
pressadmin-2
Апарламент апрофилтә Еилакы атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы аԥсны-урыстәылатәи Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа ашьақәырӷәӷәара азы абжьгара ҟанаҵоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы аԥсны-урыстәылатәи Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа ашьақәырӷәӷәара азы» азакәан апроект иахәаԥшит жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы апарламенттә Еилакы алахәылацәа аԥшьаша, ԥхынгәымза 25 рзы имҩаԥысыз аилатәара аҿы.
Аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц имҩаԥигоз аилатәара рхы аладырхәит Аизара Аиҳабы Лаша Ашәба, тәыла аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеимуаз Миквабиа, иара убас Аԥсны Аконтрольтә Палата ахантәаҩы Каха Пертаиа.
Лаҵарамза 28, 2012 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рнапхгарақәа рыбжьара знапаҵыҩра мҩаԥгаз атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азун ԥхынҷкәынмза 23, 2013 шықәса рзы.
Иарбоу Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа анапаҵыҩра мҩаԥысит Грозныи ақалақь аҿы, ԥхынгәымза 16, 2024 шықәса рзы.
«Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы» азакәан инақәыршәаны, Апарламент аҿы аратификациа иахысыз Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рахь аиҭакрақәеи ацҵақәеи зегьы убасҵәҟьа аратификациа рызузароуп.
Арратә хәышәтәырҭа Хада аҿы аполиклиникатә ҟәша аиҭашьақәыгылара мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Арратә хәышәтәырҭа Хада аҿы акыраамҭа иззыԥшыз аполиклиникатә ҟәша шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылагеит. Ас еиԥш мҽхакы ҭбаала арҿыцра аҵыхәтәантәи 50-шықәсатәи ахыбра аҭоурых азы раԥхьаӡа акәны иҟалеит.
Ахәышәтәырҭа аполиклиника агәабзиарахьчара асистема аҿы акыр зҵазкуа ароль нанагӡоит. Араҟа амедицинатә цхыраара роуеит аруаа рнаҩсгьы Гәылрыԥшь араиони ареспублика егьырҭ араионқәеи рҿы инхо ауааԥсырагьы. Аусбарҭа иадҵаалаз зегьы амедицинатә цхыраара рыҭара алнаршоит.
«Ахәышәтәырҭа иахьатәи амш азы инагӡаны аспециалистцәа рыла еиқәыршәоуп: ахирургцәа, атерапевтцәа, аокулистцәа, а-ЛОР-ҳақьымцәа, агинекологцәа, адерматологцәа, агастроентерологцәа», – ҳәа еиҭеиҳәеит арратә хәышәтәырҭа Хада аиҳабы Алиас Џьынџьал.
Аԥснытәи аделегациа урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәа рыстол гьежь иалахуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа Псков ақалақь аҿы имҩаԥысуа, аҳәаанырцә иҟоу урыстәылатәи аидгьылуаа реимадара апроблеақәа рылацәажәара иазку астол гьежь иалахуп.
Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны» адиректор Алеқсандр Бигәаа астол гьежь аҿы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит. Иара Урыстәылатәи Афедерациа аџьынџьуаа рганахьала иаанарԥшуа агәцаракреи ахшыҩзышьҭреи Аԥсны ауааԥсыра рзы еилкаау усуп, ибзиангьы ирыдыркылоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Москва Аҩны» зхырхарҭақәа еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы аплошьадкақәа амоуп, уи, жәаҳәарада, иара аидгьылуаа реиҿкаарақәа рыдагьы, егьырҭ, иазинтересу ахаҿқәеи аднаԥхьалоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алеқсандр Бигәаа.
Мрагыларатәи Аԥсны иахьаҵанакуа апартательқәа рыргылара азы Азакәан апроект ахәаԥшраҟнытә шьҭахьҟа архынҳәра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 24 рзы Жәлар Реизара –Апарламент адепутатцәа Беслан Емырхәба, Алмас Акаба, Герман Качарааи Резо Занҭариеи Апарламент ахь ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса рзы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҟны ашәҟәы иҭаргалаз «Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхра иазку ауснагӡатәқәа рзы» Азакәан апроект ахәаԥшраҟнытә шьҭахьҟа архынҳәреи уи иазку азакәанԥҵаратә процесс аринахыс аанкылареи рзы аҳәара ҟарҵеит.
