Абиуст шьақәыргылан абаҟа аҟаҵаразы аԥара еизызгаз ақыҭауаа рыԥшьгарала. Афинанстә цхыраара иара убас иҟанаҵеит Муса Еқьзеқь Ифонд.
вчера 0:24
Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибиуст Жәандәрыԥшь ақыҭан ишьақәдыргылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәандәрыԥшь ақыҭан ишьақәдыргылеит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибиуст. Аскульптор – Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Витали Џьениа. Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Владислав Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, ақыҭақәа рхадацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.