
pressadmin-2
Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Апарламент I ааԥхьара адепутат Альфред Какуев иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ачымазаара бааԥсы иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз Ареспублика Аԥсны Апарламент I ааԥхьара адепутат Альфред Леонид-иԥа Какуев иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.
А. Л. Какуев Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ҟалаанӡа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахь далхын. Уи ианакузаалакгьы активра злаз ауаажәларратәии аполитикатәи усзуҩны дыҟан. Иара хьаҳәхьачарада иаарԥшуаз итәылауаҩратә позициеи Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра аидеиа гәыкԥсыкала изнеишьеи ирыбзораны иуаажәлар рыҩныҵҟа акыр аҳаҭыри апатуи ирҳаит.
Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ҩынтәтәи ашәахтәқәҵара ацәцара азы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы Аԥсны Аҳәынҭқрра азакәан апроект Апарламент ашьақәырӷәӷәаразы ирыдыргаларц азыӡба рыдыркылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 11 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҟны имҩаԥысит Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилак аилатәара. Аилатәара мҩаԥигеит уи ахантәаҩы Барцыц Алхас.
Аилатәараҟны иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара ҩынтәтәи ашәахтәқәҵара ацәцареи ахашәалақәа рзы ашәахтәқәа рганахьала ашәахтәқәҵараҟнытә аҽыԥхьакра аԥырҟәҟәареи рзы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы» Аԥсны Аҳәынҭқрра азакәан апроект. Уи иаҵаҩын Аҟәа ақалақь аҟны 2024 шықәса лаҵарамза 7 рзы.
Азакәан апроект ахцәажәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҟны иҟоу Ахада ихаҭарнак Баҭал Аиба, аԥыза-министр, афинснқәа рминистр Владимир Делба, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Михаил Габелиа.
Аҟәа ақалақь аҿы иаатраны иҟоуп абызшәаҵаратә школ «Аихьӡара».
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашкол «АИХЬӠАРА» абар шьҭа иаарласны абызшәақәа рҵара зҭаху зегьы рзы ашәқәа аанартуеит.
Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа адунеи зегьы аҿы аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рҵара азнеишьақәа акыр аҽеиҭанакит. Раԥхьаӡа иргыланы, иарбоу амаҵзура ахкы адҵаалара акыр еиҳахеит, иҩбахаз – аҵара алшарақәа аҳәаақәа рыҽдырҭбааит – иахьа адгылара мҩаԥысуеит абызшәа аҵара иазку еиуеиԥшым аметодикақәа, изҭаху зегьы доусы ирнарло аформа алырхыр алшоит.
Аԥсны абызшәа аҵараҿы хазхаҭала азнеишьа азԥхьагәазҭо аҵара аметод ауааԥсыра акыр иазхьаԥшуеит.
Алеқсандр Анқәаб: Аԥсны амҩадуқәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа – ҳара зегьы иаҳхароуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ареспублика амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа дахцәажәеит.
«Ҳара амашьанақәа рыццакра агҳмырхар, усҟан агәырҩа есымша ҳаҩнқәа рҿы иҟалоит. Авариақәа реиҳарак зыхҟьо — амашьынақәа рырццакцәара, ижәны амашьына аԥсҟы акра, уҳәа егьырҭ амҩатә ԥҟарақәа реилагара ауп», - ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.
Уи Аԥснытәи амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы ахара зду ҳара зегьы ҳауп ҳәа иазгәеиҭеи
Абесалом Кәарҷиа Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала очамчыраа ақалақь Амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, ԥхынгәымза 13 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа Очамчыра ақалақь 2524 -шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
«Ҳара ҳҿаԥхьа хыдҵа хадас иқәгылоуп Очамчыра ақалақь аекономикатә потенциал дуӡӡа аартра», - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы. Уи Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала даԥхьеит Абесалом Кәарҷиа.
«Акыр ауадаҩрақәеи аԥышәарақәеи шәыхганы, ҳаҭыр зқәу очамчыраа, шәара есыҽны тәамҩахә ҟамҵа аусурала ишәылшәыршоит шәықалақь гәакьа аиҭашьақәыргылара, - ҳәа иҳәеит иара. Уи умбаргьы залшаӡом. Очамчыра ақалақь аҭеиҭыԥш есааира еиӷьхоит, ишәҭыкакаҷуеит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит уи азы!
Иахьа шәара шәазгәдууп шыԥшаҳәа, зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа агәабзиарачаԥарҭақәа, аҿиара иаҿу амшынтә баӷәаза, зыргылара иаҿу анаплак ҿыцқәа, уҳәа Очамчыра ауааԥсыреи асасцәеи рзы акыр иманшәаланы иҟазҵо зегьы рыла.
Ақалақь Амшныҳәа аҽны Очамчыра аԥсныти аҭыжьыҩцәа раалыҵ ахәаахәҭра-цәыргақәҵа мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақь Амшиира Очамчыра азгәаҭара иалагеит ақалақь аԥшаҳәа аҿы. Араҟа имҩаԥысуаз ахәаахәҭра-цәыргақәҵа аҿы ареспублика арегионқәа зегьы рҟынтәи анапҟазацәеи аҭыжьыҩцәеи еиқәшәеит.
