АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Кандид Ҭарас-иԥа Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ» – Ареспублика Аԥсны еицырдыруа, иԥхьагылоу ансамбльқәа иреиуоуп.

Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ» ашьаҭаркҩы, раԥхьатәи асахьаркыратә напхгаҩы аҳамҭа ҳаракқәа «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара, Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызара ахьӡала аорден занашьоу Аԥсни Нхыҵ-Уаԥстәылеи жәлар рартист Кандид Ҭарас-иԥа Ҭарба иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәса лаҵарамза 1 азы. Иара убри ашықәсан Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи Рминистрра Ақәҵара инақәыршәаны, Кандид Ҭарас-иԥа Ҭарба ихьӡ акамыршәразы, иара еиҿикааз ансамбль «Кавказ» ихьӡ ахҵан.

Кандид Ҭарас-иԥа иҭынхеит ахьӡ-аԥша адагьы хәызмаӡам акультуратә ҭынхагьы. Уи илшамҭақәа рыхәшьара акыр иуадаҩуп. Акыршықәса иара ааԥсарак ҟамҵаӡакәа ансамбль амчала аԥсуа культура адунеи иалеирҵәон, иззымдыруаз идирдыруан. Ансамбль «Кавказ» еиуеиԥшым атәылақәеи ақалақьқәеи рҟны ауаа иднардырит Аԥсны аӡбахә. Иара иы-иԥсы ақәҵаны инаигӡо аусура хьыӡла-ԥшала иацырҵоит уи ишьҭрамдаҩцәа. Ансамбль «Кавказ» уажәтәи адиректор, асахьаркыратә напхгаҩы, Кандид Ҭарба иашьеиҵбы, Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспубликеи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  III аҩаӡара занашьоу Арвелод Ҭарас-иԥа Ҭарба. Ансамль адиректор, абалетмеистер – Ареспублика Аԥсни Ааахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи жәлар рартист, Кандид иашьа иԥа Осман Арвелод-иԥа Ҭарба.  

Арвелод Ҭарба ишигәалаиршәо ала, ҳаешьаратә жәларқәеи ҳареи ҳаидкылара, ҳакзаара хықәкыс измаз ансамбль, иара ахьӡ ахаҭа «Кавказ» ишаҳәо еиԥш, аиҿкаара алыршахеит 1994 шықәса август 8 рзы.

Усҟан 25-ҩык еидызкылоз ансамбль «Кавказ» акәашацәа зегьыԥыхьатәи аԥсшьараҩны «Аҟәа» (уажәы асасааира «Интер-Сухум») арепетициатә зал аҿы еизеит Ари арыцхә традициала ишышьақәгылаз еиԥш ансамбль амшираны иԥхьаӡоуп.  Ари ансамбль актәи аилазаара аҿы иҟаз Даӷьсҭан, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьестәыла, Адыгатәыла уҳәа рҟынтә иааз акәашаҩцәа ракәын. Урҭ иреиуоуп: зыхьӡ ахара инаҩхьаз Аахыҵ Уаԥстәылатәи акәашаҩ Нодар Ԥлиев, Адыгатәи акәашаҩцәа Руслан Абдокови Марина Хацукови. Абалетмеистр-арепетиторс аҟалара дақәшаҳаҭхеит еицырдыруа адыгатәи акәашаҩ Мурадин Ҳаџьаев. Ансамбль иалахәыз дреиуан иара Арвелод Ҭарбагьы – Аԥснытәи акәашаҩ заҵәыс иҟаз.

Иазгәаҭатәуп, сынтәа аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль хԥаны иҟоу аиублеи шазгәанаҭо. Ансамбль «Кавказ» ҩажәижәаба шықәса ахыҵреи  ансамбль аԥҵаҩы Кандид Ҭарба диижьҭеи ԥшьынҩажәа шықәса аҵреи ансамбль уажәы асахьаркыратә напхгаҩыс иҟоу  Арвелод Ҭарба хынҩажәижәаба шықәсатәи ииубилеи азгәаҭареи еиқәшәеит.  

«Ансамбль жәларбжьаратәи афестивальқәеи аконкурсқәеи активла ахы аланархәуеит. Аҳәынҭқарратә корпорациа «Росатом» ааԥхьарала аколлектив урыстәылатәи ақалақьқәа рахь изныкымкәа агастрольқәа мҩаԥыргахьан. Ансамбль анҭыҵтәи аилазаара аҿы иҟоуп 52 -ҩык», – ҳәа иазгәеиҭеоит Осман Ҭарба.

