АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы ԥхынгәымза 17 – 18 рзы арезервтә аиҭашьақәыргыларатә  бригадақәа рыҟәшеиҵақәа алархәны иҷыдоу атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчаратә Хылаԥшырҭа аофициалтә саит.

Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟан аметодикатә зыҟаҵареи хаҭалатәи азанааҭтә  дыррақәа рыҩаӡара ашьҭыхреи акомандатә еилазаара аибашьратә ҭагылазаашьақәа рҿы архәҭақәа ртехникатә еиқәышәара иазку ахыдҵақәа рынагӡара аҿы разыҟаҵара аиӷьтәреи.

Аррамаҵзура зуалу рыла ишьақәгылоу аиҭашьақәыргыларатә ҟәшеиҵақәа ахатәы еилазаара Аԥсны Арбџьармчқәа арезерв хәҭақәеи аҟәшаиҵақәеи  ртехникатә еиқәыршәара аиҿкаареи  иԥхасҭахаз арратә техникеи арбџьари реиҭшьақәыргылареи иазку асистема ашьақәыргылара иадҳәалоу адҵақәа нанагӡон.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект алацәажәара иазкын  ахаша, ԥхынгәымза 17 рзы имҩаԥысыз аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә Еилакы аилатәара. Ари аусшәҟәы  иазԥхьагәанаҭоит арҭ араионқәа рҿы апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара.

Аилак аилатәара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аилатәара мҩаԥигон Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа.

Азакәан апроект Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара, аиҳарак атуристтә индустриа аҿиара азы аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазку азакәантә шьаҭа шьақәнаргылоит.

Азакәан рыдыркыланы иҟалар, усҟан уи Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа рҿы иргылахо зфунциақәа рацәоу аобиектқәа ирзырхахоит.

Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә Еилаы ахантәаҩы Резо Занҭариа апартаментқәа рыстатус азы аилыркаага ҟаиҵеит:

– Апартаментқәа акоммерциатә хыбрақәоуп, урҭ  нхарҭа ҭыԥӡам.

– Апартаментқәак хазхаҭалатәи, ауаажәларратә, мамаргьы аҳәынҭқарратә мазараны иҟалар алшоит. 

– Апартаментқәа рзы амазара азин аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара иахысуазароуп.

– Ашәҟәҭагалара апроцедура Ареспублика Аԥсны атәылауаҩратә закәанеидкыла ала иҳәаақәҵахоит.

– Апартаментқәа нхарҭа ҭыԥны иԥхьаӡаӡам.  

– Апартаментқәа — нхарҭа ҭыԥӡам. Урҭ рҿы иааиԥмырҟьаӡакәа анхара азԥхьагәаҭаӡам.

– Апартаментқәа анхаратә закәанԥҵара анормақәа ирыҵанакӡом.

– Апартаментқәа Анхаратә Закәанеидкыла иаҵанакӡом.  Араҟа иаҭаххоит хазы игоу азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәа. Урҭ иарбоу азакәан апроект адкылара ҟалар ашьҭахь аминистрцәа Реилазаара аҿы ишьақәдырӷәӷәоит.  

Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә Еилакы аиҳабы Резо Занҭариа иажәақәа рыла, азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит 150 гектар рҟны апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара. Зынӡа ари аԥышәатә проект иазԥхьагәанаҭоит 10 нызықь номер рыргылара.  Апартаментқәа иааиԥмырҟьаӡакәа анхара иазкны иҟалаӡом.

Уи иажәақәа рыла, афункциарацәа назыгӡо амазаратә комплексқәа рырыгылара азы араионқәа рхадацәа иаларҵало азыҳәамҭақәа аминистрцәа Реилазаара аҿы иахәаԥшлоит.

Адепутат Беслан Емырхәба иарбоу азакәан апроект адкылара иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.

«Иахьа ҳара џьара еиҵаны иҟаҳҵоит, џьара еиҳаны… Аҳәынҭқарра Ахада иоума, атәыла анапхгара аума ирыԥхықәроуп еиҳа ацхыраара зҭаху арегионқәа адгылара рыҭара. Мрагыларатәи Аԥсны иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Уи иахьакәӡам ианыҟала, уи аибашьреи иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭеи ирхылҿиааит. Уаҟа иҟаз азауадқәеи анаплакқәеи зегьы ықәхын, избанзар Ҭҟәарчал ақалақь иааҟәымҵӡакәа иалахысуан.  Ҭҟәарчалынтәи ауааԥсыра ралҵра иахьакәӡам ианалага, уи 15 шықәса раԥхьагьы иалагахьан … Ари апроблема хымԥада иӡбатәуп. Ауаа ақалақь ааныжьны ицоит, уаҳагьы ихынҳәӡом, избан акәзар урҭ аусуратә ҭыԥқәа рымам. Иҿыцу аусуратә ҭыԥқәа аҭахуп, араион ӷәӷәала аекономикатә цхыраара аҭатәуп», – ҳәа иҳәеит адепутат.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 16, 2024 шықәса рзы  Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҿы аӡбаҩ Ҭырқьба  Е.П. ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аилатәара аҿы, Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсныбылтәы» уаанӡатәи ахада Аҩӡба Беслан Иван-иԥа иганахьала ахарадҵатә зыӡба атекст иаԥхьеит.

