АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Цәыббра.2023

Аракетатә дәыӷба “Циклон» Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иаадгылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Амшынеиқәатә флот аракетатә дәыӷба маҷ «Циклон» цәыббрамза 30 рзы  имҩаԥысраны иҟоу, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы ахәаша, цәыббрамза 29 рзы Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иаадгылеит.

Амшынтә баӷәаза асқьала аҿы урыстәылатәи амшынуаа ирԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилак аделегациа алахәылацәа, атәылахьчра аминистр Владимир Ануа напхгара зиҭо Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аделегациа ахаҭарнакцәа, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.

Аиԥылара аҿы иара убас Аԥсны атәылахьчара Аминистрра арратә оркестр ақәгылара мҩаԥысит.

Адәыӷба гыланаҵы аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи адәыӷбаҿы инеиааир рылшоит.

«Циклон» Аҟәа ақалақь аҿы иҟазаауеит амҽыша, жьҭаарамза 1 аҟынӡа.


Read 169 times - Ахәаша, 29 Цәыббра 2023 17:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.