АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза  17, 2024 шықәа. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада идҵала, жәларбжьаратәи атранспотрттә бжьысырҭа арҿиаразы аргылара мҩаԥысуеит Очамчыратәи аконтеинертә терминал. Аҳәынҭқарра Ахада мрагыларатәи ареигионқәа рыҟны иусуратә ныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ари аобиект аҟны аргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ даҭааит.

Аргылара мҩаԥысуеит ҷыдалатәи зинла акредит аҭаразы аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.

Аилазаара «Атрансекосистема» адиректор хада Саид Амҷбеи уи ихаҭыԥуаҩ Октаи Хазириши аҭыԥ ддырбеит, ирзеиҭарҳәеит аусура шымҩаԥысуеи апроект аԥхьаҟа аҿиареи ртәы

Саид Амҷба Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи анапхгареи иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз адгыларазы. «Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳазҭагылоу аамҭазы абизнес аҿиаразы ҷыдалатәи зинла иҳашәҭаз алшаразы. Акредит азыԥҵәа иартәоит 6%, уи акырӡа еиҵоуп Урыстәылатәи Абанк Хада афинансзоужьра апроценти (16) ашықәстә инфлиациа ашәага-загақәеи раасҭа. Уи аҭагылазаашьа бзиа аԥнаҵоит апроект дуқәа рынагӡаразы инеиҵыху аҿҳәара рыҭаны», - иҳәеит иара.

Атерминал 250 м. аҵанакуеит, аҭбаара 500 м. аихамҩатә мҩақәа рыла еиқәыршәоуп, иара убас авагонқәа аидара рықәхразы аҭагылазаашьа аԥҵоуп. Аҭыԥ аҟны иаԥҵахоит аконтеинерқәа рақәхреи рыҵәахырҭақәеи, иааидкыланы зныкала 1200 контеинер рҭыԥ ыҟоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» ХII есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит. Араҟа 2023 шықәсазы имҩаԥгаз аусуразы аҳасабырба ҟаҵан.

Афонд аусзуҩцәа инарҭбааны еиҭарҳәеит аиҿкаара аусура аихшьаалақәа ртәы. Аусмҩаԥгатә аҿы иара убас ҷыдала уи иазырхиаз афонд аусура иазкыз аҳасабрбатә фильм дырбан.

Аиԥылара алагамҭазы еиҿкааз «Иҷыдоу ауаа» ҳәа хыс измаз афотоцәыргақәҵа абзиаҟаҵаҩцәа «Ашана» ихадоу ауаа – уи ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу еиҳа иааигәаны рабадырразы алшара роуит.

Аусмҩаԥгатә даҭааит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба.

Иҟаҵаз аҳасабырба инақәыршәаны, Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана»  2023 шықәсазы  60-ҩык  рыхәшәтәразы 70 курс ахәԥса ашәеит, имҩаԥган 22 агәыҳалалратә акциақәа.

Афонд ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы 12 349 418 мааҭ еизнагеит, урҭ рахьынтә: аиуристтә хаҿқәа рҟынтәи иааит - 2 053 454 мааҭ, хазхаҭалаитәи ахаҿқәа рҟынтәи  - 8 856 021 мааҭ.

Аԥаратә хархәагақәа рхыԥхьаӡаларазы ахархәара роуит: аԥараҭра «А-Мобаил» - 92 147 мааҭ, SMS-цҳамҭақәа рыла - 58 314 мааҭ, «Аҟәафон» SMS-цҳамҭақәа рыла - 235 717 мааҭ, амобилтә цҵа Tooba - 540 146 мааҭ, «Ақьиара Аизакырҭа» («Копилка Добра») - 934 764 мааҭ.

Агәыҳалалратә акциа «Иԥшӡоу амашьына адыргақәа» амҩаԥгарала еизгахеит - 3 906 000 мааҭ. Акциа «Ақьиара аурок» еизнагеит 740 363 мааҭ.

Аԥаратә хархәагақәа реизгара мҩаԥысуан иара убас егьырҭ Афонд аинформациатә партниорцәа рыплошьадкақәа рҿы. Урҭ ириуоуп: «Гәдоуҭа-ТВ», «Гагра-ТВ», аҳәынҭқарратә газеҭ «Республика Абхазия», агазеҭ «Аҟәа-Сухум», агазеҭ «Эхо Абхазии», агазеҭ «Чегемская правда», агазеҭ «Гал», Аҳәынҭқарратә Информациатә Маҵзура «Аԥсныпресс», Аилазаара «Aбхаз Авто», аӡырга-информациатә Усбарҭа «Звуковая реклама на рынке» , уҳәа убас егьырҭгьы.

