АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны акультура Амшқәа Аахыҵ Уаԥстәыла раарра аофициалтә церемониа алагаанӡа Ареспублика Ахада Алан Гаглоев Аԥсны культура аминистр Даур Ақаҩба диԥылеит.

Аиԥылара иалахәын иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиеви Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика акультура  аминистр  Радмила Ӡагоевеи.

Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Алан Гаглоеви аиашьаратә уаԥс жәлари рахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәалареи иреиӷьу азеиӷьашьарақәеи ҟаиҵеит.

«Ҳара ҳзы акырӡа аанагоит шәара иҳашәҭаз адгылара иабзоураны аиашьаратә республика аҟны аҟазаареи Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ҳкультура ахәҭак дырбареи рзы алшара ахьҳауз», – ҳәа иҳәеит Даур Ақаҩба.  

Даур Ақаҩба иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистр Радмила Ӡагоевагьы иҭабуп ҳәа леиҳәеит иҟалҵаз адгылара азы.

«Ҳара ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп ҳаиашьаратә коллективқәа Аԥсныҟа раара. Агәыӷра сымоуп Аԥсны акультура амшқәеи имҩаԥысраны иҟоу егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи, сҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара хра злоу анырра шанаҭо»», – ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит Даур Ақаҩба.

Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аԥснытәи аделегациа даара аҵак ду змоу амиссиа ала иааит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса хымз ирылагӡаны Аԥсны атауареикәыршара 9 млрд. 400,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, уи  1  млрд. 517,5 млн. мааҭ рыла иазҳаит. Абри азы   2023 шықәса актәи аԥшьбарак азы Аҳазылхратә Еилакы адәныҟахәаахәҭратә усура азы аихшьаалақәа ҟаҵо адырра ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас  Лабахуа.

«Аимпорт ҳасабла иаагоу атауарқәа рыхәԥса аицҵалыҵ 7 млрд. 456,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 1 млрд 380,1 млн. мааҭ рыла, даҽакала иуҳәозар, 23% рыла еиҳауп.  Аекспорт аҳасабала идәықәҵоу атауар ахәԥса аицҵалыҵ 1 млрд 944,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи 2022 шықәсазы арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, 137,4 млн. мааҭ рыла, даҽакала иуҳәозар 7,6% рыла еиҳауп», - ҳәа иҳәеит Алиас  Лабахуа.

2023 шықәса актәи аԥшьбара аихшьаалақәа рыла, аҳазылхратә усбарҭақәа  рыла 570,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоз арбага ала ишьақәырӷәӷәаз аплан ала ареспублика абиуџьеҭ ахь иаларгалеит 608,8 млн. мааҭ. Уи  2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 37,7 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. 2023 шықәса актәи аԥшьбара азы аплан 107 % рыла инагӡоуп.

«Аҳазылхратә шәатәқәа рыхкы хаданы иҟоуп Иназыцҵоу ахәԥса азы Ашәахтә, уи ахәҭаа 60% рҟынӡа инаӡоит, аимпорт ҳасабла иаауа, иара убас аекспорт ҳасабла идәықәҵахо атауарқәа рзы аҳазылхратә баџь  аҳазылхратә шәатәқәа зегьы рҟынтәи  - 18% рҟынӡа инаӡоит; аҳазылхратә еизга - 16% , акцизтә шәахтә - 6%. Аԥаратә еквивалент ала аҳазылхратә баџь - 111,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аҳазылхратә еизга - 99,4 млн. мааҭ, акцизатә шәахтә  - 39,8 млн. мааҭ, акцизатә маркақәа - 3,8 млн. мааҭ, Иназыцҵоу ахәԥса азы Ашәахтә - 353,4 млн. мааҭ, егьырҭ алагалақәа - 0,9 млн. мааҭ», – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Алиас  Лабахуа.

Алиас Лабахуа иажәқәа рыла, арбагақәа реизҳара еиуеиԥшым афакторқәа ирыдҳәалоуп. Урҭ иреиуоуп атауарқәа раагара аизҳара. Алиас  Лабахуа  иара убас Аԥсныҟа раԥхьатәи аконтеинертә дәыӷба аарагьы далацәажәеит.

«Ааигәа ҳара ҳахь иааит адәыӷба, уи 62 контеинер ала ишьақәгылан. Уи Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Ҭырқәтәылаҟа транзитла аидара аиагара акәын. Адәыӷба аҳазылхратә  маҵзура аҟынтәи изеиԥшразаалак аԥкрақәа рыда ииасит. Уи аԥхьагьы  атранзитқәа ҟалахьан, аха имаҷу апартиақәа рыла, амҩасра аԥышәара, амониторинг мҩаԥысуан», – ҳәа иҳәеит иара.

Шьҭахьҟа адәыӷба Урыстәылатәи Афедерациа азы даҽа еидарак ақәҵаны амҩа иқәлоит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Рнапхгараҭарақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аганқәа рҳәынҭқаррақәа иахьаҵанакуа аидарақәа ԥықәсларада рыиасра (рытранзит) алдыршалароуп. Уаҟа аҳазылхратә шәатәы мыцхәы иҳаракӡам, аха ҳтерритриа аҿы ас еиԥш апроцедура аҟалара афакт иаанаго рацәоуп: иахьа тауарк аагара алыршахоит, уаҵәы – даҽа тауарк, убас-убас, «капеи-капеи еицыло» зҳәаз еиԥш, ҳҳәынҭқарра абиуџьеҭ шьақәгылоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алиас Лабахуа. 

Алиас Лабахуа иара убас Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы  2023 шықәсазы азԥхьагәаҭаратә рбагақәа дырзааҭгылеит – 2 млрд. 847 млн. мааҭ, уи 2022 шықәса рзы аасҭа 350 млн. мааҭ рыла еиҳауп.   

Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса актәи аԥшьбарак азы атәыла аҳазылхратә усбарҭақәа иаадырԥшит 62 инарзынаԥшуа административных зинеилагарақәа. Абри азы Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы азинхьчаратә ҟәшеиҵақәа ҳазҭоу ашықәс хымз ирылагӡаны инарыгӡаз аусура азы адырра ҟаҵо иҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Ашәба.

«Ҷыдала ишәарҭоу аконтрабат ахкы аарԥшра иазкны атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәшеиҵақәа русзуҩцәа алархәны имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа 5 рыла аҳазылхратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» ала Аԥсныҟа аиагаразы аҽазышәарақәа раан иаанкылан иагьрымхын: анаркотиктә маҭәашьар «метадон» ­ – 6,019 гр, «героин» – 0,617 гр, арҩышьыгатә маҭәашьар «прегабалин» – 59,7 гр, «лирика» – 42 капсула, «неиронтин» – 17 ҵәаҟьа, «габапентин канон» – 12 ҵәаҟьа», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Зураб Ашәба.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи алицеи-интернат 9 акласс аҵаҩы Вероника Ҳагба автомат (Калашников-АКМ-7,62) аимыхреи аибыҭареи рзы уаанӡа ишьақәлыргылахьаз арекорд еиҳаз арекорд ҩаԥхьа ишьақәлыргылеит. Уи лыдҵа налыгӡеит 10.57 секунд рыла, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит аҵараиурҭа аррарҵаҩы Звиад Шенгелиа.

«Актәи арекорд шьақәыргылан жәабранмза, 2023 шықәсазы имҩаԥысыз аицлабрақәа рҿы. Лара усҟан актәи аҭыԥ аанылкылеит. Лыдҵа анагӡаразы 13.03 секунд лцәагеит. Аҽазыҟаҵарақәа рҿы, уи арбагагьы акыр аҵак ду амоуп, Вероника уаанӡа ишьақәлыргылахьаз арекорд даиааит. Лхыдҵа 10.57 секунд рыла иналыгӡеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аррарҵаҩы.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла, Москва ақалақь иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа  мшаԥымза 5 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости. 

Алхас Кәыҵниа ишазгәеиҭаз ала, иара Кремль имҩаԥысраны иҟоу агәраргагатә шәҟәқәа ранашьара ацеремониа ахь ааԥхьара иоуит асааҭ 15:00 рзы.

«Хаҭала сара сзы, Ацҳаражәҳәарҭа азы, сыуаажәлари сыԥсадгьыли рзы ари ахҭыс даара аҵак ду амоуп. Ари акыр зҵазкуа амш ҳазыԥшиижьҭеи, ҳҽазыҟаҳҵоижьҭеи крааҵуан», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба аконкурс «Ҳара анаркотикқәа ҳарҿагылоит» аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа ранеишьеит. Аицлабрақәа мҩаԥысуан Гәылрыԥшь, Гал араионқәа, Очамчыра, Ҭҟәарчал ақалақьқәа рҟынтәи абжьаратәи ашколқәа рҵаҩцәа.

«Аконкурсқәа еиҿкаахеит ашколхәыҷқәа рзинтәи адыррақәеи ркультуратәии хәдуқәа рышьақәгылареи, иара убас ақәыԥшцәа рыбжьара анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкылара аганахьала анегативтә зыҟазаара ашьақәгылареи аҿар рыбжьара агәабзиара еиҷаҳарыла азнеира апропаганда амҩаԥгареи хықәкыс иҟаҵаны», – ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа.  Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥнытәи аспортсменцәа 18-шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла Аԥхьахәгара рхы аладырхәраны иҟоуп. Аицлабрақәа мҩаԥысуеит мшаԥымза 3 инаркны 7 аҟынӡа  ақалақь Наро-Фоминск аҿы (Урыстәыл, Московатәи аобласть). 

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  400 – ҩык Гал араион ауааԥсыра аҳәынҭқарра атәылауаҩра ада уи иахьаҵанакуа анхаразы азин аршаҳаҭгақәа роураны иҟоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Гал араион ала апаспорттә ҟәша ахь инашьҭхеит 400 инарзынаԥшуа аҳәынҭқарра атәылауаҩра ада уи иахьаҵанакуа анхаразы азин аршаҳаҭгақәа рыбланкқәа. Аршаҳаҭгақәа раураны иҟоу рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Гал ақалақьи Гал араиони руааԥсыра.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа ала, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кыҵниа Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ ҳәа иреиҳаӡоу адипломатиатә чын ианашьахеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 4,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгараҭареи атәыла Аиҳабыра ахаҭарнакцәеи алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган афымцамч ахархәара агәаҭаразы амыруга аахәара инамаданы аинфоструктуратә кредит иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рзы аизара иалахәыз адырра рылҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада ари аусура арласразы адҵа ҟаиҵеит.

Аизара иалахәыз иара убас  иалацәажәеит афымцамч аусхк аҟны иҟоу  аҭагылазаашьа зеиԥшроу, ҷыдала, звольт ҳараку афымцацәаҳәа "Аҽгәара" аҟны имҩаԥгоу аусурақәа ртәы. Ҭыԥқәак рыҟны аҵла ҳаракқәа иахьрызҳауа иахҟьаны, авольт ҳаракқәа ашәарҭара рыцуп аҵла ахыцәқәа иахьырзааигәахаз азы. Аҳәынҭқарра Ахада  ацәаҳәамҩангагақәа ахьынӡацо ирԥырхагахо аԥыхразы адҵа риҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура рнапы ианиҵеит ари аус анагӡараҿы ацхыраара алыршаразы.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.