Аҳәынҭқсрратә жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ» аԥхынтәи аамҭахәҭа аҩныҵҟа, есхәаша Р.М.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы аконцертқәа мҩаԥнагоит.  Ансамбль анапхгараҭара ааԥхьарала ҳара убас иҟоу аконцертқәа руак ҳаҭааит.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Алан Гаглоев иахь адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Қырҭтәыла агрессиа 16 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.

Ақырҭуа агрессиа иахҟьаны иҭахеит зықьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, аха Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рхаҵара, Урыстәыла анапхгара иаарласӡаны рыӡбра ашьакаҭәара аԥдырҟәҟәааит ҳәа иҳәоит иара.

Аҟәа. Нанҳәамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Имҩаԥысит Аԥсны Ахада хантәаҩра ззиуаз Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара

Аилатәараҟны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Шамба иҭабуп ҳәа еиҳәеит имҩаԥигаз аусуразы, аихьӡарақәа изеиӷьеишьеит амаҵзура ҿыц аҟны.

Анаҩс Аслан Бжьаниа Ашәарҭадара Ахеилак аколлектив Рауль Лолуа дыдирдырит. Аҳәынҭқарра Ахада уи гәацԥыҳәарала аусура дазкны изеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа. «Шәара ҩыџьа ахаҭыԥуаҩцәа шәымоуп: аӡәы зиндырҩуп – профессионалуп; егьи- оперативтә усуҩуп – ԥышәауаҩуп.  Ихадароуп ари аус аҟны иахьатәи аҭагылазаашьаан амилаҭтә шәарҭадараҟны иҟалар зуа ашәарҭарақәа анализ рзуразы аусура амҩаԥгара, урҭ рганахьала агәҽанҵара иазку  ауснагӡатәқәа разырхиара», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. 

Аҟәа. Нанҳәамза 7, 2024 шықәса. Аԥ)сныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Б. Гәынба Сергеи Шамба ААР аколлектив дыдирдырит.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала нанҳәамза 6 рзы Сергеи Шамба Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә усбарҭа анапхгаҩыс даҭоуп. 

«Сергеи Мирон-иԥа ирдырра аҭахны иҟаӡам, избанзар 13 шықәса инареиҳаны абри аусбарҭа напхгара аиҭон. Ҳара зегьы ибзианы иаҳдыруеит  аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара даналахәыз, иара убас аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раангьы Сергеи Мирон-иԥа ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рус аҟны илагаламҭа шдуу. Иара иааирԥшуа адипломатиатәра, ипрофессионализм, иԥышәа есқьынгьы ихәарҭан, хархәарагьы рыман ҳҳәынҭқарразы.», – иҳәеит Бадра Гәынба.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 8 рзы  16 шықәса ҵуеит  Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар арыцҳара ду рхыргеижьҭеи. Нанҳәамза 8, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит. Уи иаиуит даҽа хьӡыкгьы – «хәымштәи аибашьра».

2008 шықәса, нанҳәамза  8 ауха икаххаа ацәа иалаз Цхинвали уи акәша-мыкәшеи ақырҭуа ар «Град» ҳәа изышьҭоу аибашьыга бџьар ала ахымца рыжәырҵеит. Хықәкысгьы иҟаз акакәын: ареспублика цҟьа-шәҟьа ақәҵара.

Август 7 ахәылԥаз, 19:40 азы Михаил Саакашвили Қырҭтәыла ажәлар рахь ихы нарханы иҳәеит ахәылԥаз ақырҭуа архәҭақәа зегьы адҵа шриҭаз Цхинвалтәи арегион аҿы аҭак хымца аадмыртырц. «Исҭахуп абыржәы ақырҭуа полициаа иреихсуа рахь схы сырхарц. Ҭакԥхықәра дула исҳәарц сҭахуп сааҭқәак уажәаԥхьа даара иуадаҩыз аӡбамҭа шсыдыскылаз – хымцала аҭак аҟамҵара», – иаҵишьит Қырҭтәыла апрезидент гьангьаш. Х-сааҭк ааҵуан Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла иақәлеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ркурсантцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анапхгареи реиԥылара мҩаԥысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо аподполковник Дмитри Кәычбериа акурсантцәа абжьгарақәа риҭеит, рҵара аҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьаишьеит, иара убас раԥхьаҟа ртәыла ашәарҭадара ахьчараҿы ирыхәаша адыррақәеи алшарақәеи шроуа азы агәыӷра ааирԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Автоҳәынҭинспекциа анапхгара амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа Автоҳәынҭаинспекциа амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа ирацәажәеит амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара шхымԥадатәиу азы ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Автоҳәынҭинспекциа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба ишазгәеиҭаз ала, Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа ас еиԥш апрофилактикатә ҟазшьа змоу аусмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа инарыгӡалоит.  

