АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Цәыббра.2023

Дмитри Медведев: «Урыстәыла аԥхьаҟагьы аиашьаратә республика Аԥсны ашәарҭадареи аҿиареи ралыршараҟны ацхыраара ҟанаҵалоит».

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Д. Медведев Аԥсны Ахада Аиааира амш идиныҳәелит.

 

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

 

"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш!

Абри амш аҽны ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит 30 шықәса раԥхьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аԥҵаразы азин ашьақәырӷәӷәара зылшаз аԥсуа жәлар рфырхаҵара.

Иахьа Аԥсны хьаҳәа-ԥаҳәарада ҳаамҭазтәи адемократиатә уаажәларра аԥҵара амҩа иануп.

Гәахәарала иазгәасҭарц сҭахуп ҩ-ганктәи ҳусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла. Аидгыларатәи астратегиатәи усеицуреи хра злоу аҵас бзиақәеи шьаҭас иаҭаны Урыстәыла аԥхьаҟагьы аиашьаратә республика Аԥсны ашәарҭадареи аҿиареи ралыршараҟны ацхыраара ҟанаҵалоит.

Аслан Гьаргь-иԥа, гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа, Аԥсны жәлар зегьы – аҭынчра, аизҳазыӷьара.

Ҳаҭырла, Дмитри Медведев".

 


Read 146 times - Ахәаша, 29 Цәыббра 2023 20:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.