Убри инамаданы, Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵеит:
«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Арегламент инақәыршәаны, Жәлар Реиазара Аиҳабы Лаша Ашәба иарбоу аусшәҟәы аԥшьызгаз адепутатцәа гәыԥҩык рахь архынҳәра азы Аусшәҟы инапы аҵаиҩит. Убас ала иарбоу азакәан апроект ахәаԥшраҟнытә шьҭахьҟа ирхынҳәхоит уи иазку азакәанԥҵаратә процесс аринахыс иаанкылахоит».
Мрагыларатәи Аԥсны апартаментқәа рыргылара азы Азакәан апроект ахәаԥшраҟнытә шьҭахьҟа архынҳәра азы аӡбамҭа адкылара ишьақәгылаз аиҿагыларақәа раԥыхреи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи иадҳәалоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мрагыларатәи Аԥсны апартаментқәа рыргылара азы Азакәан апроект ахәаԥшраҟнытә шьҭахьҟа архынҳәреи уи иазку азакәанԥҵаратә процесс аринахыс аанкылареи рзы аӡбамҭа адкылара атәыла аҿы ишьақәгылаз аиҿагыларақәа раԥыхреи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи иадҳәалоуп, ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
«Акыраамҭатәи аилацәажәарақәеи апарламент аҩныҵҟатәи аиҿцәажәарақәеи ирылҵшәаны, ауаажәларра, раԥхьа иргыланы, Абыргцәа Рхеилак, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Афырхацәа, аҭҵаарадырратә еидгыларақәа, аинтеллигенциа, иара убас егьырҭ атәылауаа рхаҭарнакцәа «Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхра иазку ауснагӡатәқәа рзы» Азакәан апроект ахәаԥшра азҵаара агәҭынчымра зызцәырнагаз зегьы ргәаанагара ҳазхәыцны, иқәгылоу азҵаара аҵакы ҳасаб азуны, ишьақәгылаз аиҿагыларақәа раԥыхреи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи хықәкыс иҟаҵаны, Азакәан апроект аԥшьызгаз азыӡба рыдыркылеит иалагалоу азакәанапроект ахәаԥшраҟнытә шьҭахьҟа архынҳәреи уи иазку азакәанԥҵаратә процесс аринахыс аанкылареи рзы.
Аԥсуа поет Геннади Аламиа 75-шықәсатәи Иира Амш азгәеиҭоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 75-шықәсатәи ииубилеи азгәеиҭоит аԥсуа поет, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара акавалер, Асовет Еидгыла ашәҟәыҩцәа Реидгыла алахәыла (1973), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, 15 шықәса инареиҳаны Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресс – иахьатәи АААК – ихадоу маӡаныҟәгаҩыс аус зухьаз, Аԥсны аҳәынҭқарратә гимн автор, амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аветеран Геннади Аламиа. Ҳара аиубилиар ҳиҿцәажәеит иахьа иара инапы злаку азы ҳиазҵааит.
Геннади Аламиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, уажәы иара ажәеинраалақәеи аиҭагарақәеи инапы алакуп, иара убас аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазку афотоальбом аҭыжьразы аиқәыршәара даҿуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иара убас Геннади Аламиа ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз иҩыза гәакьа, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспубликатә клиникатә хәышәтәырҭа аневрологиа аҟәша аиҳабы Муҳамад Хамзаҭ-иԥа Аисанов изкны ашәҟәы аҩра даҿуп.
«Маҷк агәҭынчымра сызцәырҵуеит, 75 шықәса ухыҵуаны акыр зҵазкуа аус унапы алакра ҟалома. Иуздырӡом, уи ахыркәшара уахьӡо уахьымӡо», – ҳәа маҷк илахь ааиқәҵаны иҳәеит апоет.
Аха, иагьа ус иҟазаргьы, иара ф-томк рыла иҟоу аизга «Иалкаау арҿиамҭақәа реизга» («Сборник избранных произведений») аус адулара даҿуп. Ҩ-томк ҭыҵхьеит. Ааигәанӡа Геннади Аламиа Аҿартә театр азы Алеқсандр Вампилов ипиеса «Аԥа еиҳабы»( «Старший сын») аурысшәахьынтә аԥсшәахь аиҭагара даҿын. Аспектакль аԥхьарбара қәҿиарала имҩаԥысит ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамзазы.