Еиҳа лассы-лассы ауааԥсыра иаргәамҵуеит аҳәааҟынӡа инагоу амаршрут ала аус зуа амашьынарнҟәцаҩцәа рхымҩаԥгашьа. Убарҭ роуп аԥхьанатә зацәажәара мҩаԥгаз.  Иара убас Автоҳәынҭинспекциа анапхгаҩцәа Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа, ахәҭакахьала, Аџьармыкьа–Кьалашәыр, Аџьармыкьа – Аҳабла Ҿыц амаршрутқәа рыла  апассаџьырцәа риагара мҩаԥызго амашьынарныҟәцаҩцәагьы ирацәажәеит.

Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара аҳәынҭқарратә хылаԥшыҩ хада изыӡырҩуаз зегьы ирызнеигеит аҵыхәтәантәи аамҭа аҩныҵҟа иҟалаз авариақәа, иҭахази еиуеиԥшым ахәрақәа заузи рхыԥхьаӡара, амашьынарныҟәцаҩцәеи ашьаҟауааи еиҳа лассы-лассы еиларго амҩатә ԥҟарақәа, уҳәа рзы адыррақәа.

Аԥсны Автоҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы и.н. Дамеи Аҩӡба иҳәеит аԥҟара аилагаҩцәа рмашьынақәа рымхны аргыларҭа ҭыԥқәа рахь инаргар шауа, дара рхаҭақәа амашьынарныҟәаразы аԥышәарақәа шыддырҭиуа. Аԥсны Автоҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа агәҽанызаара рырҭеит амҩатә ԥҟарақәа еилазгаз рмашьынақәа рымхны ахараԥсатә ргыларҭахь ишнарго азы.

«190 машьына иахьатәи аамҭазы ахараԥсатә ргыларҭаҿы игылоуп. Аԥсҟы зкыз арыжәтә ыжәны ма анаркотикқәа рыдкыланы иҟан. Агәҽанызаара шәысҭоит шәмашьынақәагьы уахь ишнагахо мамзаргьы аграждантә цәамаҭәа зшәу амилициа аусзуҩцәа шәмашьынақәа ишрықәҳартәало аилагарақәа азгәарҭаларц", - ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы и.н. Дамеи Аҩӡба.

Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Сергеи Шамба ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәны адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаиҵеит.

Уи азы Аусԥҟақәа рнапаҵыҩра мҩаԥысит нанҳәамза 6 рзы.  

Шамба Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩс дыҟан 2020 шықәса раахыс.

Раԥхьаӡа акәны иара адәныҟаполитикатә усбарҭа ахадас дҟалеит лаҵарамза, 1997 шықәсазы, ԥхынгәымза, 2004 рҟынӡа ари амаҵура дахагылан. Аҩынтә раан аминистрс дыҟан 06.08.2004 – жәабранмза, 2010 шықәсқәа рзы.

Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2004 шықәса. Аԥсныпресс. Рауль Лолуа Ареспублика Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп.

Уи азы нанҳәамза 6 рзы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

«Лолуа Рауль Валери-иԥа Ареспублика Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩыс дҟаҵазааит», - ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст аҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура Аминистрра Урыстәыла акультура Аминистрра аԥснытәи аҿар III Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум алахәхаразы ирынаҭаз алшара азы иҭабуп аҳәоит.

Ари акультура-ркаратә проект, жәаҳәарада, аҟыбаҩ злоу, зхықәкынаӡара иашьҭоу ахәыҷқәа рпотенциал аартра азы хра злоу плошьаданы иҟалоит,  рықәлацәеи дареи арҿиаратә идеиақәа рыла аимадара, иара убас адиалог рыбжьаҵара азы зеиӷьаҟам лшараны иҟалоит.  Зынӡа афорум аҿы арҿиаратә хырхарҭақәа фба ҟалоит, зегьы рхатәы кураторцәа амоуп. 

Ахәыҷтәы культуратә форум аусура рхы аладырхәуеит аԥснытәи аделегациагьы. Уи аилазаараҿы иҟоуп ф-ҩык ауаа. Уи А. Чичба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа астудентцәа Елизавета Хишбеи Расим Ашәбеи, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа астудентцәа – Салли Ӷәынџьиеи Рада Ашәԥҳаи, А.Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа – Салима Шьоуеии Арина Џьонуеи роуп.

«Аделегациа дацны дцоит Аԥсны акультура Аминистрра акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Милана Хоџьаа», – ҳәа иазгәалҭеит Аԥсны акультура Аминистрра жәларбжьаратәи аусеицуреи амассатә информациа ахархәагақәа рымадареи рзы аҟәша аиҳабы Сариа Маршьан.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.