
pressadmin-2
АУСРЫС ДРАМАТӘ ТЕАТР САНКТ-ПЕТЕРБУРГ АХӘАԤШЦӘА Х-СПЕКТАКЛЬК ДНАРБОИТ. АБХ.
Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 12, 13, 14 рзы Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр, аиубилеитә жәларбжьаратәи афестиваль «Встречи в России» аҳәаақәа ирҭагӡаны Санкт-Петербург ақалақь аҿы, атеатр-фестиваль «Балтийский дом» асцена аҿы ахәаԥшцәа х-спектакльк днарбараны иҟоуп, ҳәа Facebook аҿы имоу адаҟьа аҿы адырра ҟаиҵеит Аурыс драматә театр адиректор Хада Иракли Хьынҭәба.
«Афестиваль «Встречи в России» амҩаԥгара 25 шықәса ирҭагӡаны Аԥсны Аурыс драматә театр заҵәык ауп ари зыхьӡ нагоу афестиваль аҿы иаразнак х-спектакльк ахәмарра азы алшара зауз», – ҳәа иазгәеиҭеит Иракли Хьынҭәба.
АШКОЛ ИҬАМЛАЦ РЗЫ «АНБАН» ҾЫЦ ҬРЫЖЬИТ. АБХ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵарадырра Аминистрра ашкол иҭамлац рзы «Анбан» ҿыц ҭнажьит.
Ахәыҷбаҳчақәа аиҳабыратә гәыԥқәа рҿы, иара убас ашколқәа аҽазыҟаҵаратә классқәа рҿы ари арҵага шәҟәи уи иацу аусуратә тетрадқәеи хәыда-ԥсада рыҭара еиҿкаахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҵарадырра Аминистрра апресс-маҵзура.
АРМЕН МИНАСИАН 17-18 ШЫҚӘСА ЗХЫҴУА АСПОРТСМЕН ҚӘЫԤШЦӘА РЫБЖЬАРА АБОКС АЗЫ МОСКВА АҚАЛАҚЬ АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ АРАӠНЫ МЕДАЛ ИАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Армен Минасиан 17-18 шықәса зхыҵуа аспортсмен ҿарацәа рыбжьара абокс азы Москва ақалақь Аԥхьахә агара аҿы араӡны медал аиура иҽаԥсеитәит. Аицлабрақәа мҩаԥысуан хәажәкырамза 27 инаркны мшаԥымза 1 аҟынӡа Москватәи ақалақьтә абҩарҵәыра-спорттә еидгылара «Измаилово» аҟны, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Армен Минасиан 67 кьыла иҟоу рыкапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылон. Афиналтә еиндаҭлара аҟны уи Арратә Спорттә Клуб Хада (ЦСКА) аҟынтәи Давид Аветисиан диаҵахеит.
АРМЕН МИНАСИАН 17-18 ШЫҚӘСА ЗХЫҴУА АСПОРТСМЕН ҚӘЫԤШЦӘА РЫБЖЬАРА АБОКС АЗЫ МОСКВА АҚАЛАҚЬ АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ АРАӠНЫ МЕДАЛ ИАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Армен Минасиан 17-18 шықәса зхыҵуа аспортсмен ҿарацәа рыбжьара абокс азы Москва ақалақь Аԥхьахә агара аҿы араӡны медал аиура иҽаԥсеитәит. Аицлабрақәа мҩаԥысуан хәажәкырамза 27 инаркны мшаԥымза 1 аҟынӡа Москватәи ақалақьтә абҩарҵәыра-спорттә еидгылара «Измаилово» аҟны, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Армен Минасиан 67 кьыла иҟоу рыкапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылон. Афиналтә еиндаҭлара аҟны уи Арратә Спорттә Клуб Хада (ЦСКА) аҟынтәи Давид Аветисиан диаҵахеит.
