Атурнир аламҭалазы имҩаԥган аҵара-ҽазыҟаҵаратә еизгарақәеи аҽазыҟаҵарақәеи. Урҭ мҩаԥысуан лаҵарамза 26 – 28 рзы аспорттә комплекс «Алмаз» аҿы.
Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла акомандатә зшьа аҿы актәи аҭыԥ ааныркылеит Нижни Новгород аҟынтәи аӡиудоист ҿарацәа. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәа ақалақь акоманда, ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит – Гагра ақалақь аспортсменцәа.
Ахатәы зшьа аҿы аиааира ргеит:
– арԥарцәа рыбжьара – Мегрикиан Едмонд (акапантә категориа +66 кь.), Мкртчиан Михаил (акапантә категориа 66 кь.), Енишин Валери (акапантә категориа 60 кь.), Папасқьыр Даниил (акапантә категориа 55 кь.), Лушнов Николаи (акапантә категориа 50 кь.), Кьиут Баграт (акапантә категориа 46 кь.), Кудриавцев Арсени (акапантә категориа 42 кь.), Арсҭаа Нарҭ (акапантә категориа 31 кь.);
– аҭыԥҳацәа рыбжьара – Гоцериӡе Николь (акапантә категориа 57 кь.), Догузиа Анна (акапантә категориа 52 кь.), Авџьиан Викториа (акапантә категориа 44 кь).
Аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит:
– арԥарцәа рыбжьара – Узуниан Андреи (акапантә категориа 66 кь.), Бигәаа Одиссеи (акапантә категориа 60 кь.), Ҭарба Дауҭ (акапантә категориа 55 кь.), Мадоиан Грант (акапантә категориа 50 кь.), Каленџьиан Ерик (акапантә категориа 46 кь.), Ҳаџьыамба Нестор (акапантә категориа 42 кь.), Канџьариа Баграт (акапантә категориа 31 кь.);
– аҭыԥҳацәа рыбжьара – Иашкова Валентина (акапантә категориа 57 кь.), Карагозиан Ангелина (акапантә категориа 44 кь.).
Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит:
– арԥарцәа рыбжьара – Козлов Тимофеи (акапантә категориа 66 кь.), Музаев Алан (акапантә категориа 66 кь.), Цаа Гуслан (акапантә категориа 60 кь.), Ҷкадуа Нестор (акапантә категориа 60 кь.), Купоросов Никодим (акапантә категориа 55 кь.), Ҵкуа Нестор (акапантә категориа 50 кь.), Григориан (акапантә категориа 50 кь.), Курсаӡе (акапантә категориа 50 кь.), Хуснутдинов Даниель (акапантә категориа 46 кь.), Титов Дамир (акапантә категориа 46 кь.), Ҳагәышь Дамеи (акапантә категориа 42 кь.);
– аҭыԥҳацәа рыбжьара – Конџьариа Елеонора (акапантә категориа 57 кь.).