Ақыҭауаа Гериа Адгәыри Асланӡиа Алиаси 2019 шықәсазы ачаитә плантациақәа қьырала аҳәынҭқарраҟны иганы, анаплакы «Екочаи» аԥырҵеит. Раԥхьа х-гектарк рыла иалагеит.
Актәи аҽаҩра роуит 2023 шықәсазы. Аҳәынҭқарраҟнытә ироуыз ацхыраарала анаплакҩцәа амаҭәахә ҷыда аархәеит, аарыхра иазырҳаны, ахаҭабзиара аиӷьтәра алдыршеит.
Ачаиаарыхҩцәа Ахада аплантациақәа идырбеит, анаплакы аусура атәы изеиҭарҳәеит, аарыхра амҽхак арҭбаара азԥхьагәаҭаны ишрымоу атәы рҳәеит.
Анаплакы аспециалистцәа атәыла анапхгара ачаи агьама ддырбеит.
Гәынба Бадра иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аҭыԥантәи аарыхра адгылара аҭара хықәкыс ишамоу. Ахада Аԥыза-министр Владимир Делба инапы ианиҵеит анаплакы «Еко-чаи» максималла ацхыраара аҭара ихиоу аалыҵ аҭиразы, иара убас аҳәынҭқарразгьы.