Афонд административ-нхамҩатә усура мҩаԥнагон аԥҵаҩы Беслан Шьакаиа, апартниорцәа, абзиаҟаҵаҩцәа рхарџь ала. Урҭ иреиуоуп Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Премиум», адәқьан «KHARZAMAN», ауарашршратә зауад «Аҟәатәи», Акоммерциатә Банк «Гарант-Банк», Акоммерциатә Банк  «Аҟәа-банк» («Сухум-банк»), Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Госстандартстрой», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Градстрой», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Система», аконцелиартә маҭәахәқәа рыдәқьан «Школьный двор», Аӡырга-полиграфиатә Маҵзура «Авантаж», иара убас Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Руад-групп», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Лидер», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Амцабз», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Апсны-Мед», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Саламандра», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Абхаз-Мед», адәқьан «Чайка», Хазхаҭалатәи Аусдкылаҩ Ҭаркьыл, Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Триада» , уҳәа убас егьырҭгьы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы ишьақәырӷәӷәоуп 2024-2026 шықәсазтәи «Аԥсшәадырреи кавказдырреи рактуалтә зҵаарақәа рыӡбаразы» хықәкылатәи аҭҵаарадырра-техникатә программа.

Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны, апрограмма анаукатәи аҵарадырратәи ахыдҵақәа ркомплекс амҽханакуеит.

Убас, аусдҵа хадақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:

  • инарҭбааны Аԥсны аҭоурых аҩразы ахыҵхырҭаҭҵааратә база аԥҵара иазкны Аԥсны аҭоурых аконцепциа аԥҵареи аҭыжьреи;

 

 

  • Аԥсны еиуеиԥшым аамҭақәа ирыҵаркуа аҭоурых азы арҵагашәҟәқәа рышьақәыргылареи рҭыжьреи;
  • антикатә аамҭахәҭа инаркны Аԥсны аҭоурыхи аԥсуа жәлар рдоуҳатә ҭынхеи рзы еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ахыҵхырҭақа рыԥшаареи адәныҟатә материал аизгареи ралыршара;
  • Аԥсуа бызшәа алексикатә фонд Амилаҭтә иԥхьаӡацу акорпус аԥҵара;
  • Аԥсышәала иҭыжьыз акьыԥхьтә материалқәа зегьы рыԥхьаӡацыркреи, анаҩс урҭ анаукатәи ауаажәларра-хархәаратә еикәыршара ахь ралагалареи ;
  • аԥсуаа итрадициатәу рҿырҳәалатәии рлаԥшылатәии акультурақәа рматериалқәа разырхиареи рҭыжьреи: аекспедициатә усурақәа рымҩаԥгара, аудио-видео нҵамҭақәа рҵакы аартра, афольклор аиқәыршәара аиҿкаареи аҭыжьреи.
Аԥшьаша, 11 Ԥхынгәы 2024 14:43

Гал араион ахатә символ аиуоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион аҿы амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс иахҟьаны еилабгахьаз астела  амыцхәрас араион иасимвоны иҟалараны иҟоу иҿыцу ақалақь уахьалало ахыргьагьа аргылара иалагеит.

Гал араион ахада Константин Ԥлиа иаԥшьгарала араионтә Еизара аҿы Гал ақалақь уахьналало аҭыԥ аҿы уаанӡа игылаз, аха амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс иахҟьаны ааха ӷәӷәа зауз астела ацымхәрас иҿыцу аргыларазы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

«Уажәы абетонтәии аҩычаратәи аусурақәа мҩаԥысуеит, агранит ала ачаԥарагьы уахь иналаҵаны.  Ахыргьагьа ҿыц аура 7,8 метра, аҭбаара – 19 метра, агәашьақәа рыбжьазаара – 16 метра рҟынӡа инаӡалоит. Ари  ахыргьагьа аҿы ишьақәыргылахоит алашара зқәырԥхо ақалақь ахьӡ злашьақәгылоу анбанқәеи агерби, «Бзиала шәаабеит!» ҳәа аԥсышәала иҩу ааԥхьареи», – ҳәа еиҭеиҳәеит Гал араион Ахадара анхамҩа аҟәша аиҳабы Џьамал Бакраӡе.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба зтехнологиатә ҩаӡара ҳараку ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәагақәа ахьышьақәыргылаз Аԥсны  Амилаҭтә акьыбачымазаратә Центр даҭааит.  

Едуард Быҭәба араҟа ишьақәыргылаз аиқәыршәагақәа ргәаҭара далагаанӡа ахәышәтәырҭа аҳақьым Хада Нарҭ Гамгьиа автомашьына ҿыц – аминивен Hondа ацыԥхақәа инапы иаиркит. Ари амаҵзуратә машьына аахәан Аҳәынҭқарра Ахада Ирезервтә Фонд аԥаратә хархәагақәа рыла. 700 нызықь мааҭ иркуа  автомашьына ацентр алогистикатә ҭаххрақәа зегьы ирықәшәоит.

«Амаҵзуратә машьына ҳара ахаангьы иҳамаӡамызт, уи аусуразы акыр ихәарҭоуп. Аибашьрашьҭахьтәи аамҭа азы алогистика зегьы ҳара ҳхатәы машьынақәа рыла инагӡахон, уи зынӡа иманшәалаӡамызт. Шьҭарнахыс ари апроблема анапхгара иҟанаҵаз адгылара иабзоураны  иӡбахеит», - ҳәа иҳәеит  Нарҭ Гамгьиа.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым Хада агәабзиарахьчара аминистр иаахәаз аиқәыршәагақәа рыла инагӡаны аендоскопиатә ԥҟарҭа аиқәыршәара алыршахеит ҳәа адырра иҭеит.