Ииубилеи азгәаҭара игәы ишԥаҭоу ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, ашәҟәыҩҩ игәабзиара ахьыуашәшәыроу иахҟьаны, насгьы ареспублика аҿы ишьақәгылаз иуадаҩу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи инамаданы, иира Амш ҭаацәашәала иазгәеиҭоит ҳәа иҳәеит.
Иара убасҵәҟьа иара иира Амш иақәшәаз иара изы акыр зҵазкуа ахҭысқәа ҩба ртәы иҳәеит.
«Сара Апарламент «ахьтәы еилазаара» ҳәа изышьҭаз алахәлас саныҟаз аамҭазы, сира Амш аламҭалазы, ԥхынгәымза 23, 1992 шықәса рзы, ҳара 1925 шықәсазы ирыдыркылахьаз Аконституциа ҳазыхынҳәит, ишьақәҳарӷәӷәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарратә гимни. Уи ашьҭахь ҳара Ҭырқәтәылаҟа ҳцеит. Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Ари акырӡа зҵазкуаз, хашҭшьа змамыз ныҟәаран. Иара убас ари арыцхә сара сзы смаҭа лира иадҳәалоуп. Уи илыхьӡуп Нариа, лара иахьа илхыҵуеит 10 шықәса, сара 75 шықәса. Абас ауп ишыҟоу аусқәа!»
***
Аламиа Геннади Шьаликәа-иԥа диит ԥхынгәымза 24, 1949 шықәса рзы Аԥснытәи АССР, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.
Далгеит И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол № 1 (1966 ш.). 1966 шықәса инаркны — М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афизика-математикатә факультет астудент.
1969–1973 шш. аҵара иҵон Москва, Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәыз А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны. 1973–1974 шш. — Москватәи аобласт Раменское ақалақь агазеҭ акорреспондентс, анаҩс асаламшәҟәқәа рыҟәша аиҳабыс аус иуан. 1975 шықәсазы Аҟәа ақалақь, Д.И.Гәлиа Иҩны-музеи аҟәша деиҳабын.
1977 – 1982 шш. агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» акорреспондентс, ашьҭахь, 1982–1987шш. ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿы аус иуан, аҟәша аиҳабыс дыҟан, анаҩс 1987–1988 шш. А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны аԥсуа литературеи афольклори рзы алекциақәа дрыԥхьон.
Аҟәа ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш азгәарҭеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә символика – Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарратә гимни рышьақәырӷәӷәара ҟалеижьҭеи 32 шықәса ҵит.
Ахәылбыҽха, аҩаша, ԥхынгәымза 23 рзы, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟынтәи Сегреи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭанӡа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аоркестр ацны, 1200 шықәса реиҳа зхыҵуа Аԥсны аҭоурых аазырԥшуа аԥсуа бираҟқәа 16 кны ажәлар рымҩасра мҩаԥысит. Аныҟәара ашьҭахь ауаа зегьы еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа, араҟа асааҭ 20:00 рзы Атеатралтә плошьад аҿы акәашареи ашәаҳәареи ҟалеит. Имҩаԥгахеит аҳәынҭқарратә рҿиаратә коллективқәеи аԥсуа естрада артистцәеи алархәны аныҳәатә концерт, еизаз ирыздырхиеит еиуеиԥшым апрограмма ду.
Баҭу Арӡынба: Валери Гамгьиа абираҟ асахьала аԥсуа жәлар рҭоурых зегьы аарԥшра илшеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа реиҳарак аҳҭнықалақь аҿы рымҩаԥгара ахәылбыҽха ауп ианазԥхьагәаҭоу. Аха шьыжьы инаркны Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы гәыԥҩык ауаа амилаҭтә маҭәа рышәҵаны Аҳәынҭқарратә бираҟ кны рыиасра мҩаԥысит.
Ари аиасра рхы аладырхәит амаҭәа аӡахра азы аҟәатәи анаплакы «Мода-Текс» анапхгараҭареи аусзуҩцәеи, иара убас абаза жәлар адиаспора ахаҭарнакцәа.
