«Иахьа, нанҳәамза 30 – хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит. Ари амш агәырҩа ду зкьысыз аҭаацәа адгылара рыҭара, рхьаа рыцеиҩшара иасимволны иҟоуп. Адунеи зегьы аҿы зықьҩыла ауаа хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоуп. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоуп 2000-ҩык ауаа.
Ҳусура иабзоураны 200-ҩык рыԥсыбаҩ аексгумациа азуны, рхаҭара шьақәыргыланы доусы рҭаацәа ишахәҭоу ала анышә иамардарц ирырҭеит. Аԥсны аганахьала 44 ҭаацәара ишахәҭоу ала анышә рамадара азы рыуацәа рыԥсыбаҩ рырҭеит. Хабарда ибжьаӡыз рыуацәа рреакциа ала ҳара иаабоит ииашоу ахырхарҭала аус шаауа. Агәра ҳгоит излауо ала ирацәаны хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоу ауаа рыԥшаара ҳалшап ҳәа», - ҳәа иҳәеит иара.
Агәалашәара акциа Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Аиҿкаареи рыла еиҿкаахеит.