«Аендоскопиатә ԥҟарҭа уаанӡа иаахәаз зтехнологиатә лшарақәа рыҩаӡара ҳараку ахархәагақәа рыла еиқәыршәоуп: алапароскопиатәии аторакоскопиатәии ԥҟарақәа ахьымҩаԥыргаша аендоскопиатә қәҵарҭа, аенергетикатә платформа, ахырхарҭарацәалатәи аԥҟарҭатә стол, ашәшьыра ҟазымҵо алампақәа, ачымазҩы дзырԥхо асистемақәа, арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭарсра азы ҳаамҭазтәи аппаратқәа (ИВЛ)», - ҳәа иҳәеит Нарҭ Гамгьиа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ,  аекономика аминистр Кристина Озгани «Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи Ареспублика Аԥсны Анапхгареи ирыбжьарҵахьаз атауарқәа рыла ахәаахәҭразы арежим азы Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит.

Аусшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥган Грозныи ақалақь аҿы имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә Форум аплошьадка аҿы.

Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иарбоу Аусшәҟәы  Урыстәылантәи ареспубликахь иаарго афатәаалыҵтә тауарқәа, аргыларатә маҭәахәқәа рыхәқәҵара азҵаараҿы Аԥсны азы еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 15 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа, Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа алархәны инарҭбааз аилатәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылара иалахәын, иара убас Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-аминистр Анқәаб Алеқсандр, Жәлар Реизара Аиҳабы Ашәба Лаша, Аконстиуциатә ӡбара ахантәаҩы Диана Ԥлиа, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Аҳәынҭқарра Ахада Иубарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Иреиҳаӡоу Аӡбара Ахантәаҩы Саида Быҭәба, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа  анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, аиҳабыра алахәылацәа, амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа.

Амшхәаԥштә аҟны иқәгылан «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект алацәажәара. Адепутатцәа  Герман Қарчаа, Беслан Емырхәба, Алмас Акаба Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҟны ашәҟәы иҭаргалаз ари азакәанапроект хықәкыс иамоуп Аԥсны мрагыларатәи арегионқәа рыҟны асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа Асахьаркыратә гимнастика Урыстәылазегьтәи афедерациа апрезидент, асахьаркыратә гимнастика азы еизгоу Урыстәыла азыҟаҵаҩ хада, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Ирина Винер  дидикылеит.

Асас аԥсшәа лаҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Ирина Венер Урыстәыла  еиԥш Аԥсынтәылагьы дшеицырдыруа. «Шәара шәырдыруеит еизҳауа абиԥарақәа рыҿиара аус аҟны аҵак ду змоу шәлагаламҭазы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 15 рзы адепутат Беслан Ҳалуашь ихантәаҩрала имҩаԥысит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара. Аилатәара рхы аладырхәит Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Изинмчы змоу Ахаҭарнак Баҭал Аиба, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Михаил Габелиа.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Изинмчы змоу Ахаҭарнак Баҭал Аиба.

Аилатәара иалахәыз имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара асубиектқәа ирықәу ашәахтә қәыӷәӷәара армаҷреи ашәахтәқәҵареи аҳасабырба аҟаҵареи  ирыдҳәалоу апроцедурақәа рырмариареи азԥхьагәазҭо «Ирмариоу ашәахтәқәҵаратә система азы» азакәан апроект иахәаԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофицалтә саит.

Азакәан апроект авторцәа ргәаанагарала, уи ахықәкы хаданы иҟоуп ареспублика аҿы имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара асубиектқәа рыҿиаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара.

Адепутатцәа ахшыҩзышьҭра аҭаны аиҭакрақәеи ацҵақәеи реихшанҵа (атаблица) иарбоу ирыдгалаз азакәан апроект ахь аиҭакрақәа ирыхәаԥшит, иалацәажәеит, анаҩс уи иааиуа Апарламент асессиа аилатәара аҿы аҩбатәи аԥхьараҿы адкыларазы ажәалагала аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  «Сара сзы гәахәара дууп сыԥсадгьыл аҟны сҩызцәеи сареи сыжәлар ирызнаҳго аныҳәазы алшара ахьҳамоу. Насыԥны исыԥхьаӡоит ари адгьыл аҟны сахьиз», - ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иԥылара ашьҭахь ажурналистцәа дрыҿцәажәо илҳәеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Герзмааԥҳа.

Иахьа Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Хьыбла Гьерзмааи урыстәылатәи аоператә шәаҳәаҩы, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист  Ильдар Абдразакови идикылеит.

Хьыбла Герзмаа иазгәалҭеит иахьа лара ишлыцқәгыло Мариинтәи атеатр асолистцәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.