АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Жьҭаара.2023

Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа Тамбовтәи аобласть аҟынтәи аделегациа дырԥылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҵара аминистр Инал Габлиа Тамбовтәи аобласть аҟынтәи аделегациа дырԥылеит.

Аиԥылара иалахәыз анаҩстәи аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩреи ҳаԥхьаҟа аусмҩаԥгатәқәа реицынагӡареи рзы еиқәшаҳаҭхеит.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсуа лицеи-интернат аҿы  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра ахьӡала тамбовтәи аҵааҵлақәа быжьба еиҭарҳаит.

Тамбовтәи аделегациа аилазаараҿы иҟан: Тамбовтәи аобласть Петровтәи араион ахада Сергеи Ефанов, Котовск ақалақь Администрациа ахада Алеқсеи Плахотников,  Котовск ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитрии Галцынов,  Акционертә Еилазаара «Корпорация развития Тамбовской области» адиректор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Ирина  Безукладова, Тамбовтәи аобласттә тәылаҿацәҭҵааратә музеи адиректор Андреи Чиликин, Тамбовтәи аобласть ахада ихаҭыԥуаҩ  инапынҵақәа назыгӡо Оксана Леонгард, В. Д. Поленов ихьӡ зху Ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школ №2 адиректор Михаил  Никольски, Аидгылара «Тамбовтәи аобласттә ахәаахәҭра-ааглыхратә палата» апрезидент Елена Воронина.

Аԥсуа ган аилазаараҿы  иҟан: акультура аминистр Даур Ақаҩба, Гал араион ахада Константин Ԥлиа, Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахада, аиереи Виссарион (Аԥлиаа), аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ  Ада Кәарҷелиа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат адиректор Лариса Қаԥба, Аҟәа ақалақь аҿы инхо Роланд Гамгиа.      


Read 191 times - Аҩаша, 03 Жьҭаара 2023 13:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.