АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Лаҵара.2025

Атуризм Аминистрра амаршрут ҿыц «Иџьашьаху мрагыларатәи Аԥсны» аиқәыршәара азы абжьгара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминитстр Асҭамыр Логәуа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, атуризм Аминистрра ахылаԥшра азҭо Вараздат Миносиан диԥыло ааиагәа имҩаԥысыз Мрагыларатәи Аԥсны аҭаара аихшьаалақәа дрылацәажәеит. Ирылацәажәеит иара убас иарбоу арегион аҿы атуризм аҿиара аперспективақәас иҟоу.

Аминистр убасгьы Аԥсны абизнес маҷ ахаҭарнакцәа акыр агәҭынчымра рызцәырызго аԥсшьаҩцәа рыдкылара аобиектқәа рҿы ахәԥсақәа рдемпинг иадҳәаланы иҟоу апроблемагьы дазааҭгылеит.

Асҭамыр Логәуеи Вараздат Миносиани атуристтә џьармыкьа алахәылацәа зегьы ринтерессқәа ҳасаб азуны адемпинг аҿагыларазы иҟаҵатәу иалацәажәеит.

Атуризм аминистр Мрагыларатәи Аԥсны еиҳа аинтерес зҵоу атуристтә обиектқәа еидызкылараны иҟоу иҿыцу аекскурсиатә маршрут  – «Иџьашьаху мрагыларатәи Аԥсны» аԥҵара азы ажәалагала ҟаиҵеит.

Аминистр иажәақәа рыла, иарбоу апроект уажәраанӡа митәык зыхьӡ нагамыз, аха убри аан иуникалу ареспублика аҿы иҟоу аҭыԥԥшӡарақәа рпопулиаризациа аус аҿы акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалоит.

Асҭамыр Логәуа иара убас ааигәатәи аперспектива азы ахылаԥшырҭа иамоу азԥхьагәаҭарақәа ртәы еиҭеиҳәеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ашьхатәии ақыҭантәи атуризм арҿиара. Уажәы атуристтә усура иҿыцу ахырхарҭақәа злашьаҭаркхо аидеиақәа инҭкааны аус рыдулара мҩаԥысуеит.

Аминистр иара убас аԥыза-министр Аԥсны атуризм Аминистрра рашәарамза 10 – 15 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи атуристтә Форум «Путешествуй» иалахәхараны ишыҟоу азы адырра ииҭеит. Уи Аԥсны атуристтә потенциал жәларбжьаратәи аплошьадка аҿы аӡыргареи Урыстәылатәи апартниорцәеи аԥснытәи агани  ирыбжьоу аусуратә еимадара арӷәӷәареи алнаршоит.

 


Read 231 times - Ахәаша, 30 Лаҵара 2025 15:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.