АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Цәыббра.2023

Гал араион аҿы аџьаԥҳаны аԥхьакырҭа рыԥшааит.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи  Гал араион Печора ақыҭа аҵыхәан ирыԥшааит  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аахыс иаанханы иҟаз аџьаԥҳаны аԥхьакырҭа рыԥшааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аофициалтә саит.

Аҭаҵәах аҿы ирыԥшааит: аминаршәгатә минақәа 82 мм – 2 цырак, агранатаршәгақәа СПГ-9 рзы аџьаԥҳаны – 2 цырак, агаратаршәгақәа РПГ-7В – 2цырак, иара убас авиациатә ракета НУРС – цырак.  

Иарбоу аџьаԥҳаны анаҩс ақәхразы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь ирышьҭит. 

 

 


Read 88 times - Ахәаша, 08 Цәыббра 2023 17:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.