АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Цәыббра.2023

Аҟәа ақалақьтә Еизареи Владикавказ ақалақьтә Еизара ахаҭарнакцәеи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 29 рзы Аҟәа ақалақьтә Еизареи Владикавказ  ақалақьтә Еизареи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.  

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиеи Владикавказ ақалақь амуниципалтә еиҿкаара Ахада Алеқсандр Пациорини.

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аҟәа ақалақь ахь иааны иҟоуп Алеқсандр Пациорини уи ицхырааҩ Сослан Техови.    

Аҟәаҟа иара убас иааит Санкт-Петербург Азакәанԥҵаратә  Еизара адепутат, азинеиҿкаареи азакәанреи рзы есымша аус зуа акомиссиа алахәыла Владимир Носов напхгара зиҭо Санкт-Петербург ақалақьтә Еизара аделегациеи Москватәи ақалақьтә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, ақалақьтә нхамҩеи анхаратә политикеи рзы акомиссиа ахантәаҩы, аполитикатә партиа «Урыстәыла акзаара» афракциа анапхгаҩы Сҭеԥан Орлов напхгара зиҭо Москватәи ақалақьтә Еизара аделегациеи.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Дмитри Осиа иҳәеит:

- Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара иадҳәалоу ҳгәырӷьара ду ҳацеиҩышәшарц шәахьааз иҭабуп ҳәа шәаҳәоит. Санкт-Петербургтәи Азакәанԥҵаратә Еизареи ҳақалақьтә Еизареи 2016 шықәса раахыс аусеицура ҳабжьоуп. Москватәи ақалақьтә Еизареи ҳареи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ҳҽазыҟаҳҵоит. Иахьа Алеқсандр Пациорини сареи Аҟәа ақалақьтә Еизареи амуниципалтә еиҿкаара – Владикавказ ақалақьтә Еизареи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара азы Аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩуеит.  Жәаҳәарада, уи ҳреспубликақәа аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыбжьара анаҩс аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Аусшәҟәы инапы аҵаиҩуа, Алеқсандр Пациорин иазгәеиҭеит:

- Ари Аиқәшаҳаҭра акыр аамҭа иҭагӡоу, хра злоу аҿиара зауо аизыҟазаашьақәа рыла ишьаҭаркуп. Гәахәара дула иҳадаҳкылоит ара, Аҟәа ақалақь аҿы ҳахьыҟоу, аҳҭнықалақь ауааԥсыреи, иара  ареспублика ауаажәлар зегьы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара  Амшныҳәа гәык-ԥсыкала рыдныҳәаларазы алшара ахьҳауз.  Ауаԥсааи аԥсуааи ианакәызаалакгьы еизааигәаз жәларын, урҭ есымша аидгылареи аицхыраареи иазхиоуп. Агәра ганы сыҟоуп  аринахысгьы ҳаизаагәахара азы, анаука-техниатә, аҵарадырратә, акультуратә, асоциалтә, агуманитартә, аекономикатә усхкқәа рҿы аусеицуреи аусуратәи аиҩызаратәи аимадара аҳәаақәа рырҭбаареи рзы  аперспектива дуқәа шҳамоу агәра ганы сыҟоуп.  

Аусшәҟы анапаҵыҩра апроцедура ашьҭахь, агәаларшәагатә ҳамҭақәа рыла аимдара мҩаԥысит.

Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақьтә Еизара апресс-маҵзура.


Read 394 times - Ахәаша, 29 Цәыббра 2023 20:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.