
pressadmin-2
Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа амҩақәа рҿы ирӷәӷәоу арежим ала ареидқәа мҩаԥыргоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут иҟаиҵаз адҵа ала Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа ареспублика амҩақәа рҿы ирӷәӷәоу арежим ала ареидқәа мҩаԥыргоит.
Ареидқәа рымҩаԥысшьа ахылаԥшра идҵоуп Автоҳәнҭинспекциа Аусбарҭа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡбеи араионтә ҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәеи.
Араионқәа зегьы рҿы аинспекторцәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит ижәны, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа зыдкыланы амашьына аԥсҟы зкуа амашьынарныҟәцаҩцәа. Арыжәтә адкылара азы агәаҭарақәа есыҽны имҩаԥыргоит.
Ижәны амашьына аԥсҟы акра азы раԥхьаӡа иаанкылоу амашьынырныҟәцаҩцәа ирықәҵахар алшоит 30 нызықь мааҭ ахараԥса ашәареи 6 мыз рыҩныҵҟа амашьына арныҟәцаразы азин рымхреи. 15 мши-ҵхи аҭакреи амашьынарныҟәцаразы азин амхреи рықәҵахоит амедицинатә гәаҭара ахысра мап ацәызкуа. Аҩынтәраан иаанкылахаз амашьынарныҟәцаҩцәа убасҵәҟьа административтә хьырхәреи шықәсык иалагӡаны атранспорттә хархәага аныҟәцаразы азин рымхреи рзыԥшуп.
11 операциа ахәыҷтәы-дабла чымазара змоу аԥснытәи ахәыҷқәа ирзыҟарҵеит Нхыҵ Уаԥстәылатәи аспециалистцәа.
Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 14 – 19 рзы Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿы Нхыҵ Уаԥстәылантәи иааз аҳақьымцәа «ахәыҷтәы дабла чымазара» ҳәа зчымазара шьақәыргылоу ахәыҷқәа рыдкылара мҩаԥсуан.
Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» амедицинатә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Нхыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа иааит ԥшьҩык ззанааҭтә ҩаӡара ҳараку аҳақьымцәа: атравматолог–аортопедцәа, амедицинатә наукақәа ркандидатцәа Георги Чибирови Маирбек Плиеви, ахәыҷтәы анастезиолог–реаниматолог, амедицинатә наукақәа ркандидат Роланд Биченов, ахәыҷтәы кардиохирург, Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра ахаҭарнак Заза Хугаев.
Аԥҟарақәа мҩаԥысит апроект аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны. Актәи етап аҿы ахәыҷқәа ирыхәаԥшит, игәарҭеит, анаҩс ахирургиатә знеишьазы иалԥшаан. Уажәы 11-ҩык зҵыргәа-ныҟәаратә система еиуеиԥшым апатологиақәа змоу ахәыҷқәа рыԥҟарақәа мҩаԥыргахьеит.
Ахирург Георги Чибиров ипациент хәыҷы Анита лҭаацәа аспециалистцәа аараны ишыҟоу атәы еилыркааит Афонд «Ашана» аҿы аус зуа џьоукы рҟынтәи. Аӡӷаб хәыҷы лшьапқәа рҿы иуадаҩыз аԥҟара мҩаԥыргеит. Уи лан Марҭа Чанач-оглы аҳақьым иҟазара азгәалҭеит:
«Аҳақьым инаигӡаз аԥҟара ашьҭахь сыхәҷы инагӡаны лҵыргәа-ныҟәаратә система аиҭашьақәыргыларазы алшара ҟалеит. Лара шьҭарынхыс уаанӡа еиԥш адәахьы данныҟәаз ирласны дшааԥсалоз еиԥш дааԥсалаӡом, лхалагьы аныҟәара далагоит. Сара агәра ганы сыҟоуп, сагьақәгыӷуеит зегьы маншәалахап ҳәа, избан акәзар издыруеит сара даара иӷәӷәоу ачҳареи ахықәкынагӡареи злоу ахәыҷы дсымоуп, насгьы акыр ззанааҭ бзианы иаздыруа аҳақьымгьы дҳақәшәеит», – ҳәа илҳәеит лара.
Атравматолог–ортопед Маирбек Плиев хылҵышьҭрала Нхыҵ Уаԥстәылантәииуп, аҳабла хәыҷы Фиагдона диит. Аҵара иҵон Владиавказ, Амедицинатә Академиа аҿы, анаҩс Курган, зхатә клиникатә база ала еицырдыруа, академик Г. А. Илизаров ихьӡ зху атраватологиеи аортопедиеи рзы Амилаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә Центр аҿы азыҟаҵара дахысит:
Нанҳәамза 27 – иназыцҵоу ԥсшьарамшны ирылаҳәахоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, нанҳәамза 27 иназыцҵоу ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп. Уи азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.
Аекономика, абиуџьет анагӡара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит аминистрцәа Реилазаара аҿы.
Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аекономика, абиуџьет анагӡара, 2022-2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара иазку апрограмма анагӡара, аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа, иара убас аенергетика аҿы иҟоу ауадаҩрақәа, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҟны имҩаԥысыз аусуратә еилатәара аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Олег Бӷажәба иԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. еицырдыруа археолог, аҭоурыхдырҩы, кавказҭҵааҩы, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, апрофессор, Ареспубика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа иҵабыргу алахәыла, Д.Гәлиа аихьӡ зху Агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҭоурых аҟәша аиҳабы, аҭоурыхтә дисциплинақәа рзы адиссертациатә Хеилак ахантәаҩыс, Аҳәынҭқарратә археологиатә Комиссиа ахантәаҩыс иҟаз, «Аԥсуа аҭоурыхтә Еилазаара» аԥҵаҩцәа иреиуаз, Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьаз Олег Хәыхәыҭ-иԥа Бӷажәба (01.08.1941 – 15.08.2024 шш.) иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы, аԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны атәылахьчара Аминистрреи анапхгарабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 15 рзы Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу ахысырҭатә дәқәа руак аҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аструктуратә ҟәшеиҵақәа алархәны аҩганктәи анапхгарабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит.
Дҵас иқәгылан - астратегиатә ҳаракырақәа рымпыҵахаларазы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа иахыҵыз «аӷа» иҭархара, ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.
«Аӷа» игәҭакқәа рыԥхьырҟәҟәаара азы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы идҵа ала, аибашьразы ирхианы абри аҭыԥахь ииагахеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аструктуратә ҟәшақәа, уаҟа атәылахьчара Аминистрра артиллериатә гәыԥ аминомиоттә екипажқәеи дареи аус руан.
Арратә ҽазыҟаҵарақәа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы, аподполковник Дмитр Кәычбериа хаҭала инаигӡоз ахылаԥшарала имҩаԥысит. Уи иара убас аруаа разыҟаҵарақәа ахәшьара бзиа аиҭеит, ас еиԥш иҟоу аҽазыҟаҵарақәа ахатәы еилазаара рырратә зыҟаҵара аҩаӡара шьҭнахуеит, рҽаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа рынагӡараан ааиқәшәазаара аарԥшра рылнаршоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион Ахадара аусура хар амамкәа имҩаԥгоуп ҳәа ахәшьара аиҭеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион Ахадара ҳазҭоу 2024 шықәса актәи азыбжа азы аусура хар амамкәа имҩаԥгоуп ҳәа ахәшьара аиҭеит. Абри азы иара аҳәамҭа ҟаиҵеит араион Ахадара аҿы имҩаԥысыз аҳасабырбатә еилатәара аҿы.
Аҳәынҭқарра Ахада араион аекономика шьаҿа-шьаҿа аҿиара ишаҿу азгәеиҭеит.
«Араион инеиԥынкыланы аекономикатә ҿиара мҩаԥысуеит, апроблемақәа рыӡбара иаҿуп, апроблемақәа еиҳа имаҷхо иаауеит, уи азгәаумҭар залшом хымԥада, аха еиҳа, еиӷьзаргьы ҟалоит. Араион аҿы аобиективтә мзысқәа ирыхҟьаны макьаназы иӡбамкәа иаанханы иҟоу азҵаарақәагьы маҷӡам»,- ҳәа аҳасабырбақәа ҟазҵоз аусбарҭақәа рыҟәшақәа данырзыӡырҩы ашьҭахь иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Иара иалкааны проблемақәак дырзааҭгылеит. Урҭ иреиуоуп афымцамч ахархәаразы аизгатә ҟаҵарба реиӷьтәра ахымԥадатәра. Иҟоу азгәаҭарақәа рыла аҭагылазаашьа агәҭынчымра узцәырнагартә иҟоуп.
