АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Жьҭаара.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рзы адырраҭарақәа ҟазҵоз амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа зегьы русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азы аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рзы адырраҭарақәа ҟазҵоз амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа зегьы русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. 

«Аиубилеитә ныҳәатә усмҩаԥгатәқәа раарԥшразы шәара ҭакԥхықәрала шәусура азнеира иабзоураны Аиааира Амш 30-шықәса ахыҵра иазку Аныҳәа хра злоу атмосфера аԥҵареи зықьҩыла ауааԥсыра аԥсуа жәлар зегьы рзы акырӡа аҵак ду змоу ҳныҳәатә хҭысқәа ртәы реилыркаареи алыршахеит. 

Шәдырраҭарақәеи шәрепартажқәеи ирыбзоураны Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы, иара убас хыԥхьаӡара рацәала аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсны иаҭааз асасцәеи ҳкультуреи ҳатрадициақәеи рбеиареи руникалреи ртәы еилыркааит, аԥсуа жәлар  1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьрааҿы Аиааира иацу агәырӷьареи ирыцәҭахаз рҵеицәа рзы агәхьааи рыцеиҩыршартә еиԥш алшара рзаԥҵахеит, ҳтәыла азы иарбоу ахҭыс аҵакы ахьынӡаҳараку еилыркааит» , - ҳәа иаҳәоит аџьшьаратә цҳамҭа атекст аҟны.

Абесалом Кәарҷиа ҷыдала иазгәеиҭеит ахҭысқәа рзы аинформациҟаҵара аан ҳжурналистцәа рыла иаарԥшыз апрофессионалтә етикеи аобиективреи.

«Гәыкала шәусура пату ҳзақәуп, анаҩсгьы аусеицура ҳазхиоуп. Агәыӷра ҳамоуп аинформациатә усхкы аганахьала ҳусеицура ҳреспублика аӡыргареи уи ахьӡ-аԥша адунеизегьтәи аилазаараҿы ашьҭыхра шалнаршо», - ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ажурналистцәа аринахысгьы русураҿы ақәҿиарақәеи рыгәҭакқәа зегьы рынагӡареи рзеиӷьаишьеит. 

 

 


Read 160 times - Аҩаша, 03 Жьҭаара 2023 13:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.