АԤСНЫ АХАҬАРНАКЦӘА «С. В. РАХМАНИНОВ И ЕГО ЭПОХА» ҲӘА ХЫС ИЗМОУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АСИМПОЗИУМ РХЫ АЛАДЫРХӘУЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аурыс композитор дуӡӡа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазкны аиубилеи аламҭалазы Москва ақалақь аҿы «С. В. Рахманинов и его эпоха» ҳәа хыс измоу Жәларбжьаратәи асимпозиум аатит.
Аԥсны акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр напхгара зылҭо Аминистрра аделегациа асимпозиум аусура ахы аланархәуеит. Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – А. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа адиректор Нинель Бжьаниеи Р. Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Асимпозиум атема хаданы иҟоуп аглобалтә дунеихәаԥшратә, акультуратә, аполитикатә еиҭакрақәа рыла игәылҭәааз амузыкант иаамҭазтәи аепоха аан иусура.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ СИМФОНИАТӘ ОРКЕСТР 90 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр 90 шықәса ахыҵуеит.
Зеилазаараҿы 86-ҩык амузыкантцәа ыҟоу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр 1933 шықәсазы Амузыкатә техникум абаза аҿы иаԥҵан. Уи аԥҵаҩыс дыҟан амузыкатә усзуҩ, хылҵышьҭрала амаџьараа иреиуоу Константин Ковач.
Асимфониатә оркестр ԥыхьатәи Асовет Еидгыла акәакьқәа зегьы рҟынтәи еизгаз апрофессионалтә музыканцәа рыла ишьақәгылан. Аԥснытәи асимфониатә оркестр ареспубликабжьаратәи ахәаԥшрақәа реихшьаалақәа рыла Кавказнҭыҵ иреиӷьу аоркестрны иазхаҵан. Аоркестр арепертуар аҿы иҟан мраҭашәараевропатәи, аурыс, асоветтә, аԥсуа композиторцәа рырҿиамҭақәа злоу адунеизегьтәи аоркестртә репертуар ахазынақәа ирхыԥхьаӡалаз арҿиамҭа нагақәа.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНЫ АМИЛАҬТӘ ШЬАПЫЛАМПЫЛТӘ ЛИГА АЧЕМПИОНАТ АМҨАԤЫСРА ИАЛАГЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә Лига Актәи Ачемпионат аҳҭнықалақь астадион «Динамо» аҿы ихацыркхеит.
Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә Лига Актәи Ачемпионат аартра мҩаԥысит мшаԥымза 1 , Аҟәа ақалақь астадион «Динамо» аҿы. Ачемпионат рхы аладырхәуеит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи 13 командак.
Атурнир актәи амш азы имҩаԥысраны иҟоуп х-еиԥыларак. «Џьгьарда» акомандеи «Ешыра» акомандеи, «Аӡҩыбжьа» акомандеи «Ҷлоу» акомандеи еиԥылоит, иара убас «акомандақәа «Лыхны» «Аԥсны 2» еицыхәмаруеит.
ААУ ԤШЬҨЫК АСТУДЕНТЦӘА АҚЫҬАНХАМҨА АДГЫЛАРА АҬАРА АЗЫ АГРАНТҚӘА РОУИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 31 рзы ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр аҿы аԥышәахысра иахысуаз ААУ агроинџьныртә факультет ԥшьҩык астудентцәа Асҭамыр Ҵәыџьба, Алан Қвираиа, Анри Ӡиӡигури, Давид Џьишькариани, ақыҭанхамҩа аҿиара адгылара аҭара азы агрантқәа роуит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Ацентр апресс-маҵзура.
Ирзоужьу аучасткақәа рҿы аграномцәа апарпылбагәа, анаша, апомидорқәа, апатырџьанқәа, акартош, уҳәа ауҭраҭыхқәа аадрыхуеит. Иахьатәи амш азы ақыҭанхамҩатә аалыҵ аиҳарак ала аҭиразы иазкӡамкәа иаадрыхуеит. Ацентр аҟынтәи ироуз агрант аграном ҿарацәа рынхамҩа аҳәаақәа рырҭбаареи раалыҵ аҭиреи рзы алшара рынаҭоит.
