Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Владимир Делба аԥшьаша, лаҵарамза 29 рзы аҵара аминистр Хана Гәынба дылԥылеит. Аҵарашықәс ахыркәшара иадҳәалаз азҵаарақәа рылацәажәара ашьҭахь, аҵарадырра асистема аҿиара азҵаарақәа шьҭыхын.
Аиԥылараҿы иара убас абжьаратә школқәа алагарҭатә классқәа ркомплектациатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Аминистр иҟалҵаз аинформациа ала, иахьатәи амш азы школқәак рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ишьақәырӷәӷәоу анорма иахысуеит. Аиҳарак ари азҵаара уадаҩуп Аҟәа ақалақь абжьаратәи ашколқәа рҿы.
Владимир Делба аминистр ашколнӡатәи, абжьаратәи, абжьара-занааҭтә ҵараиура асистема аиӷьтәра азы ажәалагалақәа рыдгалара азы анапынҵа лиҭеит.