АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Цәыббра.2023

Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны апоезиатә хәылԥазы мҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазкыз апоезиатә хәылԥазы мҩаԥысит В.Г.Арӡынба ихьӡ зхы Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ -  Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла.

Ажәалагала аҿы Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу еизаз зегьы аамҭа ԥшааны аусмҩаԥгатә ахь иахьааз азы иҭабуп ҳәа реиҳаәеит, аԥсуа литература аԥҵара раԥхьатәи амшқәа инадыркны ашәҟәыҩцәа есымша ажәлар рыгәҭа игылан ҳәа иазгәеиҭеит.   

Уи еизаз иргәалаиршәеит аибашьра алагара аҭоурых, иарбоу аамҭахәҭазы арҿиаратә интеллигенциа инанагӡоз ароль атәы азгәеиҭеит.

«Атәыла анапхгара алахәылацәа реиԥш ҳинтеллигенциа ахаҭарнакцәагьы ргәаанагара акьыԥхь аҿы ицәырҵуан. Иҟан аибашьра хыркәшатәуп ҳәа зҳәозгьы, аха иҟан иара убас абџьар шьҭыхны аибашьра иалагылаз. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы ҳара иреиӷьу ҳҵеицәа рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны аиааира ҳгеит», - ҳәа иҳәеит Вахтанг Абҳазоу.

Уи иазгәеиҭеит аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы аинтеллигенциа азы акыр ауадаҩрақәа шыҟаз. Вахтанг Абҳазоу еизаз иргәалаиршәеит атәыла акультуратә усбарҭақәа жәпакы шыблыз, хыԥхьаӡара рацәала ишықәгаз еицырдыруа аполитика-уаажәларратә усзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа рбаҟақәа. Иара убасҵәҟьа иазгәеиҭеит хабарда ишыбжьаӡыз ашәҟәыҩҩ Таиф Аџьба, аибашьра рыԥсҭазаара шақәдырӡыз апоетесса  Саида Делба, ашәҟәыҩҩцәа Шьалуа Инал-иԥа, Борис Гәыргәылиа, Алеқсеи Аргәун, Витали Амаршьан рԥацәа. Иҭахеит Адгәыр Инал-иԥа, Абзагә Гәыргәылиа, Баҭал Аргәын, Беслан Амаршьан, уҳәа реиԥш иҟаз аҟыбаҩ злаз аҿар рацәаны.

«Урҭ рыхьӡқәа ҳажәлар наунагӡа ргәаҵаҿы иаанхоит, урҭ хашҭра рықәым. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭӡом Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рхы ақәызҵаз зегьы», - ҳәа иҳәеит Вахтанг Абҳазоу.

Вахтанг Абҳазоу аибашьра ашьҭахь, атәыла аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, Аԥсны акультуратә ԥсҭазаара аанымкылаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Вахтанг Абҳазоу иқәгылара ашьҭахь еизаз идырбан ашәа «Абааш» азы иҭыхыз авидеоклип. (ажәақәа – Р.Смыр, анагӡаҩ – А. Алҭеиба), анаҩс Аԥсны жәлар рартистка Лиудмила Гәымба  ари ашәа налыгӡеит, ражәеинраалақәа ирыԥхьеит апоетцәа Геннади Аламиа, Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Авокал-инструменталтә ансамбль аколлектив «Гунда» арратә тематика змоу ашәақәа нанагӡеит.


Read 245 times - Ахәаша, 08 Цәыббра 2023 22:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.