АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 17:35

Аибашьра аветеран Ипполит Гаделиа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра идырныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Ипполит Михаил-иԥа Гаделиа Аиааира Амш  80-шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр ду зқәу Ипполит Михаил-иԥа! Ишәыдысныҳәалоит Аиааира Дуӡӡа Амшныҳәа! Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аԥсуа ишықәснҵыра ду!

Шәара акыр ауадаҩрақәа шәхыжәгеит, шәыхгьы шәамеигӡеит аԥсадгьыли уаҵәтәи аԥеиԥши рыхьчара азы. Аӷа хәымга шәиҿагыланы хацәнымырха ишәыхьчеит Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иаҳзышәыхьчаз аҭынчра азы! Шҿаԥхьа ҳхырхәоит!», – ҳәа иҳәеит Демир Гамисониа.

Ишеилкаахаз ала, ааигәа аветеран иҩны амца акит. Аҩны еиҭашьақәыргылан, аха инагӡамкәа.

Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы аветеран ажәа ииҭеит хара имгакәа Аусбарҭа ахарџь ала аветеран иҩны аԥенџьыр ҿыцқәа шаҵарҵо. 

 

 


Read 136 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.