АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Цәыббра.2023

Урыстәыла ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭа аиҳабы Андреи Иури-иԥа Кудимов Аслан Бжьаниа Аиааира Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла Ашәарҭадара Афедератә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Андреи Иури-иԥа Кудимов Аслан Бжьаниа Аиааира амш идиныҳәелит.

 

Адныҳәалара атекст:

 

"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,

Урыстәыла Ашәарҭадара Афедератә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгареи аусзуҩцәеи рыхьӡала ишәыдысныҳәалоит 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра!

Аибашьра Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых итрагедиатәу, фырхаҵара згым даҟьаны ианылеит. Аԥсны жәлар ашьа каҭәаны адәныҟатәи ақәылаҩ иҿагылара, ахақәиҭра хьчаны, атәыла асуверенитет аиқәырхара алшеит.

Ари амш Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар ракра иасимволны иҟалеит. Уи иалшеит ахақәиҭразы иамаз агәазыҳәара, амилаҭтә ҳаҭыри аԥеиԥш бзиеи рзы азин ашьақәырӷәӷәара.

Гәык-ԥсык ала Шәаргьы Аԥсны жәларгьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара.

Ҳаҭырла,

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедератә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы аинрал-маиор Андреи  Иури-иԥа Кудимов».


Read 191 times - Ахәаша, 29 Цәыббра 2023 21:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.