АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 26 рзы ареспублика аҿы иазгәарҭоит Аԥсны зхы иақәиҭу ҳәынҭқарак аҳасабала ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш.

Иахьа 16 шықәса ҵуеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи. Нанҳәамза 26, 2008 шықәсазы  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Медведев Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит, уи азы официалла алаҳәарагьы ҟаиҵеит.

Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш Аԥсны иусуратәым ныҳәамшны иԥхьаӡоуп. Есышықәса, ари амш аҽны ареспублика зегьы ихьаҵанакуа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

– Асааҭ 10:00 рзы иалагоит  Аҟәа ақалақь, Ахьӡ –Аԥша апарк аҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа. 

– Асааҭ 11:00 рзы – Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада  Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа  мҩаԥысуеит.

– Асааҭ 12:30 рзы – Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.

– Асааҭ 17:00 рзы – Аҟәа ақалақь, астадион «Динасо» аҿы Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш 16-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит. Имҩаԥысуеит урыстәылатәи амузыкант, арепер, акомпозитор Баста иқәгылара.

– Асааҭ  21:00  рзы – С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы имҩаԥгахоит аԥснытәи аестрада артистцәа злаху аныҳәатә концерт.

– Асааҭ 22:00  рзы – аныҳәатә салиут.

Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы 166 ашаьусеилыргарақәа рыла амаҭәартә шьақәырӷәӷәагақәа раҳасабала иҵәахыз анаркотикатә, арҩышьыгатә, арҩышьыгатә маҭәашьар злоу  аҵиаақәа рықәхра мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аминистр Роберт Киут иҟиаҵаз адҵа ала Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалисттә Центр аҿы 2021 – 2024шш. рзы ишьҭаз анаркотикатә хархәагақәеи анаркотикатә маҭәашьар злоу аҵиаақәеи рықәхра азы акомиссиа аԥҵан.  

 Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба напхгара зиҭо акомиссиа аилазаара иалалеит  аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәшеиҵақәа – аексперт-криминалисттә Центр, анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭара азы Аусбарҭа, ашьаусԥшааратә усбарҭеи ахатә шәарҭадара Аусбарҭеи рнапхгаҩцәа. Аҷыдалкаатә комиссиа алахәхаразы ааԥхьара рыҭоуп Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, апрокуратура Хада, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, агәабзиарахьчара Аминистрра, аекологиеи аԥсабареи рыхьчаразы Аҳәынҭқарратә Еилакы, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы, Аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура, Ауаажәларратә Палата ахаҭарнацәа.

Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 26 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ареспублика ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш.  

Асааҭ 10:00 рзы иалагоит  Аҟәа ақалақь, Ахьӡ –Аԥша апарк аҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.  

Асааҭ 11:00 рзы – Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада  Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа  мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба «Аҟәа ақалақь, Наӡаӡе лымҩа, 2-тәи абжьаларҭа ала игылоу аҩны №3 аҿы инхо ауаа даҽаџьара рыиагара азы» Ақәҵара инапы аҵаиҩит.  

Ас еиԥш аӡбамҭа адкылара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «ИнжКомплекс» 2021 шықәсазы имҩаԥнагаз аҩны аинструменталтә гәаҭара азы атехникатә ҳасабырбеи, рашәарамза  11, 2024 шықәсазы имҩаԥгаз аиланхарҭаҩны агәаҭара акти инақәыршәаны, иара убас ауадақәа зтәу аԥшәмацәа акомпенсциақәа рызшәара ҳасаб азуны  иҟалеит.  

Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент жьҭаарамза  1, 2024 шықәсанӡа Наӡаӡе лымҩала игылоу анхаразы ишәарҭоу аҩны аҿы инхо ауааԥсыра  даҽаџьара рыиагара алыршара азы адҵа аиуит.

Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.  Урыстәыла Аҵәахырҭатә банки амобилтә Еилазаара «А-мобаили» ашәатәқәа рыдкыларазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.  Аҟәша «Амобилтә еимадара»  аҿы Урыстәыла Аҵәахырҭатә банк аклиентцәа «А-Мобаил» аоператор дыԥшааны иара уааҵәҟьа, ацҵа аҿы абаланс ахарҭәааразы алшара иоуиеит.  Аусеицура ихадоу ахырхарҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара афинанстә операциақәа рымҩаԥгара армариара.  Абри азы CNews ахь адырра ҟарҵоит Урыстәыла Аҵәахырҭатә банк ахаҭарнакцәа.

Иара убас Аҵәахрҭатә банки Универсал банки рыбжьара асервисқәеи амаҵзурақәеи ралагалара азы, аԥара аиагарақәа, амобилтә еимадара , аҩнытә интернет, Анхара-коммуналтә нхамҩа амаҵзурақәа, уҳәа рыхәԥсақәа ршәарагьы уахь иналаҵаны.

Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Агазеҭ «Эхо Абхазии» аԥҵаҩы, аредактор хада Витали Шариа (диит ԥхынҷкәынмза 26, 1951 шықәса, Смоленск ақалақь аҿы –   иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәымза 14, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы) игәалашәара иазкны аномер ҷыда ҭыҵит нанҳәамза 22, 2024 шықәса рзы.

Аномер аҭыжьра мҩаԥган Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иаԥшьгарала. Уи ианылеит Витали Шариа иматериалқәа реиԥш, иара изкны иколлегацәа-ажурналистцәа ирыҩыз астатиақәагьы.

