Аҟәа. Лаҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩ Диана Ԥлиа Сибратәи азиндырратә Университет аҿы имҩаԥысуа анаука-практикатә конференциа лхы алалырхәуеит.
Аконференциа атема — «Административтә ӡбамҭа аӡбаратә хылаԥшра аҭара: атеориа, азакәанԥҵара, азинхархәаратә практика» («Судебный контроль над административным усмотрением: теория, законодательство, правоприменительная практика»).
Диана Ԥлиа Аконституциатә ӡбарҭа аусуразы ари атема актуалра азгәалҭеит.
Аӡбара — ари Аконституциатә ӡбарҭа ала азыӡбақәа рыдкылара апроцесс иузаҟәымҭхо хәҭоуп. Уи азинтә система адаптациатә лшара шьҭнахуеит, ауаажәларра рҿы иҟало аиҭакрақәа иашьашәаланы азхьаԥшреи акала ишьаҭаркым аҳәынҭқарра аганахьала рус аҽалагалара аҟынтәи атәылауаа ринтерессқәа рыхьчареи алнаршоит.
Аӡбара ахархәара аӡбаҩцәа рҟынтәи иҳараку аквалификациеи ишьақәыргылоу аԥҟарақәеи апроцедурақәеи рынагӡареи рзы ахыдҵа ықәнаргылоит.
Аконституциатә ӡбарҭа, аӡбара апринцип ахархәарала, Аконституциа аԥҟарақәа аинтерпритациа азнауеит, азакәанԥҵара анормақәа рхархәара, иара убас Ареспублика Аԥсны атәылауаа рхақәиҭреи рзинқәеи еффективла рыхьчара алнаршоит.