
pressadmin-2
Адгәыр Агрба: амҩақәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара азы аусура рӷәӷәатәуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәа рахь азакәанреи азинеиҿкаареи рырӷәӷәара азы аусура дырӷәӷәарц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.
2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы иқәгылара иара иҵоуроу аинформациа ала далагеит.
«Уамеигәырӷьар залшом сынтәа ҳара ауаа рԥаара иадҳәалоу ацәгьоурақәа ахьҳамам, ареспублика аҿы аӷьычра иадҳәалоу афакт аарԥшӡам, агәҭакы анагӡара иадҳәаланы ауаҩшьрақәа ыҟам. Абри ауп, сара сгәаанагарала алҵшәа бзиа аарԥшрагьы захьӡу. Уи зыбзоуроу уажәы ҳалацәажәарым. Сара сгәаанагарала, зегьы рлагала алоуп ари аус, азинхьчаратә система зегьы, аха ҳхала ҳхы арҽхәара ҳалагарым уажәы», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.
Убри аан иара апрокуратура аусбарҭақәа рызхьаԥшра зҭаху апроблемақәак дырзааҭгылеит.
Адгыр Агрба иколлегацәа, аиҳарак араионтә прокурорцәа, амҩақәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара иазкны асура дырӷәӷәарц рабжьигеит.
«Сынтәа, 6 мыз рыҩныҵҟа ҳамҩақәа рҿы амҩа-транспорттә машыртә хҭыс иахҟьаны иҳацәҭахеит 20-ҩык. Уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 8-ҩык рыла еиҵоуп. Аха ари хра злоу лҵшәоуп ҳәагьы узҳәаӡом. Ԥхынгәымзазы, игәашәҭазар, аамҭа кьаҿ иалагӡаны ирацәаны ауаа ҭахеит. Амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа – авариақәеи егьырҭ амҩа-транспорттә хҭысқәеи ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭатәуп», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.
Иара араионтәи ақалақьтәи апрокурорцәа иааиԥмырҟьаӡакәа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахаҭарнакцәа, амҩақәа рҿы ашәарҭадаразы аҭакԥхықәра назыгӡо зегьы алархәны аилацәажәарақәа мҩаԥыргаларц адгалара ҟаиҵеит.
«Ҳара иаабоит амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Уажәы Автоҳәынҭинспекциа анапхгараҭара аҽаԥсахит, иҿыцу аусура аметодқәа аларгалоит. Игәаҳҭап, уи иаанарԥшуа алҵшәақәа зеиԥшрахо. Аха сара исҭахын шәаргьы амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аԥсахра азы аусура активла шәхы алашәырхәырц. Ҳара зегьы ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны иарбоу ахырхарҭала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеира ҳҽазаҳшәароуп», – ҳәа иҳәеит иара.
2024 шықәса актәи азыбжазы 324 шьаус хацыркны аусеиҿкаарахь ирыдыркылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса актәи азыбжазы 324 шьаус хацыркны аусеиҿкаарахь ирыдыркылеит. Урҭ рахьынтә 221 шьаус (68,2%) хыркәшоуп. Абри азы адырра ҟаҵан 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы.
Аӡбарҭа ахь идәықәҵоуп 215 шьаус, ашьаусқәа 6 реилыргара аанкылоуп.
Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ихацыркын 330 шьаус, русеилыргара хыркәшахеит 235 шьаус, урҭ рахьынтә 227 шьаус аӡбарҭахь идәықәҵоуп.
2024 шықәса актәи азыбжазы ихацыркыз ашьаусеилыргарақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи апрокуратура аусеилыргаҩцәа ирыдҵоуп 48, иҳаҩсыз 2023-тәи ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы – 58. Аусеилыргара хыркәшоуп 37 ашьусеилыргара. Урҭ рахьынтә 36 аӡбарҭахь идәықәҵоуп, 1 аусеилыргара аанкылоуп.
2024 шықәса 6 мыз рыла азинхьчаратә усбарҭақәа 284 цәгьоура ашәҟәы иҭаргалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса 6 мыз рыла азинхьчаратә усбарҭақәа 284 цәгьоура ашәҟәы иҭаргалеит, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 38 рыла еиҵоуп, ҳәа 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Апрокуратура Хада Аӡбаратә Усбарҭа аиҳабы, атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.
«Уи Аԥсны иахьаҵанакуа ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра азы иҳаҩсыз ашықәсқәа ртенденциа шыҟоу шақәнарӷәӷәоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Даур Амҷба.
Ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара акыр агхара убаратәы иҟоуп Аҟәа ақалақь аҿы – 77 цәгьоура, убри аан 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 115, Очамчыра араион аҿы – 18, убри аан 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 28 цәгьоура.
2024 шықәса I азыбжа азы апрокурор-усеилыргара аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара 203-ҩык рҟынӡа инаӡеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса I азыбжа азы апрокурор-усеилыргаратә усзуҩцәа рхыԥхьаӡара 203-ҩык рҟынӡа инаӡеит.
