
pressadmin-2
Санкт-Петербург агубернатор Аҟәа ақалақь ахадеи уи ауааԥсыреи ақалақь Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Санкт-Петербург агубернатор Алеқсандр Беглов Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ихьӡала Аҟәа ақалақь Амшныҳәа инамаданы адныҳәаларатә цҳамҭа ааишьҭит.
«Ажәытә қалақь Аҟәа, ашәышықәса рацәа зҵазкуа аҭоурых ду змоу, хәызмаӡам акультуратә ҭынхеи иуникалу аҭоурыхтә баҟақәеи зеиӷьаҟам аҳауа зҩыдеи рыла еицырдыруеит.
Ҳаҭыр зқәу Беслан Фиодор-иԥа! Шәара шәнапхгарала Аԥсны аҳҭнықлақь иахьа хра злоу аҿиарамҩа иануп, есааира иамоу аекономикатәи атуристтәи апотенциал арӷәӷәоит.
Санкт-Петербурги Аҟәеи иӷәӷәоу аиҩызаратәии аидгыларатәи еизыҟазаашьақәа рыдагьы ирзеиԥшу адоуҳатә идеалқәеи аҵакдурақәеи еиднакылоит, уи, жәаҳәарада, Санкт-Петербурги Аҟәеи рыбжьара аусеицуреи аимадареи рзы шьаҭа ӷәӷәаны иҟоуп», – ҳәа иаҳәоит Санкт-Петербург агубернатор иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.
Алеқсандр Беглов Аҟәа ахадеи уи ауааԥсыреи зегьы иаадырԥшуа асасдкылара бзиеи агәаартреи, Петербургынтәи арахь иаауа ауааи петербургтәи аофициалтә делегациақәеи ироуа адкылара бзиеи рзы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
Никита Лежьиа Урыстәыла аҵаҩцәа XII Рыспартакиада аҿы зхы иақәҭу аиқәԥара азы аџьазтә медал аиура даԥсахеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Никита Лежьиа Урыстәыла аҵаҩцәа XII Рыспартакиада аҿы 18 шықәса зхыҵуа рыбжьара зхы иақәҭу аиқәԥара азы аџьазтә медал аиура иҽаԥсеитәит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы. Аицлабрақәа мҩаԥысуан Красноиарск ақалақь аҿы. Атурнир рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа 50 субиект рҟынтәи ахаҭарнацәа.
Ҳара ҳаспортсмен 51 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылеит.
Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы аштатнҭыҵтәи арратә гәыԥқәа ЗУ-23-2 алархәны имҩаԥысуаз аизгарақәа хыркәшахеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахысырҭатә дәы «Ҵабал» аҿы Аԥсны Арбџьармчқәа аштатнҭыҵтәи аҵәҩанҵәхысгатәи ашьақәгылагақәа ЗУ-23-2 рыла имҩаԥыргоз арратә аизгарақәа хыркәшахеит. Аизгарақәа, азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра хықәыс иҟаҵаны, Аԥсны Арбџьамчқәа 2024 шықәсазы рырратә зыҟаҵара аплан инақәыршәаны имҩаԥысуан, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Фымз рыла аҳазалхратә шәатәқәа рыплан 135% рыла инагӡоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Фымз рыла аҳазалхратә шәатәқәа рыплан 135% рыла инагӡоуп.
Алеқсандр Анқәаб Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аиҳабы Рамин Габлаиа дидикылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рамин Габлаиа 2024 шықәса актәи азыбжа аҩныҵҟа Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура инанагӡаз аусура азы атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб адырра ииҭеит.
2024 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны рашәарамза 30 аҟынӡа Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтәи авиза аиуразы 5 773 арзаҳал, ареспублика ахь ааразы ааԥхьарақәа раиуразы азыҳәамҭақәа 8, аусраҭаҩцәа рҟынтәи 526 арзаҳал рыдыркылеит.
Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы рлегализациа мҩаԥгоуп (аҳәаанырцәтәи атәылауаа рҟынтәи аусуразы азин аршаҳаҭгақәеи апатентқәеи рыҭаразы ирыдыркылаз арзаҳалқәа) – 5 126, урҭ рахьынтә апатентқәа – 776, амиграциатә сиа иҭагалоуп – 8 561- ҩык.
Аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны аҳәынҭқарратә баџь ашәара мҩаԥган:
Аслан Бжьаниа Урыстәла Абанк ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Белов дидикылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Урыстәыла Абанк Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Белов дидикылеит. Аиԥылара иара убас ихы алаирхәит Арепублика Аԥсны Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Белан Бараҭелиа.
Аҳәынҭқарра Ахада аамҭа ԥшааны дахьидикылаз азы иҭабуп ахҳәааны, Урыстәыла Абанк Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Белов иаҵшьны иҳәеит аусеицура арҿиара дшазхиоу атәы.
Бжьаниеи Белови абанктә усхк аҟны актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Урыстәыла Абанк аделегациа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭаара ашьҭахь аусеицура еиҳа лыҵшәа аманы имҩаԥыслоит ҳәа игәы ишаанаго.
Уи иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыла Аԥсны афинанстә системаҟны аиҭакра бзиақәа шыҟалаз.
