Нижни Новгород ахада еизаз иргәалаиршәеит Аҟәеи Нижни Новгороди акыр аамҭа зҵазкуа аиҩызаратәи аусуратәи еизыҟазаашьақәа шрыбжьоу, ишиашоу ала аҳаиреимадара абжьаҵарала атуристтә усхкы ала аусеицурагьы акыр аҿиара шаиуо. Иара Нижни Новгород Амшқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа ирҭаауа иҿыцны ирбо иалагоит ари 800 шықәса инареиҳаны зхыҵуа урыстәылатәи ақалақь ҳәа иазгәеиҭеит. Ҭемыр Агрбеи Иури Шалабаеви ақалақь Амш азы ааԥхьарақәа еимырдеит, Аҟәа уи азгәарҭоит ԥхынгәымзазы, Нижни Новгород – нанҳәамзазы. Ҳәарада шьҭа традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш аҳамҭақәа реимдарагьы мҩаԥысит.
Аԥсуа хҭырԥеи Аҟәа ақалақь 2500-шықәса ахыҵразы иҭыжьыз, амшын аԥшаҳәа асахьа зныԥыҟҟалоу асаани – Иури Шалабаев изы «ицәажәо» аԥснытәи ҳамҭақәаны иҟалеит.
Ақалақь аиашьаратә қалақь Нижни Новгород ахьӡала Аҟәа ақалақь ҳамҭас иаиуит аӡықәҭәага-ӡәӡәагатә машьына. Ари акциа – иманшәалоу ақалақьтә ҵакыра ашьақәыргылара азы аиашьаратә еимадареи аусеицуреи рзы аекопроект «Нижни Новгород –Аҟәа –аиҩызара аҵакыра» («Пространство дружбы Нижний Новгород – Сухум») иахәҭакны иҟоуп. Ари иҷыдоу атехника ацыԥхақәа Ҭемыр Агрба инапы иадыркит.