АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб 2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥаратә хархәагақәа рыла зеиҭашьақәыргылареи зыргылареи мҩаԥгатәу аобиектқәа рсиа ала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рылацәажәара азы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аҟәа ақалақь ала имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рфинансыркра  азеиԥш еицҵалыҵ 30 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Гагра араион аҿы   – 12 млн. 500 нызықь мааҭ;

Гәдоуҭа араион аҿы  – 21 млн. 545 нызықь мааҭ;

Аҟәа араион аҿы – 2 млн. 890 нызықь мааҭ;

Гәылрыԥшь араион аҿы –  6 млн. 100 нызықь мааҭ;

Очамчыра араион аҿы – 8 млн. 961 нызықь мааҭ;

Ҭҟәарчал араион аҿы - 7 млн. 201 нызықь мааҭ; 

Гал араион аҿы  –  1 млн. 250 нызықь мааҭ.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Апроект раԥхьатәи усмҩаԥгатәны иҟалеит  - ахәаша, ԥхынгәымза 26 рзы Аҟәатәи абааш аҵакыраҟны археологиатә ажрақәа рымҩаԥгара. Урҭ мҩаԥыргеит Аҳәынҭқарратә Университет астудентцәеи аспирантцәеи ахәыҷқәеи. Уи напхгара риҭон аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа. Ажрақәа рхы аладырхәит қәрала еиуеиԥшым ахәыҷқәа. Афестиваль ахәыҷтәы программа акуратор Руслан Амҷба ишеиҭеиҳәаз ала, археологиатә  ҭҵаарақәа асааҭ 8 инаркны 11 аҟынӡа имҩаԥысуеит.  

«Ажрақәа ирылахәуп ахәыҷқәа, астудентцәа-археологцәа дара аус шулатәу ддырбалоит. Сгәанала, уи ахәыҷқәа рзы ихәарҭоуп. Нас иԥшаахо аматериалқәа аус рыдааулоит. Ихадароу дара аинтерес рызцәыргароуп. Ахәыҷқәа анышәаԥшьӡы иалху амаҭәарқәа рыԥшааит. Иубаратәы иҟан дара аинтерес кны аусура ишаҿу. Ас еиԥш иҟоу апроектқәа ахәыҷқәа аҭоурых разҿлымҳара иацхраауеит, уи акырӡа аҵанакуеит Аԥсадгьыл ахь абзиабара рылааӡара аус аҿы», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Архиологиатә жрақәа напхгара аиҭон ААУ аҭоурыхтә факультет амагистратура астудент Нарҭ Смыр. Иара иколлегацәа хәыҷқәа археологиа ахь аинтерес дыркра илшеит.  Иара урҭ ирзеиҭеиҳәеит еиуеиԥшым аинструментқәа ртәы, идирбеит урҭ ииашаны рхархәашьа, азҵаарақәа рацәаны рҭак ҟаиҵеит, иара убас ашәарҭадара атехника ақәныҟәара ахылаԥшра аиҭон. Аҭаацәагьы аганахь иаанымхаӡеит. Урҭ Нарҭ  Аҟәатәи абааш иазкны акыр аинтерес зҵаз алекциа дырзаԥхьеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 26 рзы Париж ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп ҳазҭоу ашықәс азы ихадоу адунеизегьтәи аспорттә хҭыс – ҩажәижәахатәи аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа. «Шәааи ахәмаррақәа мҽхакы ҭбаала иааҳартым» (фр. ouvrons grand les jeux) – убас ауп Париж ақалақь аҿы имҩаԥгахо XXXIII аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рофициалтә девиз ишиашоу еиҭаганы ишаҳәо.  Ари аҩыза алозунг ала Аолимпиада-2024 аиҿкааҩцәа, ахәҭакахьала инаҵшьны иазгәарҭар рҭахын Ахәмаррақәа азинеиҟарара, аинклиузивра, ахкырацәара апринципқәа ҳасаб рзуны амҩаԥгара рыҽшазыршәо.  Аха иахьа иумбар залшом, Аолимпиада ус ажәаны мацара «зегьы рзы зегьы рыхәмарра» ҳәа азуҳәар шалшо.