Уи харас идырҵон имаҵура ихы иархәаны аа-епизодк рыла аҳәынҭқарратә мазара еимиҵәеит ҳәа, иара убас Аҳәынҭеилахәыра амазара 146 959 196 мааҭ мцҳәарыла еимиҵәеит ҳәа, адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Ирыдыркылаз ахарадҵаратә хыркәша инақәыршәаны, Беслан Аҩӡба «Аԥсныбылтәы» иатәыз 147 млн мааҭ еимиҵәеит ҳәа ахара  идырҵеит. Аӡбамҭа азыӡба ала Беслан Аҩӡба имазара зегьы имхны 12 шықәса иџьбароу арежим ала аҭакра иқәҵоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша Аҟәа ақалақьтәи аӡбарҭа ахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоуразы игәҩароу Аԥсны атәылауаа Даур Папасқьыри Сиузанна Бобуеи рырбаандаҩра азы азыҳәамҭа дәықәнаҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аофициалтә саит.

Заанаҵтәи аусеилыргарала ишышьақәыргылаз ала, Даур Папасқьыри Сиузанна Бобуеи заанаҵы еилацәажәаны, анаҩс аҭира хықәкс иҟаҵаны изакәанымкәа иаархәеит анаркотиатә маҭәашьар «метадон», уи дара иҵәахны ирыман, аахәацәа анырыԥшаалак ашьҭахь Аԥсны иахьаҵанакуа имаӡоу аҭаҵәахҭыԥқәа рҿы ашьҭаҵарала ирҭиуан.  

Ԥхынгәымза 10, 2024 шықәса,  21 сааҭ инарзынаԥшуа урҭ Автоҳәынҭинспекциа аԥыԥшырҭа «Маҷара» аҿы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа  реикәыршара ахылаԥшреи аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа рыла иаанкылан. Анаҩс дара аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь инаган.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьыжь, ԥхынгәымза 17 рзы ишьақәгылаз ашоура иахҟьаны, Гал араион Шьашьикәара ақыҭан иҟоу  агәам-самшьҭаҵарҭа аҿы еиҭа амцакра ҟалеит, уаанӡа амца ахьырцәаз аҭыԥқәа рҿы еиҭа амца ацралеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит  ГалМедиа.

Уажәы Гал араион Ахадара амца арцәара азы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа зегьы еиҿнакаауеит. Аусурақәа рӷьырак рынагӡара аԥшьаша, ԥхынгәымза 18 рзы иазԥхьагәаҭоуп.  Урҭ рымҩаԥгаразы ахархәара роуеит абульдозери аекскаватори.  Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра абылрацәыхьчаратә мчқәа амцарцәара аҿы ацхыраара ҟарҵоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 16, аҩаша, Р.Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа асцена аҿы имҩаԥысит  Ареспублика Адыгеиа Тахтамукаитәи араион 100-шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт «Истоки».

 Аетнопроект «Истоки» акәашарақәа, ашәаҳәарақәа, иара убас жәлар ринструменталтә музыкеи раҳасабала адыга жәлар рҭоурых, ркультура, рытрадициақәа аанарԥшуеит.

Аконцерт аатит адыга жәлар аҭоурых иазку амонологи иҷыдоу аеффектқәеи зцыз акәашарала.

Ахәылԥаз апрограмма аҿы иҟан адыга бызшәа еиԥш аурыс бызшәалагьы инагӡаз ақәгыларақәа, ашәақәа, иара убас адыга жәлар ркультура атәы еиҳа еиӷьны иуеилзыркаауаз акәашарақәа.

Адыга жәлар рмузыкатә инструментқәа рансамбль «Удж» инанагӡеит актиортә монологқәа зцыз ашәаҳәарақәеи акәашарақәеи.  

Ансамбль ахәаԥшцәа ирыднагалеит адыга жәлар рмилаҭтә ҟазшьа зеиӷьаҟам ала иаазырԥшуа ақьабзтә, аҭоурых-фырхаҵаратә, алирикатә шәақәа. Машәыршақә иҟамлазар ҟалап аҵарауаа ажәлар ҭырҵаар анырҭаху раԥхьа иргыланы уи акультура, ашәақәа иахьрызхьаԥшуа – избан акәзар уи ауп аиҳарак ажәлар рмилаҭтә ҟазшьа аҷыдарақәа зныԥшуа.

Ахәаԥшцәа даараӡа ибзианы ирыдыркылеит Аҿартә драматә театр артистцәа рықәгылара.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор Хада Витали Шариа.

Ажурналист аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргарц азы арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ   Сергеи Шамба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, ажурналист иҩызцәа, иколлегацәа, хаҭала дыздыруаз зегьы.  

Алахьеиқәҵаратә митинг аҿы иқәгылеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу, ауаажәларратә усзуҩ Борис Наҟоԥиа, Аинформациатә Маҵзура «Интерфакс»  адиректор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Гәлиа,  ажурнал «Алашара» аредактор Хада Анатоли Лагәлаа.

Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу еизаз ирзеиҭеиҳәеит Витали Шариа иԥсҭазааратәи ирҿиаратәи  мҩа атәы.

«1975 шықәса инаркны Витали Шариа Аԥсны аус иуан – агазеҭ «Советская Абхазия» акорреспондентс, аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс. 1984 шықәсазы аамҭаказ - Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны алитературатә абжьгаҩс. 1991 шықәса цәыббрамза инаркны агазеҭ «Республика Абхазия» аредактор хада ихаҭыԥуаҩыс. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан афронт ажурналистс дыҟан.

Витали Шариа инапы иҵыҵыз аматериалқәа Аԥсны апериодикатә кьыԥхь аҿы мацара акәымкәа, уи анҭыҵгьы Асовет Еидгыла, анаҩс Урыстәыла апериодикатә кьыхь: ажурналақәа «Наш современник», «Юность», «Смена», «Свет», агазеҭқәа  «Комсомольская правда», «Правда», «Известия», «Литературная газета», «Независимая газета», уҳәа  рҿы ирнылон. 

1992-1993шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра азы аиаша аԥхьаҩцәа рызнагара хықәкыс иманы урыстәылатәи апресса аҿы ипублицистикатә қәгыларақәа рзы Аԥсны аинтеллигенциа Ассоциациа ахьӡала апремиа «Аибашьра ашықәсҩыра»  («Летопись войны»)  ианашьахеит.

Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь 1994 шықәсазы Витали Шариа иҭижьуа далагеит, 30 шықәса аредактор хадасгьы дыҟан есымчыбжь иҭыҵуаз, ихьыԥшым, ауаажәларра-политикатә газеҭ «Эхо Абхазии». Ари агазеҭ адаҟьақәа ирныло иалагеит Аԥсны иҟоу инарҭбаау ауаажәларратә гәаанагара.

Витали Шариа авторс дамоуп аҭоурых-публицистикатә шәҟәы «Абхазская трагедия».  Ашәҟәы аԥсуа-қырҭуатә еибашьра зыхҟьаз аҭҵаара иазкуп. Араҟа ианылеит аибашьра ахҭыс хадақәа», – ҳәа иазгәеиҭеит Вахтанг Абҳазоу.  –  Витали Шариа  50 шықәса иԥсҭазаара ашықәсқәа ажурналисттә усура иазикит.  Аԥсны аҵеи иаша-Витали Шариа игәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит».

Борис Наҟоԥия «Аԥсны аҵеи иаша, зус иазҟазаз ажурналист, ауаҩы бзиа Витали Шариа иԥсра шықәсырацәа инеиԥынкыланы дыздыруаз, аус ицызуаз, иҩызцәа рзы цәыӡ дууп ҳәа иазгәеиҭеит.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иусуратә ныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Мрагыларатәи Аԥсны Лабра  акыҭа аӡахәааӡарҭақәа дырҭааит.

«Аԥсны аҩқәеи  аӡқәеи» реилахәыра адиректор хада Николаи Ачба Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа анагӡашьа шымҩаԥысуа атәы.

Иазгәаҭатәуп, Аԥсни Урыстәылеи рнапхгара ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзораны урыстәылатәи аган алшара аԥнаҵеит урыстәылатәи абанкқәа аԥсуа усдкылаҩцәа рзы альготатә процент зыԥҵәа ала (6%) акредиттә ресурсқәа рзоужьразы.

Ишьақәырӷәӷәоу аинвестициатә проектқәа рахьтә ари апроект зынагӡара мҩаԥысуа апроектқәа ируакуп.

Никодаи Ачба излазгәеиҭо ала, азауад адгьылҵакыраҿы, аргылара лассы ихыркәшахараны иахьыҟоу аҭыԥ аҟны иҟалоит аресторан, акоттеџьқәа, Аԥсны аӡаахәаӡара аҭоурых иазку амузеи, апарк. 

Аҟәа. Ԥхынгәымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ААР ахада, афилологиатә наукақәа рдоктор Зураб Џьапуа дидикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Зураб Џьапуа идиныҳәалеит аа-томкны иҟоу Нарҭтәи аепос аҭыҵра. 

«Аҭҵаарадырратә усура аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы абызшәа, афольклор, Аԥсны аҭоурых реиқәырхараҟны инанагӡо  ароль дуӡӡоуп. 

Аҟәа. Ԥхынгәымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аԥыза-министр Андреи Назаров зхадарҿы дыҟаз аделегациа аԥсны-урыстәылатәи аҳәааҟны дырԥылеит. Авизит мҩаԥысуеит ԥхынгәымза 16 инаркны 17-нӡа.

Аофициалтә делегациа аилазаараҟны иҟоуп Башкорҭасҭан Ареспублика адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи  рминистр Маргарита Болычева, Башкорҭосҭан Ареспублика ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи рминистрра ахаҭарнак Олег Назаров, икоммерциатәым аиҿкаара «Башкорҭосҭан Ареспублика аинфраструктуратәи асоциалтә проектқәеи рынагӡара афонд» адиректор хада Андреи Стариков.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.