АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Нанҳәа.2023

Аԥсны зҽаԥсазтәыз абҩарҵәыреи аспорти русзуҩ Иури Логәуа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит нанҳәамза 29 рзы.

Аҟәа. Нанҳәамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны зҽаԥсазтәыз абҩарҵәыреи аспорти русзуҩ Иури Логәуа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит нанҳәамза 29 рзы Аҟәа ақалақь арҵаҩы Иҩны аҿы, асааҭ 10:00 рзы.

Иури Логәуа – ашьапылампыл азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз абҩарҵәыреи аспорти русзуҩ, Ареспубликатә ахыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ адиректор, «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара аорден акавалер,  Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран.

Иури Ирадион-иԥа Логәуа иԥсҭазаара далҵит нанҳәамза 26 рзы. Иара ихыҵуан 66 шықәса. Прочитано 222 раз.

 

 


Read 94 times - Ахәаша, 08 Цәыббра 2023 18:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.