АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Цәыббра.2023

Владимир Путин Аслан Бжьаниеи Аԥсны ажәлари Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааира амш идиныҳәелит.

 

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәа - Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.

30 шықәса раԥхьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аԥҵаразы азин ашьақәырӷәӷәара зылшаз аԥсуа жәлар рфырхаҵара аԥсуа жәлар хацәнмырха ақәԥараҟны ахақәиҭразы, аҭынч ԥсҭазааразы азин ашьақәырӷәӷәара рылшеит.

Ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аҿиара иаҿуп аидгылареи астратегиатә усеицуреи шьаҭас иаҭаны. Агәра згоит конструктивла ишьақәгыло ҳаимадарақәа ганцыԥхьаӡа рырӷәӷәара ҳзеиԥш интересқәа ишрықәшәо.

Исҳәарц сҭахуп Урыстәыла аԥхьаҟагьы ганрацәала Аԥсны Аиҳабыреи ажәлари асоциал-екномикатә уснагӡатәқәеи амиалҭтә шәарҭадара алыршареи ирызку ауснагӡатәқәа рыӡбараҟны ацхыраара шыҟанаҵало.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, Аԥсны атәылауаа зегьы – аҭынчра, аизҳазыӷьара.

Ҳаҭырла, Владимир Путин».

 

 


Read 160 times - Ахәаша, 29 Цәыббра 2023 21:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.