Аудиошәҟәы «Аԥсны Афырхацәа». Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ианылеит Ареспублика Аԥсны иалҵыз, 1941-1945 шш. рзы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа зхы алазырхәыз, урҭ афашизм аҿагылара аҿы рлагала атәы зҳәо ажәабжьқәа.
«Аудиошәҟәы зызку раԥхьаӡа иргыланы Аԥсны еиҵагыло абиԥара роуп, уи онлаин режим ала асаит аҿи Ахеилак аофициалтә даҟьақәеи, иара убас амобилтә ҭел, апланшет, ала амашьына аҿы, мамзаргьы аҩны, аҭаацәа рыгәҭа уазыӡырҩыр алшоит», — ҳәа иазгәеиҭеит Роман Риазанцев.
Аудиошәҟәы аиқәыршәараан Урыстәыла асоциалтә программақәа рзы Амилаҭтә фонд ала Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра архив аматериалқәа рыла мҽхакы ҭбаала аҭҵааратә усура мҩаԥган.
55 нызықьҩык инареиҳаны Аԥсны атәылауаа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа афронтқәа рҿы еибашьуан. 17 нызықьҩык инареиҳаны аибашьра адәы аҟынтәи изыхнымҳәит. 23-ҩык Ареспублика Аԥсны атәылауаа «Асовет Еидгыла Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵан.