АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Жьҭаара.2023

Сарида Лакәатаа – аҳәса рыбжьара ирласу ашахматқәа рзы Шәача ачемпион ҳәа ахьӡ лыхҵоуп!

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпрсс. Жьҭаарамза 1 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуан ирласу ашахматқәа рзы  ачемпионат-2023. Уи рхы аладырхәит 60 - ҩык, урҭ рахьынтә фҩык - аԥснытәи ашахматистцәа роуп.

Ачеимпионат аихшьаалақәа рыла, аҵыхәтәантәи атур аҟынӡа иԥхьагылаз 9 кәаҭала рҟынтәи 7,5 кәаҭала иоуны аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит, убри аан дчемпионхарц азы 0,5 кәаҭала заҵәык ауп игхаз.  

Лакәатаа Сарида, 9 кәаҭала рҟынтәи  5,5 кәаҭала лоуны аҳәса рыбжьара Шәача ақалақь ачемпион ҳәа ахьӡ лоуит. Ари аиааира иабзоураны Краснодар ақалақь аҿы жьҭаарамзазы имҩаԥысуа ирласу ашахматқәа рзы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат-2023 алахәхаразы алшара лоуеит.

А. Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ ааӡамҭа, 2014 шықәсазы ииз ашахматист қәыԥш Армен Топчан убасҵәҟьа ибзианы дықәгылеит,  жә-кәаҭалак рҟынтәи 5 ирҳаит.

4,5- 4,5 кәаҭала роуит Пицунда ақалақьынтәи аишьцәа Дамири Емири Абанос.


Read 139 times - Аҩаша, 03 Жьҭаара 2023 14:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.