Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Амультимедиатә пресс-центр Sputnik-Аԥсны аҿы имҩаԥысит Пыв аҩхааҿы игылоу, ааигәа еиҭашьақәыргылаз, 1942 – 1943 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан Кавказ ахьчаразы иҭахаз асовет еибашьцәа рбаҟа аартра иазку апресс-конференциа.
Афонд «Платформа» анагӡаратә директор Дмитри Статеинов иажәақәа рыла, абаҟа аиҭашьақәыргылара Кавказ ахақәиҭразы аидыслара 80-шықәса ахыҵра иазку аҭоурых-арра-патриоттә проект «Кавказский фронт» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан.
«Абаҟа аиҭашьақәыргылара ҩымчыбжь-хымчыбжь заҵәык рыла иалыршахеит. Уи Урыстәыла Приволжтәи Афедералтә округ аҿы Аԥсны ҳаҭыр зқәу аконсул Владимир Литвинчуки атәылахьчареи акультуреи Рминистррақәа рҟынтәи иҟаҵаз адгылара иабзоурахеит. Владимир Литвинчук ишазгәеиҭаз ала, абаҟа аиҭашьақәыргылара иазкыз аусура акыр иаруадаҩуан аҭыԥ иуадаҩу арелиеф, иара убас ласы-лассы иҟалоз амшцәгьарақәа. Иара абаҟа аиҭашьақәыргылараҿы акырӡа ацхыраара ҟарҵеит атәылахьчара Аминистрра, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, акультура Аминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә отриад, «Амшынеиқәафымцамч» Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә отриад, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны», афонд «Аԥшааратә отриадқәа Реидгыла», абылтәы еилазаара «Аԥсны-Оил», Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк.
«Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ацхыраара ҟазҵаз зегьы», – ҳәа иҳәеит иара.
Владимир Литвинчук Кавказ ашьхеибаркыра Хада аԥснытәи аҵакыра аҿы анемец архәҭқәа раанкылара алыршара иаҵоу аҵакы ахадара зегьы ирзеилкааӡом ҳәа иазгәеиҭеит. Клыхәратәи, Марыхәтәи, Санчартәи аҩахаақәа совет Еидгыла аладатәи ахәҭа ала афашист ирхәҭақәа рҿагылара ихадоу ҭыԥқәаны иҟалеит. Иарбоу ахырхарҭақәа рыла ауп Гитлер ирхәҭақәа Аԥсны амшын аԥшаҳәа иаԥну ақалақьқәа – Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра аҟынӡа анаӡареи, анаҩс Амшынеиқәатә архәҭақәа ргәыԥ амацәаз аҭакреи Амшынеиқәатә флот Очамчыреи Афон Ҿыци иҟоу абазақәа рымпыҵакреи гәҭакыс ирыман.
«Уи ашьҭахь аибашьра иалалар акәын Ҭырқәтәыла, уи уи аамҭазы Асовет Еидгыла аҳәаақәа разааигәахара иалагахьан, 26 инарзынаԥшуа адивизиақәа Кавказнҭыҵ аганахьала ажәылара иазхианы иҟан. Асовет архәҭақәа хацәнымырха инарыгӡаз аҽагылара иабзоураны, аӷа иаанкылареи, уимоу шьҭахьҟа ихьацареи аӷа игәҭакқәа рыԥхьырҟәҟәареи алыршахеит», – ҳәа иҳәеит иара.
Акультура аминистр Даур Ақаҩба игәаанагарала, иарбоу апроектқәа рҿы зегьы реиҳа ихадоу – аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара ауп.
«Асовет аруаа рфырхаҵара хашҭра ақәымзароуп. Ари агәалашәара биԥарак аҟынтәи даҽа биԥарак ахь аиагара ахәҭоуп», - ҳәа иҳәеит иара.
Даур Ақаҩба, Пыв аҩхаа аҿы абаҟа аиҭашьақәыргылара – ари аминитррақәа жәпаки ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рылшамҭақәа еилаҵаны инарыгӡаз аусура хра злоу алҵшәа ауп ҳәа иазгәеиҭеит. Уи адагьы атәыла аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит иҭахаз асолдатцәа рыԥсыбаҩ аԥшаара иазу аусмҩаԥгатәқәа. Урҭ активла ахы аланархәуеит В.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша Амузеи.
Апресс-конференциа ахыркәшамҭаз имҩаԥысит нанҳәамза 24 рзы иаартхо абаҟа амҵан иҭаҵәаххо, еиҵагыло аьиԥарақәа рзы аԥсышәалеи аурыс бызшәалеи иҩу ацҳамҭа «аамҭа акапсула» аҭаҵара иадҳәалоу ацеремониа. Уи аартра азԥхьагәаҭоуп АџьынџьтәылатәИ Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 100-шықәса ахыҵра аҽны.
Ҿыц еиҵагыло абира рышҟа ацҳамҭа аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Агәра ҳгар ҳҭахуп, Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш азгәаҭара аламҭалазы Клыхәратәи, Марыхәтәи, Санчартәи аҩхаақәа рҿы иҭахаз аибашьцәа зегьы рыԥсыбаҩ ԥшааны анышә ишамадахо».