Ԥхынгәымза 4, 1993 шықәса рзы Аҳбҩық ашьха аҿы иҭахаз абаталион «Горец» аибашьцәа ҳаҭырла иргәаладышәеит Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 4, 1993 шықәса рзы Аҳбҩық ашьха аҿы иҭахаз абаталион «Горец» аибашьцәа ҳаҭырла иргәаладышәеит Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы.
1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацремониа рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи.
___
Аԥсны 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых адаҟьақәа рыҟны арыцхә ԥхынгәымза 4, 1993 шықәса ишьаарҵәыроу, илахьеиқәҵагоу мышны иаанхоит.
Ԥхынгәы 4, 1993 шықәсазы ԥхынгәымзатәи ажәылараан абаталион абаталион «Горец» Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааиразы акырзҵанакуаз адҵа нанагӡон. Аԥсны аҳҭнықалақь Қырҭтәылатәи Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иазкыз ԥхынгәымзатәи ажәылара ԥхынгәымза 2 инаркны ԥхынгәымза 9 аҟынӡа имҩаԥысуан.
Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра – 18 шықәса ахыҵит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 4 рзы Аԥсны Аиқәырхаратә маҵзура аԥҵара ҟалеижьҭеи 18 ҵуеит.
Ԥхынгәымза 4, 2006 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь Иусԥҟала Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Русбарҭа аԥҵан. Ԥхнгәымза, 2014 шықәса рзы Аусбарҭа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ҳәа аиҭарҿиара ҟалеит.
Ари агәырӷтаратә рыцхә иазкны аминистрцәа Реилазаара аизарақәа рзал аҿы аныҳәатә еизара мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩцәа Зураб Қаџьаи Адгәыр Ашәбеи, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, атәыла Анапхгара алахәылацәа.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы ахәыҷбаҳчақәа рыҟны аԥсуа бызшәа дырҵара азы ҳаамҭазтәи аметодикақәа рхархәара иалацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпрсс. Аҳәынҭқарра Ахада ахәыҷбаҳчақәа рыҟны аԥсуа бызшәа дырҵара азҵаара инамаданы аилацәажәара мҩаԥигеит. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аҵара аминистрра анапхгара, ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҵара аҟәшақәа, Апедагогика аинститут аусзуҩцәа.
Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, амшхәаԥштә аҿы иқәгылан ахәыҷбаҳчақәа рыҟны аԥсуа бызшәа дырҵаразы ҳаамҭазтәи аметодикақәа рхархәара иазкыз азҵаарақәа.
Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа Аҳәынҭқарра Ахада ахәыҷбаҳчақәа рзы Аҵара аминистрреи Апедагогика Аинститут аспециалистцәеи иеицаздырхиаз абызшәатә программазы адырра илҭеит.
«Иара азырхиан ҩышықәса раԥхьа, апробациагьы азуын Гәдоуҭатәии Гәылрыԥшьтәии араионқәа рхәыҷбаҳчақәа рҿы. Хра злоу алҵшәақәагьы ыҟоуп. Ԥасатәи апрограмма ажәит аҟнытә аҿыц алагалазар ҟалоит», - ҳәа иазгәалҭеит лара.
Афонҿыцтәи аҳаԥы – 49 шықәса ахыҵит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Сынтәа Аԥсны зегь реиҳа бзиа ирбо аҭыԥ ԥшӡарақәа ируаку Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы ашәқәа аартуижьҭеи 49 шықәса ҵуеит. Ари ахҭыс ҟалеит 1975 шықәса рзы.
Ари аҳаԥы Анаҟәаԥиа ашьха аҩныҵҟа иҟоу ауп. Араҟа инхоз аҭыԥантәи ауааԥсыра ари атыша ду рбахьан, акыраамҭагьы уи иазҿлымҳан, аха уахь аҭалара аӡәгьы изыгәаӷьуамызт. Афон ҿыц инхоз арԥыс Гиви Смыр иоуп раԥхьаӡа акәны уахь иҭалаз, аха аҵанӡа иҷыдоу амаҭәахәқәа имамкәа дзымнаӡеит. Уи 1961 шықәса рзы ауп аспелеологцәа ицырхырааны алыбаара анилша. Убас иҟалеит ари иџьашьаху адгьылаҵантәи аҳҭынра аартра.
Ԥхынгәымза 4, 1975 шықәса рзы Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи аҭаартә еиԥш алшара ҟалеит. Афонҿыцтәи акарсттә ҳаԥы - адунеи аҟны иреиҳау аҳаԥқәа иреиуоуп. Ари ауникалра злоу акомплекс беиоуп убла хызкуа еиуеиԥшым адгьылаҵантәи аӡиақәа, цәыкәбарла иҟалаз аминералқәа – аҳашҳакнаҳақәа, аҳашҳашьаҟақәа, асталагнатқәа, иара убас ишәыз аӡхыҽҽақәа, уҳәа убас ирацәаны. Иҷыдоу аҭагылазаашьа аԥнаҵоит араҟа иҟоу аҵарԥхара — ишкәакәоу, иҟаԥшьу алампақәа аҳаԥы аҩныҵҟа оумашәа иҟанаҵоит, аҭааҩцәа иџьашьаху, узыршанхо адгьылаҵантәи аҳҭынра аҿы инанагазшәа иҟалоит.