Аԥхьаҩцәа жәаҳәарада ахшыҩзышьҭра арҭоит Витали Шариа «Абаза-ТВ» иаиҭаз аинтервиу астенограмма, уаҟа иара арратә журналист изанааҭ иамоу аҷыдарақәа дрыхцәажәоит, 1992 – 1993 шш Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан аԥснытәи ажурналистцәа аинформациатә блоакада аԥыхра шрылшаз атәы дазааҭгылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы имҩаԥысит Урыстәылантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз, Леон иорден занашьоу, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Аарра-ҳаиртә мчқәа ркомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс иҟаз, аполковник  Сергеи Михаил-иԥа Подпругин (нанҳәамза 4, 1959 шықәса – нанҳәамза 24, 2016 шықәса)

Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьеи аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуеи ргәаҭара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Очамчыра-информ.

Џьгиардатәи абжьаратәи ашкол аҿы арҵаҩцәа руада аиҭашьақәыргылара иаҿуп, иара убас ахыбра ахыб рыԥсахуеит. Аусурақәа Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вахтанг Голанӡиа иҟаиҵаз адгыларала аҳәынҭқарратә харџь ала имҩаԥысуеит.

Убасҵәҟьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит Кәтол ақыҭаҿы. Ашкол аколлектив араион анапхгара иҭабуп ҳәа рарҳәеит ганрацәала ироуа адгылареи ацхыраареи рзы.

Беслан Бигәаәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәақәа ирзыԥҵәоу аҽҳәара инақәыршәаны рхыркәшаразы ихымԥадатәиу афинансыркра азҵаара шыӡбахо азы ажәа риҭеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҿы ижәны амашьына аԥсҟы зку амашьынарныҟәцаҩцәа раанкылара иазкны аҩаша, нанҳәамза 20 рзы  ареидтә усмҩаԥгатә мҩаԥыргеит Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аусзуҩцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Имҩаԥгаз ареид аҿы ишьақәыргылан  амҩатә ԥҟарақәа реилагара иадҳәаоу 50 административтә зинеилагарақәа, ҩыџьа амашьынарныҟәцаҩцәа автомашьына арныҟәцаразы азин рымырхит.

Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны «Ҭабуп ҳәа зҳәо абиԥара аҟынтәи наунагӡа зыԥсы ҭоу агәалашәара» ҳәа хьӡыс изауа абаҟа аргыларазы  асоветтә ԥараҿырпқәа реизгара иадҳәалоу акциа амҩаԥгара иазку апресс-конференциа мҩаԥысит ахаша, нанҳәамза  21 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа иатәу Аинформациатә Центр аҿы.

Уи рхы аладырхәит ауаажларратә усзуҩ, Ареспублика Белорус Амилаҭтә паралимпиатә еизгоу акоманда алахәыла Алексеи Талаи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиеи.

Ажәларзегьтәи Акциа «Ҭабуп ҳәа зҳәо абиԥара аҟынтәи наунагӡа зыԥсы ҭоу агәалашәара» нанагӡоит Алексеи Талаи ихьӡ зху Афонд.

Раԥхьатәи агәаларшәагатә баҟа ргылан 2022 шықәсазы Минск ақалақь, Аиааира Апарк аҿы, аҩбатәи ргылахеит ҳазҭоу ашықәс, ԥхынгәымза азы Бресттәи абаа аҿы. 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп Минск ақалақь аҿы абаҟа аргылара.  

Аԥараҿыпқәа реизгаразы аколба Аҟәа ақалақь, амузеиқәа руак аҿы иқәыргылахоит.

Алексеи Талаи иажәақәа рыла, иара изы насыԥны иҟоуп иахьа Аԥсны агәырӷьаратә ҟазшьа аҵаны абаҟа «Ҭабуп ҳәа зҳәо абиԥара аҟынтәи наунагӡа зыԥсы ҭоу агәалашәара» аргылара азы асоветтә ԥараҿырпқәа реизгара алагара.

«Адунеи зегьы аҟынтәи ауаа раԥхьа Белоруссиа иахьаҵанакуа ишьақәыргылаз аколбақәа аԥараҿырпқәа рҭаԥсаразы алшара ԥшааны иаауан. Уамеигәырӷьар залшомызт зықәрахь инеихьоу ауаа  рмаҭацәа рыцны аԥараҿырпқәа рыманы ишаауаз абара. Апроект иԥшьоу ахықәкы нагӡахеит. Иарбоу акциақәа рыла абиԥарақәа реимадара еиҳа иӷәӷәахоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Алексеи Талаи.  

Алексеи Талаи иажәақәа рыла, акциа аԥшьгаҩцәа иақәгәыӷӡомызт, зынӡагьы иазыԥшӡамызт уи ауаа  асҵәҟьа азхьаԥшра арҭап ҳәа. Минск ишьақәыргылаз абаҟа азы  130 нызықь инарзынаԥшуа аԥараҿырпы еизган.

Апроект анагӡара аҩбатәи етапны иҟалеит Бресттәи абаа аҿы жәлар рбаҟа ашьақәыргылара. Абаҟа азы арҭәарахьы инаган миллионбжак инарзынаԥшуа аԥараҿырпы. Абаҟа ԥхынгәымза 28, 2024 шықәсазы Белоруссиа анемец-мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра 80-шықәса ахыҵра азгәаҭара инамаданы идыргылеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.