Уарлам Алықьса-иԥа Габлиа (абҵарамза 12, 1902 шықәса — ԥхывнҷкәынмза 28, 1982 шықәса) — 2-тәи Украинатәи афронт 46-тәи ар 83-тәи амшынтә хысратә бригада, 144-тәи амшынтә аршьаҟа абаталион аминаршәгатә хәҭа акомандаҟаҵаҩыс дыҟан. Деибашьуан Аладатәи, Аҩада-Кавказтәи, Кавказнҭыҵтәи, ҩаԥхьа Аҩада-Кавказтәи, 4-тәии 3-тәии Украинатәи афронтқәа рҿы. Асовет Еидгыла Афырхаҵа (1946 ш.).
Хәажәкырамза, 1945 шықәса рзы ақалақь Естерг (Венгриа) уахьналало ԥшьымши-ԥшьыҵхи абригада ихадоу амчқәа рыцхыраарада абаталион аилазаараҿы аидыслара далахәын. Аминаршәгацәа усҟан индырҵәеит ирацәаны аӷа иеибашьцәа. Иара ӷәӷәала дырхәит, аха аибашьра адәы аанимыжьӡеит.
Арратә маҵзура аҟынтәи ихы дақәиҭхеит рашәарамза, 1945 шықәса рзы. Уи ашьҭахь дынхон Очамчыра ақалақь аҿы.