Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аиҳабы, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал - полковник Владимир Савченко, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Нодар Аҩӡбеи Давид Бжьаниеи.
Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны лаҵарамза 8 рзы имҩаԥысуеит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр Андреи Белоусови реиԥылара. Аиԥылараҿы ирылацәажәараны иҟоуп арра-политикатә ҟазшьа змоу аҵаарақәа, арра-техникатә усеицура, иара убас Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи атәылахьчаратә усбарҭақәа русеицура иадҳәалоу азҵаарақәа.
Лаҵарамза 9 рзы Аԥсны атәылахьчара ахылаԥшырҭа Хада аделегациа 1941 – 1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазку Апарад иалахәхоит.