Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааира Амшныҳәа идиныҳәелит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш!
30 шықәса рышьҭахь аԥсуа жәлар фырхаҵарала аибашьраҟны ахақәиҭразы азин ашьақәырӷәӷәара рылшеит. Ари аиааира аҳәынҭқарра ахала аҿиареи жәларбжьаратәи ауаажәларра алахәразы азин змоу ҳәынҭқарраны аҟаларазы амҩа аанартит.
Иахьа Ареспублика ашәарҭадара хыԥхьаӡара рацәала ҩ-ганктәи адокументқәа рыла иалыршоуп, урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы урыстәыла-аԥснытәи Аиқәшаҳаҭра. Урыстәыла аринахысгьы Аԥсны асуверенитет еилазымго ҳәынҭқарроуп, асоциал-економикатәи акультура-гуманитартә ҿиара, жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәара аус ацхыраара анаҭалоит.
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааира аиубилеитә шықәса! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, Аԥсны атәылауаа зегьы – аҭынчра, аизҳазыӷьара»