
pressadmin-2
Аслан Бжьаниа апартиа «Амцахара» аҟынтәи имоу адгылареи агәрагареи ахә ҳаракны ишьоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аполитиатә партиа «Амцахара» ахаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аиԥылараҿы ирылацәажеит Аԥсны аҩныҵҟа иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы, атәыла асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа рзы доусы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
ДЖәР, ЛЖәР руааԥсыра рзы жәа-тоннак агуманитартә еидара Аҟәантәи идәықәырҵеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Донецктәии Лугансктәии Жәлартә Республикақәа руааԥсыра рзы жәа-тоннак агуманитартә еидара Аҟәантәи идәықәырҵеит.
Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аидара, аиҳарак афатә аалыҵқәа, иара убас апаҭлыкақәа ирҭаҭәоу аӡрыжәтәи рыла ишьақәгылоуп. Уи еиқәыршәан ҳџьынџьуаҩык ихатә ԥаратә хархәагақәа рыла.
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны: Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысит абалет ТОDES аконцерт.
Аҟәа. Нанҳәамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Алла Духова лбалет TODES ашәахьа, нанҳәамза 12 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы апрограмма ҿыц анагӡарала иқәгылеит.
«Инзэнайт» ҳәа хыс измаз ақәыргыламҭа шьахә аҷыдара зыдҳәалахаз акакәны иҟалеит акәашаҩцәа асценахь ицәырҵаанӡа апроектор ахархәарала асцена ашьҭахьтәи ахәҭа аҿы асахьаҭыхыҩцәа дуқәа ррепродукциақәа рырбара аиҿкаара. Уи ахәаԥшцәа аныҳәатә гәазҭазаара рнаҭон. Даара аинтерес зҵоу цәырҵраны иҟалеит ари аконцерт алагара ахәҭа. Ахәаԥшцәа асахьақәа рыԥсы ҭалозшәа, иҿыцу аԥшшәқәа рхалоушәа, еиҳа шәагаала идухошәа ргәы иабон.
Афилармониа аҿы еизаз ахәаԥшцәа ари ақәгылара иабзоураны ирбеит акәашаратә жанрқәа рыхкырацәара зеиԥшроу – аклассикатә балет аҟынтәи уеилазыршуа арумба, кан-кан, мамзаргьы аурыс еибаркыратә кәашара аҟынӡа. Акәашарақәа зегьы рхатә ҟазшьа рыман – ацәанырра ҟәымшәышәқәеи агәазыҳәарақәеи аазырԥшуа рҟынтәи имацқароуи аирониа злоуи рҟынӡа.
Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара азы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит Москва ақалақь аҿы.
Аҟәа. Нанҳәамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азеиԥш социалтәии аекономикатәи аҵакыра ашьақәыргылара Апрограмма анагӡара азы аҩганктәи аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит нанҳәамза 12 рзы Урыстәыла аекономикатә ҿиара Аминистрра аҿы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.
Азакәанԥҵарақәа реишьашәалара иазку аусура аҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа иҟарҵаз адҵа инақәыршәаны имҩаԥысуеит, уи атәылауаа рсоциалтә еиқәыршәара, ртәанчаҩратә еиқәыршәара, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, ашәахтәи аҳазалхратәи аусеиҿкаара, аинвестициатәии абанктәи аусура, уҳәа реиԥш иҟоу аусхкқәа рҿы аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара иазырхоуп.
Роберт Киут: «Ҭакԥхықәра змам амашьынарныҟәцаҩцәа икомпромиссдоу аҿагылара роуроп!»
Аҟәа. Нанҳәамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ареспублика аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аҿы аилатәара мҩаԥигеит. Аилатәара рхы аладырхәит Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩцәа, Автоҳәынҭинспекциа араинтәии ақалақьтәи аҟәшақәа рнапхгаҩцәа, аструктура ахатәы еилазаара. Аусқәа изаамҭанытәиу рҭагылазаашьеи имҩаԥгаз аусуреи рзы аминистр адырра иҭеит Автоҳәынҭиспекциа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба.
