АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 8:34

Афотосахьақәа ирынхалаз Владислав Арӡынба иԥсҭазаара.

Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80-шықәса аҵра иазкыз афотоцәыргақәҵа аатит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аԥсуа-драматә театр афоие аҿы.

Афотосахьақәа рҿы иаарԥшуп Владислав Арӡынба еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иԥсҭазаареи иусуреи аетапқәа – ихәыҷра, истудентра ашықәсқәа, Аҳәынҭқарра данахагыла ашықәсқәа. Ирацәоуп аԥсуа-қырҭуатә еиҿцәажәарақәа, мамзаргьы аҳәаанырцәтәи адипломатцәа рԥылара ртәы зҳәо аинтерес зҵоу афотосахьақәа. Афотосахьақәа рӷьырак равтор - Владимир Попов.

Ацәыргақәҵа иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, урыстәылатәи аполитикатәии аҳәынҭқарратәи аусзуҩ Сергеи Бабурин, В. Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергениа.

Ацәыргақәҵа еиҿкаахеит Аԥсны акультура Аминистрра ала. Ацәыргақәҵазы афотосахьақәа азоурыжьит В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеии С. Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи. 

 


Read 34 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.