Ҳара ҳтәыла аспортсменцәа ртәыла ахьӡала аолимпиатә хәмаррақәа рылахәхара азы алшара шрымамгьы, иаҳгәалаҳаршәар ҳҭахуп изныкымкәа аолимпиатә ҩаӡарақәа згахьаз ҳаспортсменцәа рыхьӡқәа.

Уаанӡа имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа ирылахәыз Аԥснытәи аспортсменцәа рыбжьара иҟоуп – иналукааша аспортсменцәа – аԥснытәи аспорттә школқәа рааӡамҭацәа. Убас:

Станислав Лиугаило – анапылампыл азы Асовет Еидгыла еизгоу акоманда ажәылаҩ, 1964 шықәсазы Токио ақалақь аҿы имҩаԥысуаз  XVIII аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рчемпион;

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иалагеит таитәи абокс азы Иаарту жәларбжьаратәи атурнир «Гаргь Аиааирагаҩы Ихраҿа».

Аицлабрақәа мҩаԥысуеит 10-11 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи,  12-13, 14-15 шықәса зхыҵуа арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, 16-17 шықәса зхыҵуа аиуниорцәеи 18-40 шықәса зхыҵуа ахацәеи рыбжьара.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа Аҳәынҭқарра Ахада иҿаԥхьа уаанӡа ирыҭаз анапынҵақәа рынагӡашьа азы аҳасабырба ҟарҵеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  78-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ԥыхьатәи анапхгаҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара акавалер Феридун Аҟәысба (Аксои).

Зыдунеи зыԥсахыз Феридун Аҟәысба иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылеит             аџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

«Феридун Аҟәысба Ареспублика Аԥсни Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспореи рыбжьара аимадара арҿиара аус аҿы илагала дууп. Иара ҩ-ҽҳәарак Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа дахагылахьан.  Иара изныкымкәа иҭоурыхтә ԥсадгьыл даҭаахьан.... Аԥсуа жәлар аҵеи иаша, ауаҩы разы, ауаҩы аамсҭашәа Феридун Аҟәысба игәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит», – ҳәа иаҳәоит аџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азы Аҳәынҭқарратә Еилакы идәықәнаҵаз адышшыларатә цҳамҭа аҿы.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы гәалсра дула ирыдыркылеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа раԥхьатәи ахантәаҩы Феридун Аҟәысба (Аксои) иԥсҭазаара алҵра азы ажәабжь.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амш азҵаараҟны иқәгылан ааигәа Москва имҩаԥысыз аусуратә ныҟәарақәа раан аиԥылараҟны ишьҭыхыз актуалра злоу азҵаарақәа.

Ирылацәажәеит иара убас ихадароу аҩныҵҟаполитикатә темақәагьы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба  Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуа афорум «Здоровое общество» ихы алаирхәуеит.  Аделегациа аилазаара аҿы иара убас дыҟоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәа.

Афорум Росконгресс Афонд аексперттә платформа аекосистема «Здоровое общество» аусмҩаԥгатә хаданы иҟоуп. Афорум иара убас амассатә спорт акультура апопулиаризациа, агәабзиара еиҷаҳарыла азныҟәарала аԥсҭазаара, уҳәа  иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа  ирыдҳәалахоит.

Аҟәа. Ԥхынгәыза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Апрокуратура Хада ашьаусҭҵааратә Усбарҭа ажьырныҳәамза 21,  2024 шықәсазы Амилаҭтә сахьатә галереиа, Абанк «Аԥсны жәларбжьаратәи ахыԥхьаӡарақәа Рцентр», Ареспублика Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла  ахыбрақәа рҿы иҟалаз абылра инамаданы ихацыркыз агәаҭара хнаркәшеит.  

Агәаҭара ишышьақәнаргылаз ала, ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса,  3 сааҭки 30 минуҭи инарзынаԥшуа, Аҟәа ақалақь, Лакоба имҩала игылоу ахыбра № 31 амца акит. Уи иахҟьаны абанки агалереиеи амаҵзуратә уадақәеи амазареи блит.