«Ҳара ахархәара зауз афымцмч азы ашәатәқәа реизгара алҳмыршар, усҟан имариам аҭагылазаашьа шьақәгылар алшоит. Абар шьҭа ашықәсқәа инеиԥынкыланы ҳара, аиҳарак аӡынтәи аамҭахәҭа азы афымцамч азымхара арежим аҿы ҳанхоит, афымцамч наҟынтәи иаахәаны иааҳгар акәхоит. Убри аҟнытә ҳара уи азы аԥарақәа рхианы иҳамазароуп. Ҳауаажәлар фымцалашарада иаанымхарц азы араион Ахадареи иарбоу азҵаара аӡбара иазинтересу аусбарҭақәеи еицхырааны хра злоу алҵшәа аарԥшра рҽазыршәароуп», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас ахшыҩзышьҭра аиҭеит атуристтә усхкы аҿы иҟоу арбагақәа. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит араион аҟны атуризм аҿиара бзиа шамоу. Убри аан иара иҳәеит асасааирҭақәа рыԥшәмацәа агәаҭарақәа рзы ашшыԥхьыӡ шаанрыжьуа. «Ганкахьала, асасааирҭатә ҩнқәа рхыԥхьаӡара ессааира иацлоит, аха даҽа канкахьала уахәаԥшуазар - аотелиерцәа рҟынтәи амилициеи апрокуратуреи рганахьала инамыцхәны ахылаԥшра ыҟоуп ҳәа агәынамӡарақәа аадырԥшуеит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара. Аслан Бжьаниа аҳәара ҟаиҵеит акурорттә аамҭазы асасааирҭақәа ргәаҭарақәа рмаҷзарц.
Цасҳәа ахараԥса зымшәо равтомашьынақәа рымырхлоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аиустициа Аминистрра аҿы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рмирнистрра Автоҳәынҭинспекциа анапхгараҭара алархәна аиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Лагәлааи Автоҳәынҭинспекциа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡбеи амҩатә ԥҟарақәа реилагара азы административтә хараԥсақәа рыршәара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы анапхгарабжьаратәи аусеицура активизациа иазырханы иҟаҵатәу ашьаҿақәа ирылацәажәеит.
Дамеи Аҩӡба амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара иадҳәаоу азҵаарақәа иҿыцу азнеишьақәа рҭахуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Уи иажәақәа рыла, Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭеи егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи доусы ркомпетенциа иақәшәо ала русеицура амашьына арныҟәцара акультура аҩаӡара ашьҭыхреи ауааԥсра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи реиқәырхареи алнаршоит.
«Амҩаҿы аныҟәара аганахьала административтә зинеилагара ҟазҵаз ахаҿы хымԥада ахьырхәра дақәыршәазароуп. Убас иҟоу азнеишьала ауп ҳтәыла аҿы иарбру азинеилагарақәа рырмаҷреи, уи инамаданы амҩатә машәыртә хҭысқәа рацәцареи шзалыршахо», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Лагәлаа.
Ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы Гәылрыԥшь араион ахатә лагала иартәеит 57 млн. мааҭ.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭоу 2024 шықәса актәи азыбжазы Гәылрыԥшь араион ахатә лагала иартәеит араион абиуџьет азбжа нагӡоуп 104,6% рыла, аплан аҟны иарбоу - 132 млн.680 ныз. 800 мааҭ раан, фактла иаланагалеит 138 млн 718 нызқьи 888 мааҭ. Абри азы имҩаԥгаз аҳасабырбатә еизара аҿы адырра ҟалҵеит Гәылрыԥшь араион Ахадара афинансқәа рыҟәша аспециалист хада Лаура Ачба. Аизара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Иԥсҭазаара далҵит аԥсуа ҭоурыхдырҩы, археолог, академик Олег Бӷажәба.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 84-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа археолог, аҭоурыхдырҩы, кавказҭҵааҩы, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, апрфессор, Ареспубика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа иҵабыргу алахәыла, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу Олег Хәыхәыҭ-иԥа Бӷажәба (01.08.1941 – 15.08.2024 шш.).
Олег Хәыхәыҭ-иԥа Бӷажәба диит нанҳәамза 1, 1941 шықәса рзы еицырдыруа аԥсуа интеллигентцәа рҭаацәара рҿы. 1958 шықәсазы ахьтәы медал ала далгеит Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №10. Ашьхарыуаа рышкол далганы 1963 шықәсазы дҭалеит Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт аҭоурых-филологиатә факультет. Диплом ҟаԥшьыла иреиҳаӡоу аҵара даналга ашьҭахь, 1967 шықәсазы Асовет Еидгыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа археологиа Аинститут аспирантура дҭалоит. 1968 шықәсазы Олег Бӷажәба Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (уажәы - Аԥсуаҭҵааратә институт - аред.) археологиа аҟәшахьы аусуреи днеит, аамҭақәак рнаҩс иара ара аҭоурых аҟәша дахагылеит, иахьа уажәраанӡагьы напхгара аиҭон. Иара убас 25 шықәса иреиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус иуан.