50 шықәса иреиҳабу – 22-ҩык, 40 шықәса инаркны 50 шықәса рҟынӡа зхыҵуа – 40-ҩык, 30 шықәса инаркны 40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа – 45-ҩык, 30 шықәса зхымҵыц – 27- ҩык.
Аџьашықәс ала апрокурор-усеилыргара аусзуҩцәа реилазаара абасала ишьақәгылоуп: 3 шықәса рҟынӡа – аӡәы, 5 шықәса рҟынӡа – 13-ҩык, 10-шықәса рҟынӡа – 27-ҩык, 15 – шықәса рҟынӡа- 33-ҩык, 20-шықәса рҟынӡа – 22-ҩык, 20 шықәса инаркны уи еиҳангьы – 42 - ҩык.
Апрокурорцәа алархәны имҩаԥгаз аӡбарҭа аилатәарақәа рҿы 184 ашьаусеиларгарақәа ирыхәаԥшит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса актәи азыбжазы апрокурорцәа алархәны имҩаԥгаз аӡбарҭа аилатәарақәа рҿы 184 ашьаусеиларгарақәа ирыхәаԥшит. Уи 67 шьаус рыла еиҵоуп иҳаҩсыз 2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы аасҭа, ҳәа 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Апрокуратура Хада Аӡбаратә Усбарҭа аиҳабы, атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.
Изхәаԥшыз 184 шьаус рҟынтәи 163 зыӡбеи 21 қәҵареи рыдыркылеит.
2024 шықәса актәи азыбжазы зус рыӡбаз рзеиԥш хыԥхьаӡара 192-ҩык рҟынӡа инаӡоит (2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы – 250-ҩык). Ҭакрала ахьырхәра иақәыршәоуп 75-ҩык, 117-ҩык абаандаҩра иадҳәалам ахьырхәрақәа ирықәыршәоуп. Убас ала:
– 92-ҩык ҭакрадатәи азгәаҭаралатәи аусӡбара иақәыршәоуп,
– 25 –ҩык ахараԥса дыршәоуп.
9 шьауск аганқәа реинрааларала иаанкылоуп.
Амедицинатә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа иадцаланы иахыгоуп 7-ҩык.
Аӡәы ашьауск ала дыриашоуп.
2024 шықәса актәи азыбжазы ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәахеит 6-ҩык аҳәсеи зықәра наӡам аӡәи. Урҭ рахьынтә ԥшьҩык уажәаԥхьагьы ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәахьан.
«2024 шықәса актәи азыбжазы иахәаԥшыз ашьаусқәа ранализ ашьаусқәа реиҳарак изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ишадҳәалоу аанарԥшит. Урҭ рхыԥхьаӡара – 93 рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Даур Амҷба.
21 шьаус иахәаԥшын анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара (рыҭира) иадҳәаланы, 7 шьауск 7-ҩык рганахьала анаркотикатә маҭәашьар «прегабалин», иара убас егьырҭ арҩышьыгатә маҭәашьарқәа аҳәынҭқарратә ҳәаа рахгара инамаданы ихацыркын.
Анаҩс аҭира хықәкыс иҟамҵаӡакәа анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа рыҵәахра аганахьала иахәаԥшын 60 шьаус, урҭ рыла 59-ҩык рус рыӡбеит. Аӡәы иганахьала амнистиа ахархәара инамаданы ашьаусеилыргара аанкылоуп. Хәҩык иреалу аҽҳәара змоу ахьырхәрақәа ирықәыршәахеит.
Арҩышьыгатә маҭәашьар злоу аҵиаақәа изакәанымкәа рыларҵәара азы хҩык ауаа рганахьала ихацыркыз ашьаусеилыргарақәа хәба ирыхәаԥшит, зегьы иреалу аҽҳәарақәа змоу ахьырхәрақәа иақәдыршәеит.
«Аӡбарҭақәа рыла зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭира азы зус рыӡбо рганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 56, 57 иазԥхьагәарҭо аҷыдалкаатә, аус зырмарио аҭагылазаашьа ахархәара атенденциа ӷәӷәала агәҭынчымра цәырнагоит. Аӡбарҭақәа игәҩароу ахаҿқәа аусеилыргара алагамҭазы амилициа аусзуҩцәа дара уаанӡа иҟарҵахьаз анаркотикатә маҭәашьарқәа зҭаҵәахыз имаӡоу аҭыԥқәа ддырбоит, иара убри ала рхымҩаԥгашьала активла ацәгьоурақәа реилыргара иацхраауеит ҳәа иԥхьаӡаны, анаҩс аӡбарҭа Аԥсны Ашьаустә Закәанԥҵара ахәҭаҷ 57 ахархәареи азакәан ишьақәнаргыло ҵаҟатәи аҩаӡара аҵкьыс хынтә еиҵаны ахьырхәра рзалхреи рзы азин рынаҭоит. Ас еиԥш иҟоу аӡбамҭақәа актәи, акассациатә, ахылаԥшратә инстанциақәа рыӡбарҭақәа рҿы жәабала аҭыԥ рымоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Даур Амҷба.
2024 шықәса I азыбжа азы Апрокуратура аусбарҭақа рыла 101 Аԥсны азакәанԥҵара аилагарақәа аарԥшын.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура аусбарҭақәа рыла 2024 шықәса I азыбжа азы 101 Аԥсны азакәанԥҵара аилагарақәа аарԥшын (2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы -153).
Иаарԥшыз аилагарақәа рырҽеира азы 46 азԥхьанагарақәа алагалан. Урҭ рыхәаԥшра аихшьаалақәа рыла 4-ҩык алеишәатә ҭакԥхықәра иақәыршәахеит, Иалагалоуп ақәшаҳаҭымхарақәа-16, 14-ҩык административтә ҭакқхықәра иақәыршәоуп, 29-ҩык азакәанԥҵара аилагара аԥхьырҟәҟәаара аганахьала агәҽанызаара рыҭоуп. Абри азы 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Апрокуратура Хада Аӡбаратә Усбарҭа аиҳабы, атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.
2024-тәи ашықәс 6 мыз ирылагӡаны изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьар аикәыршара иадҳәалоу 93 цәгьоура ашәҟәы иҭагалоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024-тәи ашықәс 6 мыз ирылагӡаны изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьар аикәыршареи зеиҭаҳара ҟамло арҩышьыгатә маҭәашьар злоу аҵиаақәа раарыхреи иадҳәалоу 93 цәгьоура ашәҟәы иҭагалоуп. Уи ашәҟәы иҭагалаз ацәгьоурақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 32.7% рҟынӡа инаӡоит, ҳәа 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.
«Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыла, уаанӡа еиԥш уажәгьы аиҳарак анаркотикатәи арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа анаҩс аҭира хақәкыс иҟамҵаӡакәа изакәанымкәа реикәыршара иадҳәалоу афактқәа аарԥшхоит. Ашьауӷатә ҭакԥхықәра иақәыршәахоит аиҳарак анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло, ахәышәтәра зҭаху атәылауаа. Иарбоу акатегориа ала ишьақәыргылаз ацәгьоурақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара азы ихацыркуп 18 ашаьусеилыргара (19,3%). Иаарԥшын зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа рпатртиақәа, иаанкылан урҭ реикәыршара знапы алакыз ахаҿқәа, аха ахьырхәра иақәыршәамкәа иаанханы иҟоуп арҭ ацәгьоурақәа реиҿкааҩцәа», – ҳәа иҳәеит Аԥсны Апрокуратура Хада Аӡбаратә Усбарҭа аиҳабы, апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.
2024 шықәса I азыбжазы апрокуратура аусбарҭақәа рахь инашьҭын 79 азыҳәамҭақәеи арзаҳалқәеи.
Аҟәа. Ԥхынгәмза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса актәи азыбжазы Ареспублика Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа рахь Аԥсны азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны инашьҭын 79 инарзынаԥшуа азыҳәамҭақәеи арзаҳалқәеи. Абри азы 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.
Иалагалаз азыҳәамҭақәеи арзаҳалқәеи рыхәаԥшра аихшьаалақәа рыла абарҭ апрокурорттә зхьаԥшра иадҳәалоу ауснагӡатәқәа нагӡан:
Азԥхьанагарақәа - 11, ақәшаҳаҭымхарақәа - 16, ақәҽанызаарақәа - 6, административтә зинеилагарақәа рзы ирыдыркылеит 11 усԥҟа. Урҭ рыла тәылауаҩык административтә ҭакԥхықәара дақәыршәоуп (ахараԥса иршәоуп).
2024 шықәса I азыбжа аҩныҵҟа амҩа-транспортә машәыртә хҭыс иахҟьаны 20 ҩык ауаа ҭахеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса 6 мыз рыҩнҵҟа иҟалаз 70 амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс рҿы 20-ҩык ауаа ҭахеит. Иҳаҩсыз 2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иалагӡаны иҟалеит 71 амҩа-транспорттә машәыр. Уаҟа 28-ҩык ауаа ҭахеит, ҳәа 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.
Ақьабзтә ҭынха иатәу аныҳәа Ацуныҳәа Кәтол ақыҭан имҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақьабзтә ҭынха Ацуныҳәа Кәтол ақыҭан имҩаԥысит.
Жәытә-натә аахыс аԥсуаа ақьабзтә ныҳәа Ацуныҳәа мҩаԥыргоит.
Ақыҭауаа Зегьзымчу имҵаныҳәоит раарыхреи роурақәеи бзиахарц азы.
Традициала ишаԥу еиԥш, ари ақьабзтә ныҳәа ажәҩан аҵаҟа, аԥшьаҭыԥ аҿы имҩаԥыргоит, еизоит ақыҭауаа рҭаацәа рыцны. Дара рзы Анцәа имҵаныҳәара акыр зҵазкуа хҭысуп, гәырӷьароуп. Аныҳәатә гәалаҟара иныруеит ари ақьабзтә ҭынха зҽалазырхәуа дарбанызаалак.