«Мода-Текс» адиректор Баҭу Арӡынба «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо иахьатәи амш аԥсуа жәлар зегьы рзы ҷыдала аҵак ду аҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Абираҟ аелементқәа зегьы хазы-хазы «ахы аанарԥшуеит», «ахы иахцәажәоит» ҳәа уҳәар ауеит. Асахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа абираҟ асахьала аԥсуа жәлар рҭоурых зегьы аарԥшра илшеит» , - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Ҟарачы-Черқессиатәи Ареспублика аҿы Абаза ажәларқәа ркультура Амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Черқесск ақалақь, акультуреи аԥсшьараамҭа ахгареи рпарк «Зелёный остров» аҿы Абаза ажәларқәа ркультура Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.
Апарк аҵакыраҿы еиуеиԥшым аплошьадкақәа рҿы еиҿкаауп анапҟазацәа раалыҵ ацәыргақәҵақәа, абаза бызшәала аԥхьаҩцәа рконкурс мҩаԥысуеит ахәыҷқәа рзы аицлабра, иреиӷьу амилаҭтә костиум азы аконкурс, уҳәа убас иҵегьы.
Араҟа иара убас адгалара мҩаԥгоуп абаза жәлар рмилаҭтә чыс хкқәа, насгьы, жәаҳәарада, ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи ирзыԥшуп жәлар рныҳәара, Ҟарачы-Черқесстәи Ареспубликеи Ареспублика Аԥсни рҟынтәи аҟыбаҩ злоу артистцәа рыла еиҿкаау аконцерт, уҳәа егьырҭ арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа рацәаны, ҳәа адырра ҟанаҵоит агазеҭ «День республики».
2024 шықәса алагара инаркны афото-видео камерақәа рыла 17 нызықь азинеилагарақәа аарԥшхеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Автоҳәынҭинспекциа афото-видео камерақәа рыла ишьақәыргылаз амҩатә ԥҟарақәа еилазго раарԥшра аганахьала аусура арӷәӷәоит.
Астатистика излаҳнарбо ала, афото- видеофиксациа азинеилагарақәа раарԥшра азы иахьазы зегьы реиҳа аеффективра злоу уснагӡатәны иҟоуп. Аилагарақәа раарԥшра азы акамерақәа – ари аҷыдалкаатә комплексны иҟоу еиқәыршәагақәоуп. Уи иаҵанакуеит амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа еилазго раарԥшреи рышьақәыргылареи рзы ахархәагақәа, иара убас аматериалқәа ахәаԥшразы административтә зинеилагарақәа равтофиксациа Ацентр ахь рдәықәҵара.
«Ареспубликатә трасса «Ԥсоу – Егры» аҿы иахьатәи амш азы ишьақәыргылоуп 11 афото-видео камерақәа. Арҭ акамерақәа амашьынарныҟәцаҩ ила арццакратә режим аилагара ҭырхуеит», – ҳәа иҳәеит Автоҳәынҭинспекциа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба.
Иахьазы акамерақәа шьақәыргылоуп Ԥсоу, Ԥсырцха, Холоднаиа речка, Приморск, Ачадара, Синоп. 2024 шықәса нҵәаанӡа урҭ рхыԥхьаӡара 50 рҟынӡа ацҵара азԥхьагәаҭоуп. Автоҳәынҭинспекциа аԥыԥшырҭақәа «Бзыԥ», «Приморское», «Маҷара» амҩатә ԥҟарақәа реилагара афактқәа ирласны анырра аҭара иазку иҷыдоу атехнка ала еиқәыршәоуп.
«Уаҟа амҩа наҟ-ааҟ аҩганк рыла ҩба-ҩба камера шьақәыргылоуп, иара убас иҟаоуп амашьына аномерқәеи амаркеи аазырԥшуа абжьырдугақәагьы. Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩ ирласны ари ацҳамҭа ала зыӡбахә ҳәаз амашьына ааникылоит, уи аԥсҟы зку уаанӡа агәҽанызаара имоухьацзар, усҟан азинеилагара азы аԥкаанҵа еиқәыршәаны инапы иадыркуеит. Ус акәымкәа, амашьынарныҟәцаҩ агәҽанызаара уажәаԥхьагьы иоухьазҭгьы, усҟан административтә пкаанҵа еиқәыршәахоит, ахараԥса иара иаразнак аҭыԥ аҿы ишәар ҟалоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Дамеи Аҩӡба.