Ицәыргақәҵахеит амҿы, аиха, уҳәа аматериалқәа ирылху еиуеиԥшым амаҭәарқәа, аҽырхиагақәа, асахьақәа, абзазараҿы рхы иадырхәо еиуеиԥшым амаҭәарқәа, уҳәа напыла иҟаҵоу егьырҭ аусумҭақәа. Ари ацәыргақәҵа адгылара арҭеит Очамчыра ақалақь иалҵыз еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа: Варис Тамеев, Асида Аҳәба, Беслан Воуба.
Очамчыра араион ақыҭақәа ахәҭакахьала раалыҵ цәырыргеит: аԥсуа чаи, ахшхарҵәи акәаци ирылху афатә аалыҵқәа, ахаа-мыхакәа, ашәыр, ацха, арыжәтәи ашәырӡқәеи.
Игәырӷьаху аныҳәа агәалаҟазаара еиҳагьы ишьҭнахуан ана-ара игоз амузыка абжьы – ансамбль «Ерцахә» артистцәа аԥсуа жәлар рашәақәа нарыгӡон. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи еибаныҳәон, аныҳәа аиҿкаара аганахьала ргәаанагарақәеи уи ирызцәынагаз рцәаныррақәеи еибырҳәон.
Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа асас даӷьқәа – Удмуртиеи Приднестровиеи рҟынтәи аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рхаҭарнакцәеи Очамчыра араион ақыҭақәа рҟынтәи ахаҭарнакцәеи еибаирдырит.
Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Оpen 2024» 13 шықәса зхыҵхьоу алахәылацәа рыбжьара аиааира згаз еилкаахеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Оpen 2024» аҩбатәи амш. Иахьа атурнир рхы аладырхәит 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа 40-ҩык инарзынаԥшуа ашахматистцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Кемаль Тос-оглы (ақ.Гагра), Софииа Кособокова (ақ.Красноиарск). Араӡнытә аԥхьахә ргеит Арсени Егоров (ақ.Пицунда), Полина Марченко (ақ. Аҟәа). Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Дамир Адлеиба (ақ. Аҟәа), Мирра Смыр (ақ. Афон Ҿыц).
Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адҵала Кәтол ақыҭаҟны астадион еиҭашьақәыргылахоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ахь иусуратә ныҟәараан Аҳәынҭқарра Ахада Кәтол ақыҭа даҭааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада аҳәыра зхиааз астадион дахәаԥшны ианиба ашьҭахь, уи аиҭашьақәыргыларазы аԥара шырзауижьуа атәы иҳәеит.
«Кәтолтәи ашьапылампыласратә клуб «Бзана» аспорттә еицлабрақәа зегьы раан алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит аҟнытә астадион бзиа амазарц ақәнагоуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа Кәтол ақыҭа Администрациа ахада Геннади Ҵулаиа аиҭашьақәыргыларатә аусурақәа рымҩаԥгаразы иаҭаху аԥаратә хархәагақәа ҽааны абиуџьет алаҵаразы апроект-харџьынҵатә документациа азирхиарц идиҵеит.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара иҷыдоу аҵараиурҭақәа ирылгаз даҽа 11-ҩык ацлеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа Рмнистрра Краснодартәи Ауниверситет аҿы алеитенантцәа роушьҭра мҩаԥысит. Сынтәа ари ауниверситет иоушьҭымҭацәахеит 493-ҩык, урҭ рахьынтә 11-ҩык Ареспублика Аԥсны аҟынтәи акурсантцәа роуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аныҳәатә церемониа даҭааит Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, аинрал-маиор Роберт Киут. Уи дицын уи ихаҭыԥуаҩ - амилициа аполковник Рашь Ҵәыџьба.
Амилициа алеитенант ҿарацәа Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Хара имгакәа аушьҭымҭацәа еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла рмаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара иалагоит.
Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәало, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут урҭ раԥхьаҟа ҭакԥхықәрала инарыгӡараны иҟоу Аԥсадгьыл амаҵзура иадҳәалоу аинтерес зҵоу иуадаҩу амҩа рзыԥшуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Иахьа Очамчыра ақалақь амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь иахьа 2524 шықәса ахыҵуеит.
Хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа азԥхьагәаҭоуп иахьа Очамчыра ақалақь аҿы. Аиҿкааҩцәа иалырхит аплошьадкақәа хԥа.
Актәи - ари аԥшаҳәа Хада ауп. Араҟа имҩаԥгахоит ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵеи Очамчыра араион аҿы инхо анапҟазацәа русумҭақәа рцәыргақәҵеи, анаҩс имҩаԥысуеит анардқәа рзы иаарту атурнир. Уи рхы аладырхәыр ҟалоит изҭаху зегьы.
Аҩбатәи алокациа – ари апарк Хада ауп. Араҟа асааҭ 16:00 инаркны 18:00 рҟынӡа ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа азԥхьагәаҭоуп. Апрограмма аҿы иҟоуп: бзиа ирбо алакәқәа, амультфильмқәа рфырхацәа рԥылара, аквестқәа, арлахҿыхратә қьаадтә шоу, афокусқәа, ашәахтә шоу, уҳәа убас ирацәаны.