Краснодартәи атәылаҿацә ала Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аексперт-криминалисттә Центр аҿы имҩаԥгаз аӡбара-комиссиатә абылра-техниатә експертиза ала, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбраҿы иҟалаз амцакра иамзызны иԥхьаӡоуп афымцамчцәаҳәақәа реиқәылара, ма ахьанҭара рзышьҭымхра ҳәа ишьақәыргылоуп.  Урыстәылатәи акриминалистцәа иҟарҵаз алкаақәа рыла абылра ахы акит асахьақәа рыҵәахырҭеи абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи ахыԥхьаӡарақәа Рцентр» асервери рыҭуанқәеи ахыби рыбжьара. Гәаӷшақә амцакра ыҟан ҳәа узҳәом.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа 90 шықәса ҵит Аҟәатәи аекскурсиақәеи аныҟәарақәеи рбиуро аԥҵара ҟалеижьҭеи.  

Аҟәатәи аекскурсиақәеи аныҟәарақәеи рбиуро аԥҵан 1934 шықәсазы, иагьахьӡын усҟан иара «Апролетартә туризм аилазаара» ҳәа («Общество пролетарского туризма»). Аԥсны иамоу аԥшӡарақәеи аԥсабаратә беиарақәеи рыла есымша хыԥхьаӡара рацәала асасцәа аднаԥхьалон. Абиуро аартра амш инаркны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аналага аҟынӡа есышықәса Аԥсны иаҭаауаз асасцәа рхыԥхьаӡара еиҳа - еиҳа иацлон. Аибашьра ашьҭахь, 1947–1948 шш. Амшын Еиқәа аԥшаҳәа аҿы атуризм аиҭашьақәыргылара иалагеит.         1948 шықәсазы абиуро «Аҟәатәи атуристтә база аҟны иҟоу аекскурсиатә ҟәша» ҳәа ахьӡ рҿыцын, 1963 шықәса инаркны 1967 шықәсанӡа уи иахьӡын «Аԥснытәи аекскурсиатә база» ҳәа.  Анаҩс уи «Аҟәатәи аекскусиақәеи аныҟәарақәеи рбиуро» ҳәа ҩаԥхьа ахьӡ ԥсахын.  Уи иаҵанакуан атуризм азы Аԥснытәи аобласттә Хеилак.  Ԥыҭрак ашьҭахь абиуро Асовет Еидгыла аҿы иҟоу иреиҳау абиуроқәа жәаба рхыԥхьаӡараҿы иҟалеит. Араҟа иааиԥмырҟьаӡакәа аус руан 150-ҩык, акурорттә сезон азы акәзар – даҽа  30-ҩык рҟынӡа аусзуҩцәа ацлон. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аԥышәа ду змаз аекскурсиамҩаԥгаҩцәа.  

Аҟәатәи абиуро даараӡа ирацәаны аекскурсиатә маршрутқәа аман. Уи аусуа амҽханакуан Аԥсны мацара акәымкәа Асовет Еидгыла зегьы.  Атуристцәа аиҳарак иазҿлымҳан Асовет Еидгыла ақалақь дуқәа рахь аекскурсиақәа мҩаԥызгоз аҳаиргәыԥқәа, атуристтә дәыӷбақәа рыла Абжьаратәи Азиа, Урыстәыла ахьтәы мацәаз ҳәа изышьҭоу амаршрут ала аныҟәара, Ленинград ақалақь, иара убас Прволжие, Прибалтика, Украина, Қарҭ, Баку, уҳәа рҭаара.  Аҟәатәи амшынбаӷәаза усҟан иаднакылон акруизтә дәыӷба дуқәа.  Адәыӷбақәа «Россия», «Победа», «Грузия», «Абхазия», «Адмирал Нахимов» рыла атуристцәа Болгариа, Румыниа, Ҭырқәтәыла, Бырзентәыла, уҳәа атәылақәа жәпакы  ираҭаауан.

Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа, Ҟрым аладатәи аган рахь автобустә екскурсиақәа хыԥхьаӡара рацәала ауаа аднаԥхьалон. Акырӡа ирацәаҩны атуристцәа амшын аԥшаҳәа аҟынтәи Нхыҵ Кавказ аҩхаақәа рҟынӡа, Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра иахысны Теберда, Домбаи инаӡаны шьҭахьӡа игьежьуан.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.