1989 шықәсазы ҳтәылаҿы аԥсуааи ақырҭқәеи ретнополитикатә еиҿагылара акырӡа иӷәӷәахеит. Аԥсуа жәлра даҽа аамҭанык еиԥшымкәа аинформациатә, аполитикатә цхыраара рҭахын, избан акәзар Қырҭтәыла анапхгара ирылшоз зегь ҟарҵон аԥсуааи ақырҭқәеи ҭоурыхла, зинеилагарала иаауа реиҿагылара амзызқәаҵәҟьа рҵәахырц.
Абарҭ ахҭысқәа анымҩаԥысуаз аамҭазы Владислав Арӡынба далырхуеит Асоветә Социалтә Республикақәа Реидгыла Жәлар рдепутатс, иара убас далырхуеит Асоветә Социалтә Республикақәа Реидгыла Иреиҳаӡоу Асовет адепутатсгьы. Хара имгакәа дҟалоит далырхуеит Асоветә Социалтә Республикақәа Реидгыла Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум алахәылас, анаҩс автономтә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарратә, рзинтә статус азы акомиссиа маҷ ахантәаҩыс.
Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхуеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны далагоит аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак дахагыланы уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.
Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993шш.) ажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ԥхьагылаҩыс дҟалеит, напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә хеилак, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа Рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан.
Цәыббрамза, 1993 шықәса рзы иара инапхгарала аԥсуа жәлар Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиааира агара рылшеит, ақәылаҩ ареспублика аҟынтәи далцан.
Аибашьра анеилга ашьҭахь В. Арӡынба иҳәоит: «Зегь реиҳа ихлымӡааху ҳашьҭахьҟа инхеит, зегь реиҳа иуадаҩу – ҳаҧхьаҟа ишьҭоуп». Аҭынч ҧсҭазаара аргылара иазкын арҭ иажәақәа, ҳажәлар зегь, ҳԥызагьы аԥхьа днаргыланы, рымч-рылша зегь зҭаххаз, имариамыз аргылара, аиҭашьақәыргылара аус.
Абҵарамза 26, 1994 шықәса рзы В. Арӡынба далырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы жәлары зегьы рыбжьыҭирала ҩынтәны деиҭалырхуеит.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба Аԥсны аполитикатә ԥсҭазаараҿы дцәырҵит ҳҭоурых аҿы реиҳа ихьанҭаз аамҭақәа раан. Иара атәыла ахадас дҟалеит, политикала мацара акәымкәа, доуҳалагьы ижәлар аԥызара рызуа. Аԥсны азинқәа рыхьчареи уи ахақәиҭразы ақәԥареи – иԥсҭазаара зегьы зқәиҵаз уалԥшьас дазнеит. Владислава Арӡынба изааигәаз ауаа лассы-лассы иазгәарҭалон, иара аполитикахь иааира хатәгәаԥхарала ишыҟамлаз. Анаҩс иаргьы ииҳәалон аинститут аҿы иусура шыгәхьааигоз, аҭҵаарадырра азыхынҳәра дшазгәышьуаз атәы. Аха ианаҭахха аамҭазы Владислав иоуп аԥсуаа рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылара аҭаны, шәышықәсалатәи ҳажәлар ргәаҳәа – ахақәиҭреи ахьыԥшымреи риоура – наӡартә иҟазҵаз.
Владислав Арӡынба атәыла дахагыланаҵ Аԥсны имҩаԥган акрызҵазкуа аусқәа. Хаҭалагьы, 1925 шықәсазтәи Аԥсны Аконституциа аиҭашьақәыргылара, аԥсуа ар аԥҵара, Атәылахьҷара аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ҳџьынџьуаа рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы уҳәа раԥҵара, иара убас аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа рыргьежьра.
В. Арӡынба атәыла ахада иаҳасабала дзыхьӡаз зегь реиҳа аҵакы змоу аусқәа иреиуоуп: ақырҭуа-аԥԥсуа еибашьра аполитикатә ҭышәныртәаларазы ашьаҿақәа ралхра иазку ааҧхьара анапаҵаҩра; Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәааҿы (аиҿагылара ацәаҳәала) Урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчрақәа рыргылара; Аԥсныи егьырҭ аҳәаанырҵәтәи атәылақәа жәпаки рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа рыдкылара; урҭ атәылақәа рҿы Аԥсны ахаҭарнакрақәа раартра; Ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ҿыци, Агерби, абираҟи, агимни рыдкылара; Аҳәынҭқарратә дгылара роуит аԥсуа культура, амилаҭтә кьыԥхь, ателехәаԥшра, арадио, аԥсуа бызшәа Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәаны азхаҵара; Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵара.
1999 шықәсазы Аԥсны ауаажәлар атәылаҿы амчра змоу Аконституциа ишазыҟоу азы ареферендум мҩаԥысит, иара убас «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы» Акт адкыларазы.
Ҳажәлар адунеи аҟны иҟанаҵ, аиашеи аҵабырги ыҟанаҵ ихьӡ кашәара ақәӡам 20-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы ҿыцла Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭа зкыз, аԥсуа жәлар фырхацәоуп ҳәа адунеи зегьы ирҳәартә иҟазҵаз Владислав Арӡынба.
2004 шықәсазы Владислав Арӡынба атәыла ахада имаҵура аанижьит ичымазара иахҟьаны.
Ажәлар рыгәрагаҩы, зышьҭа ӷәӷәала аԥсуа ҭоурых ианызҵаз, зыжәлар рзы зхы, згәабзиара иамеигӡаз Владислав Арӡынба иоуз ачымазара иахҟьаны, уи дзазымиааикәа иԥсҭазаара иԥсҭазаара далҵит Москва 2010 хәажәкыра 4 рзы, 65 шықәса дшырҭагылаз. Уи даара итрагедиа духеит аԥсуа жәлар рзы. Усҟан аԥсуа жәлар зегьы еицҵәыуон, аԥсабарагьы рыцҵәыуон, адгьыл џьабон, зықьҩыла Аԥсны ауааԥсыра рԥыза иԥсыбаҩ аԥыларазыҳәаны еизеит. Иара иҿаҭахьала, анышә дамардеит дахьиз дахьааӡаз Ешыра ақыҭан, аибашьраан Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәа злацоз азааигәара иԥсадгьыл аҵеицәа рааигәара. Дҳацәцеит наӡаӡа уи аҽны зқьышықәсала знык ииуа аԥыза. Дҳацәцеит Владислав, аха уи ихьӡ, игәалашәара, илшамҭақәа иахьатәи абиԥарақәеи ԥхьаҟа игылараны иҟоугьы ашәышықәсақәа иргәылганы иргалоит.
Владислав Арӡынба еицырдыруа ҵарауаҩын, профессорын, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа дакадемикын (1997ш.), Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа далахәылан. Ианашьан В. И. Вернадски ихьӡ зху апремиа, Жәларбжьаратәи Кандуровтәи апремиа. Хәы змаӡам иџьабаақәа ҳаҭыр рықәҵаны, Владислав Арӡынба ихҵан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" актәи аҩаӡара (2002ш.).
Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада ихьӡ рыхҵоуп Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амҩадуқәа руак, иара убас Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа».
Аамҭа ӡырҩаш иқәнаӡәӡәаауеит ахьӡқәа, ауаа, ахҭысқәа, хҭысла иҭәыз ашықәсқәеи ажәашықәсақәеи. Аха иҟоуп ауаа, ахааназ агәқәа ирҭыҵәаран иҟам, агәалашәарақәа ирыцу. Асеиԥш иҟоу дреиуоуп Владислав Григори-иԥа Арӡынба – аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагыла, Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада.