Ашәҟәыҩҩы Владимир Занҭариа цәыббрамза 3, 1992 шықәса рзы Москва, «Президент-Отель» аҿы имҩаԥысыз х-ганктәи аиԥылара аҿы Владислав Арӡынба Борис Ельцини Едуард Шеварнаӡеи иареи ирыбжьаз даараӡа иуадаҩыз аполитикатә еиҿагылара аҭагылазаашьақәа рҿы даҵамхакәа Аԥсны астатус ахьчара алзыршаз аихшьаалатә усшәҟәы атекст акоррекциа амҩаԥгара шилширшаз атәы еиҭеиҳәеит.
Агазеҭ «Аԥсны» ианылеит Владислав Арӡынба ибиографиа, иара убас Рауль Лашәриа, Геннади Аламиа, Алеқсандр Крылов, Шараф Абаза, Октаи Ҷкоту, Маҳамед Кьылба, уҳәа реиԥш иҟоу аҵарауаа, ажурналистцәа, ауаажәлларатә усзуҩцәеи аруааи, арепатриантцәеи ргәалашәарақәа.
Аԥхьаҩцәа иаԥхьар рылшоит Аԥсны жәлар Рџьынџьылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш хә-шықәса ахыҵра иазку Владислв Арӡынба иқәгылара ацыԥҵәахақәа.
Икьыԥхьуп иара убас Аԥсны Раԥхьатәи Ахада игәалашәарақәа знылаз ашәҟәы «Сара сыԥсҭазаара («Моя жизнь») ацыԥҵәахақәа. Ажурналист Борис Каџьаа «Афырхаҵареи агәыӷрақәеи раамҭа»ҳәа («Время мужества и надежд») хыс иаманы Владислав Арӡынба изкны аматерилқәа рацәаны реизга еиқәиршәеит.