«Аџьармыкьа аҿы аҭыԥантәи аалыҵ аҭаххара ессааира иазҳауеит, избан акәзар, аҭыԥантәи аалыҵ екологиала ицқьоуп. Агрант – саарыхра аизырҳара иадҳәалоу схықәкқәа рынагӡара иацхраауеит», – ҳәа иҳәеит Асҭамыр Ҵәыџьба.
ЛИЛИ БГАНБА ЛЫԤСЫЖРА АИҾКААРАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ КОМИССИА АԤҴОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 86-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Аџаьатә Бираҟ Ҟаԥшь Аорден акавалер, «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара занашьаз, Аԥснытәи АССР ахәаахәҭра аминистр, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутат, 1993 – 2005 шш. Ареспублика Аԥсны афинансқәа рминистр Бганба Лили Дугәыж-иԥҳа.
Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҭижьыз Ақәҵара ала иаԥҵоуп Лили Бганба лыԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә Комиссиа. Акомиссиа напхгара аиҭалоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Алахьеиқәҵаратә церемониа мҩаԥысуеит мшаԥымза 3, 14:00 сааҭ рзы, Аҟәа ақалақь, Гәлиа имҩаду, аҩны №24 аҿы.
АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА АПАНДЕМИА ААН ИҞАЗ АТРАГЕДИАТӘ ХҬЫСҚӘА РЫЛА АБЖЬАХӘААХӘҬРАТӘ ЦӘАЖӘАРАҚӘА АЛЫРЫМХЛАРЦ АЗЫ АПОЛИТИКЦӘА РАХЬ ААԤХЬАРА ҞАНАҴОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара Аминистрра аполитикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц апартиа Аизара Ду аҿы иқәгылара аҿы «акоронавирустә ҿкы чымазара «COVID-19» апандемиа аан зыԥсҭазаара иалҵыз атәылауаа рхыԥхьаӡара далацәажәо ихы иаҭәеишьаз ацифрақәа реицакра» иадҳәалахеит.
«Аԥкрақәа раԥыхра азы аӡбамҭа иахҟьаны 1000-ҩык рҟынӡа ҳтәылауаа рыԥсҭазаара иалҵит», -ҳәа иҳәеит Аслан Барцыц. «Ҳара иаҳгәалашәоит 1000 – ҩык ҳтәылауаа рыԥсҭазаара ишалҵыз», – ҳәа еиҭах иҳәеит иара иажәахә аҩбатәи ахәҭа аҿы.
«Агәабзиарахьчара Аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵоит, «акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аамҭа иалагӡаны ҳара иҳаԥхеит 696-ҩык, урҭ зегьы рыԥсҭазаара аиқәырхара азы аҳақьымцәа реиԥш, асанитарцәа роума, авалантиорцәа роума, зегьы уахи-ҽни инеиԥынкыланы, имтәа-имгыла, рхы агәхьаа мкыкәа аус руан. Дарбанызалак ҳтәылауаҩ иԥсра – ари зхыԥхьаӡара рацәам аԥсуа уаажәларра рзы цәыӡ дууны иҟоуп, ари трагедиа дууп шәареи ҳареи ҳзы», - ҳәа иаҳәоит Аминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.
Агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы анаҩс аполитикатә бжьахәаахәҭра хықәкыс иҟаҵаны, уеизгьы даара ихьанҭоу арбагақәа аизырҳара аганахьала рхыркәшара иузудымкыло, уимоу ихьымӡӷыргагоу усны иҟоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.
«Ҳтәылауаа рыԥсҭазаара аполитикатә хәмаррақәа рҿы рхархәара ҟалашьа змам усуп. «COVID-19» иахҟьаны зыԥсҭазаара ҿахҵәаз ауаа рхыԥхьаӡара арбагақәа имаӡоу аинформациа ахь иаҵанакӡом, уи анаӡара аартуп», - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҟны.