин. Апарктә мҩахәсҭақәа хаҳәцәыла иаҳчаԥеит, ахәыҷтәы хәмарырҭеи аԥкьаҭмпылтә корти ҳаргылеит, иара убас арлашага ҿыцқәа шьақәҳаргылеит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Рауль Шамугиа иажәақәа рыла, иара убас аџьармыкьеи егьырҭ аобиектқәа жәпаки реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.
«Ҳара иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп х-ҩнык рхыбрақәа рыԥсахра, афонтан аргылара Ҭҟәарчал ақалақь Ахада ахыбра аԥхьа хаҳәцәыла ичаԥахоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Рауль Шамугиа аусурақәа зегьы ақалақь ахарџь ала имҩаԥгахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
АТӘЫЛА АНАПХГАРА АҾЫ АЕНЕРГЕТИКА АУСХКЫ АҾЫ ИҞОУ АҬАГЫЛАЗААШЬА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Афымцамч усхкы аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара иазкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иахьа имҩаԥигаз аусуратә еилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада Рамин Зингишвили, Егрытәи Аӡфымцатә Станциа адиректор Леуан Мебониеи аӡфымцатә Станциа анџьныр хада Гииа Хубуеи.
ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛА ИХЫРКӘШАХЕИТ АԤСНЫ АКУЛЬТУРА АМШҚӘА.
Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәыла ихыркәшахеит Аԥсны акультура Амшқәа.
Акультура Амшқәа рхыркәшара Ацеремониа мҩаԥысуан К. Хетагуров ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Аныҳәатә концерт иаҭааит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада Алан Гаглоев, АУА Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алан Џьиоев, Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ Мараҭ Кулахметов, АУА иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев, АУА акультура аминистр Рада Ӡагоева, Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба напхгара зиҭо аделегациа.
Аконцерттә программа аатит аԥсуа естрада артистцәа - Хьыбла Мықәба, Анзор Адлеиба, Џьимми Шумениа, Авто Конџьариа, Артур Лакрба рықәгыларақәа рыла.
Аԥсны аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль акәашаҩцәа ауаԥс кәашара «Хонга» нарыгӡеит.
Акомплимент аҳасабала аҳәынҭқарратә ансамбль ахор «Симд» ашәа «Риҵа» аԥсышәалеи ауаԥс бызшәалеи инарыгӡеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Алан Гаглоев, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи жәытә-натә аахыс ҭоурыхла еимадоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Ҳара ҳаицны - мышки шықәсыки рзы – ҳастратегиатә партниор – Урыстәыла Дуӡӡа аганахьала ҳҳәынҭқаррақәа рхьыԥшымра азхаҵара ҳауит. Аҭоурых аҭакԥхықәра ҳаднаҵоит иахьеи уаҵәи, есымшеи ҳаицызарц азы», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика.
Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика акультура аминистр Рада Ӡагоева, лаҵарамза 31 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла аҭак аҳасабала Аԥсны иаҭаауеит ҳәа адырра ҟалҵеит.
«Аҟәа ақалақь аҿы рырҿиамҭа ахәаԥшцәа иддырбоит К. Хетагуров ихьӡ зху аҳәынҭқарратә драматә театри Б. Галаев ихьӡ зху аҳәынҭқарратә ансамбль «Симд» артистцәа», - ҳәа иҳәеит иара.
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА “ЛЫХНАШҬА” ИМҨАԤГОУ АЦӘГЬОУРА ИНАМАДАНЫ АҲӘАМҬА ҞАРҴЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа «Лыхнашҭа» имҩаԥгоу ацәгьоура инамаданы аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа «Лыхнашҭа» имҩаԥгоу ацәгьоура инамаданы аҳәамҭа ҟарҵеит.
«Ҳажәлар рзы иԥшьоу, аҭоурыхтә ҵакы змоу Лыхнашҭаҟны игылоу аҵла аганахь иҟаҵоу ацәгьоура ҳуаажәларра рыҩныҵҟа зегьы агәыԥжәара, агәхьаа рызцәырнагеит. Ари агыгшәыгра иаартны ҳаҿагылоит, аекологиатә вандализм адагьы, Аԥсны жәлар рганахьала иҟаҵоу ахәымгара, ҳаҭыр рықәымҵара, илахьынҵаӡбаганы иҟоу азҵаарақәа рыӡбара анырра бааԥс аҭара аҳасабалагьы иҳадаҳкылеит.
Азинхьчаратә усбарҭақәа рганахьала ааԥхьара ҟаҳҵоит ари ахҭыс бааԥс аҭҵааразы ирылшо зегьы ҟарҵарц, ацәгьоуцәа ирыхәҭоу рақәыршәаразы. Иара убас изыхәҭоу аекологиатә маҵзурақәа излауала шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа аҵла аиқәырхаразы ирылшо зегьы ҟарҵоит ҳәа ҳгәы иаанагоит.
АСЛАН БЖЬАНИА ВАЛЕНТИН МАТВИЕНКО ЛИРА АМШ ЛЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Валентина Матвиенко Лира Амш лыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа!
Ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш! Шәара шәдыррақәа, шәыпрофессионализм, ауаажәларра-политикатә, анапхгаратә усураҟны ишәымоу аԥышәа ду, гәацԥыҳәарала имҩаԥыжәго шәыԥсҭазааратә позициеи ирыбзоураны Урыстәылатәи Афедерациа аҿы еиԥш уи анҭыҵгьы шәеицырдыруа, ахьӡ-аԥшеи шәыманы шәҟалеит.