АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Лаҵара.2025

Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» ареконструкциа хыркәшахоит 2027 шықәса рзы.

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Валентин Иванов Краснодартәи атәылаҿацә ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәәа аҿы иҟоу Ганрацәалатәи автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» даҭааит.

«Иахьатәи амш азы автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» Ареспублика Аԥсны иаԥну аҳәаа аҿы уаҳа зда ыҟам, ихадоу пунктны иҟоуп.   Иҳаҩсыз ашықәс азы уи иахысит 2,8 млн. рҟынӡа атранспорттә хархәагақәа, реиҳарак амашьына ласқәа роуп. Аҳәаахысратә Ҭыԥ аушьҭратә лшара уахыки-ҽнаки рыла 1500 атранспорттә хархәагақәеи 28 000-ҩык ауааи.  

2022 шықәсазы араҟа амашьына ласқәа рзы иназыцҵоу ҩ-цәаҳәак  шьақәыргылан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт Аминистрра асаит. Уажәы аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ аҿы аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Урыстәыла аҳәынҭқарратә експертиза Хада аҟынтәи ақәыршаҳаҭратә лкаа аиура ашьҭахь уаҟа ирылагоит ареконструкциа, уи «Росгранстрой» ахылаԥшрала имҩаԥыслоит, ихыркәшахароуп 2027 шықәсазы.  

Ареконструкциа ашьҭахь Аҭыԥ уахыки-ҽнаки рыла аушьҭратә лшара 14 нызықь рҟынӡа атранспорттә хархәагақәеи 80 нызықьҩык рҟынӡа инаӡоит. Автомашьынақәа рзы ацәаҳәақәа рхыԥхьаӡара 25 рҟынтәи  28 рҟынӡа инаӡалоит. Иазԥхьагәаҭоуп 8 цәаҳәак рҿы  аамҭакала 80 рҟынӡа амашьына ласқәа рышәҟәҭагалара амҩаԥгара (40 алҵразы, 40 аҭаларазы), аидарамҩангагатәи апассаџьартә  транспорттә хархәагақәеи ҳасаб азурала – 1 транспорттә хархәагак алҵреи аҭалареи рзы. 

 

 


Read 163 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.