Ахатәы еилазаара амҩатә ԥҟарақәа реилагаҩцәа раарԥшра азы ареидтә усмҩаԥгатәқәа рыцҵара азы адҵа рыҭан. Ҭакԥхықәра змам амашьынарныҟәцаҩцәа икомпромиссдоу аҿагылара роуроп, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминитр Роберт Киут актәи акурс аҿы аҵара зҵо акурсантцәа рҭоубашьҭаҵара ихы алаирхәит.
Аҟәа. Нанҳәамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҵараиурҭақәа рахь идәықәҵахо аԥснытәи акурсантцәа рҭоубашьҭаҵара иадҳәалоу агәырӷьаратә церемониа мҩаԥысит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, ишьақәгылахьоу атрадициа ала, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаҩцәеи акурсантцәеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз амилициа аусзуҩцәа рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Ахылаԥшырҭа анапхгараҭара – аминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киути аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Руслан Ажьибеи алархәны аҿар Аԥсадгьыли Азакәани ажәлари ламысцқьала рымаҵ аура азы аҭоуба шьҭарҵеит.
Аҟазара адунеи еиқәнархоит: афилармониа аҿы имҩаԥысит аконцерт «Амузыкатә ԥсшьарамшқәа».
Аҟәа. Нанҳәамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аконцерт «Амузыкатә ԥсшьарамшқәа» мҩаԥысит Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы, амҽыша, нанҳәамза 11 рзы. Аклассикатә музыка абзиабаҩцәа рҿаԥхьа иқәгылеит А. Чичба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа Мари-Емилиа Терзиан-Ҳагба, Виачеслав Станкевич, Ева Постникова, Иарослав Бориаев, Лана Габуниа, Лана Адлеиба, Каиа Хупориа, Леон Барас, Размик Асланиан, Иарна Сымсым.
Даанкылоуп Аҟәа ақалақь, аџьармыкьа Хада аҿы иҟалаз аисра иалахәыз.
Аҟәа. Нанҳәамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа иахьа, нанҳәамза 12 рзы, Аҟәа ақалақь, аџьармыкьа Хада аҿы иҟалаз аинцидент иалахәыз ихаҭара шьақәыргыланы дааныркылеит.
Асааҭ 12:20 инарзынаԥшуа Гәлиа имҩала автомашьына «Митсубиси паджеро» аԥсҟы зкыз, 1964 шықәсазы ииз, Москва ақалақь аҿы инхо Габриелов Олег Лев-иԥа апассаџьырцәа рааныжьра дшаҿыз, имашьынала ааигәа игылаз, 1974 шықәса рзы ииз, Аҟәа ақалақь аҿы инхо Аҩӡба Беслан Ума-иԥа имашьына дахьҳәазеит.
Аԥсны атәылахьчара аделегациа Жәларбжьаратәи арра-техникатә форум «Армия-2024» ахы аланархәуеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара аделегациа Жәларбжьаратәи арра-техникатә форум «Армия-2024» ахы аланархәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Афорум мҩаԥысуеит нанҳәамза 12 – 14 рзы Москватәи аобасть, аконгресс-цәыргақәҵатә центр «Патриот» аҿы. Уи рхы аладырхәуеит 83 ҳәынҭқарра рҟынтәи аделегациақәа, урҭ рахьынтә 39 напхгара арҭоит атәылахьчаратә хылаԥшырҭақәа рхадацәеи аштаб хадақәа рнапхгаҩцәеи.
Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа напхгара зиҭо аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп уи ихаҭыԥуаҩцәа – аинрал-леитенант Нодар Аҩӡбеи аполковник Давид Бжьаниеи.
Аҟәа ақалақь аҿы асеминар «Иҭышәынтәалоу аҿиара азы аҭыԥантәи анапхгареи ахықәкқәеи» («Местные власти и цели устойчивого развития») мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы «Иҭышәынтәалоу аҿиара азы аҭыԥантәи анапхгареи ахықәкқәеи» («Местные власти и цели устойчивого развития») атема ала асеминар мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Асеминар аиҿкаара рхахьы иргеит - Жәларбжьаратәи ассоциациа «Евразиа аҭыԥантәи амчрақәеи еиду ақалақьқәеи» («Объединенные города и местные власти Евразии»), иара убас Аҟәа ақалақь Ахадара.
Асеминар мҩаԥигоит Ассоцциациа амаӡаныҟәгаҩ Хада Расих Сагитов.