АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Цәыббра.2023

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы «Аамҭа акапсула» шьҭарҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аламҭалазы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы «Аамҭа акапсула» шьҭарҵеит. Ари акапсула хдыртуеит 50 шықәса рышьҭахь  – лаҵарамза 13, 2073 шықәса рзы,  Ареспублика  Аԥсны азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа раԥҵара 150-шықәса ахыҵра амш аҽны.

Акапсула ашьҭаҵара аламҭалазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба ҳаԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы ацҳамҭа атекст даԥхьеит:

« «Аамҭа акапсула» ҳара иҭаҳҵеит: Аԥсны Аҳәынҭқарра азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа раԥҵара амш инаркны 100-шықәса аҵра азгәаҭара аҟынтәи афотоахьақәа; «Аамҭа акапсула» ахҩара аамҭазы аус зуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аҳамҭатә ҭыжьымҭақәа; Аршаҳаҭгақәа зцу Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа анапхгаратә ҳамҭақәа; Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ала иҭыжьыз Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Абиуллетень, Амонографиа «Ареспублика Аԥсны аӡбаратә мчра аҭоурых», «Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Астатистикатә Еизга (1994-2022 гг.)».

«Аамҭа акапсула» ашьҭаҵараан, Аԥсны аҭоурых-культуратә баҟақәа рахь иаҵанакуа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахыбраҿы иҳацын ҳхәыҷқәа. Урҭ ҳԥышәеи ҳдырреи рымадара ҳҽазаҳшәоит, ҳгәыӷуеит урҭ рахьынтә аӡәык-ҩыџьак ирыдамзаргьы ари «Акапсула» аартра  аамҭа анааилак ишҳацзаауа.

Ҳара Аԥсны азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа раԥҵара амш 150-шықәса ахыҵра шәыдаҳныҳәалит, иаҳҭахуп иахьа аус зуа Аҳәынҭқарра Ахада, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы, Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩы  Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аиубилеитә медалқәа – «Ареспублика Аԥсны азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа раԥҵара 100-шықәса ахыҵра» ранаҳшьарц ҳҭахуп».  

 

 


Read 139 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.