Ашәатәқәа нагӡоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра арепатриациа Афонд абиуџьет ахархәагақәа рыла.
29.Цәыббра.2023
Аҳәса-аветеранцәа, аибашьра аинвалидцәа 10 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи аԥаратә цхыраагӡатәқәа рызшәахеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада идҵа инақәыршәаны, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш 30-шықәса ахыҵреи Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитети ахьыԥшымреи жәларбжьаратәи разхаҵара ҟалеижьҭеи 15 - шықәса аҵреи разгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рҽазыҟаҵаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҳәса аветеранцәеи аинвалидцәеи Аиааира Амшныҳәа 30-шықәса ахыҵра аламҭалазы 10 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи аԥаратә цхыраагӡатәқәа рызшәара азы аӡбамҭа аднакылеит.