АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны  мчымхарала хабарда ибжьадырӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш иазку ахәылԥаз мҩаԥысит.  

Амузеи афоие аҿы  еиҿкаахеит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хабарда ибжьаӡыз рфотосахьақәа рцәыргақәҵа.  

Аиԥылара аартуа, Аиҿкаара «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» ахантәаҩы Гәыли Кьычба илҳәеит:

«2010 шықәса инаркны ихацыркын хабарда ибжьаӡыз рыԥшраа иазку аусурақәа.  Аха уи аԥхьаҟагьы, аибашьра анеилга иаразнак, Аиҿкаара «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» ари азҵаара ахшыҩзышьҭра шаҭаху азы аҳәамҭақәа ҟанаҵон. Ҳара ҳаиҿкаареи Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитети аусеицура рыбжьарҵеит. Ари аамҭа иалагӡаны иҟаҵоугьы маҷӡам. Ҳара иҳалшеит аӡәырҩы аҭаацәа ирзааигәоу рыԥсыбаҩ рзырхынҳәра».  

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминстр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба 2019 шықәса раахыс Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахылаԥшрала  хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара азы акомиссиа инанагӡаз аусура атәы еиҭеиҳәеит.  

«Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь  имаҷымкәа иаанхеит зхабар еилкаамыз ауаа. Урҭ хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡоуп. Ҳара урҭ рыԥсыбаҩ ахаҭара ашьақәыргылареи анаҩс уи доусы рҭаацәа рыҭареи рзы аусура мҩаԥаагоит».

Иракли Ҭыжәба иажәақәа рыла, иахьатәи амш азы атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи агәабзиарахьчара Аминистрреи рхаҭарнакцәа злаху иҷыдоу аусуратә гәыԥ  аԥҵоуп:

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа жәышықәса инеиԥынкыланы агәыҳалалратә уаажәларратә Еиҿкаара «Кьиараз» аҵарашықәс ҿыц аламҭалазы «Насыԥ зцу цәыббрамза акы» ҳәа хыс измоу акциа мҩаԥнагоит, иара убри ала зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рҟынтәи ашколхәыҷқәа  рзы аҵара азы ихымԥадатәиу аканцелиартә маҭәахәқәа раахәараҿы ацхыраара ҟанаҵоит.

Аканцелиартә маҭәахәқәа ркомплектқәа еиуеиԥшым аклассқәа рҿы иҟоу аҭаххрақәа ирыдҳәаланы еиқәыршәахоит. Урҭ семестрк аҟынӡа аҵара иазхароуп.

Акциа шымҩаԥысуа, насгьы уи азы агәазыҳәара змоу цхыраарас иҟарҵар рылшо атәы асоциалтә информациа азы Агентра «Аԥсны» иазеиҭалҳәеит агәаҳалалратә уаажәларратә Еиҿкаара «Кьиараз» аусзуҩ Кристина  Лакоиа.

«Кьиараз» иаԥшьнагаз акциа анагӡаразы аиҳарак аинтернет аҿы аԥаратә хархәагақәа реизгара азы алаҳәара ҟанаҵоит, еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи анаплакқәеи рахь афинанстә цхыраара иаҳәоит.   Анаҩс еизгахо аԥарақәа рыла Урыстәылатәи иаҭаху аканцелиартә тауар ҿаҵахоит. Ҳара шьҭа ашықәсқәа инеиԥынкыланы еилазаарак аҿы аканцелиартә тауарқәа аҿаҳҵоит, убри инамаданы ҳара ҳзы уаҟа имаҷымкәа ахә еиҵартәоит», – ҳәа илҳәеит лара.

Ацхыраара роур алшоит уи зҭаху зегьы, ԥарала адагьы дара рзы ихымԥадатәиу амаҭәахәқәа рылагьы.                            

«Ацхыраара аҟаҵара зҭаху зегьы Воронов имҩа, аҩны № 64 ала иҟоу ҳофис ахь инаргар рылшоит  ашкол азы ихымԥадатәиу амаҭәахәқәа, аканцелиариатә тауарқәа. Арӡынба имҩала игылоу адәқьан  «Канцпарк» аҿы ишьақәыргылоуп ашәындәыҟәра, уахь уи азы агәазыҳәареи алшареи змоу дарбанызаалак ҳара ахылаԥшра заҳҭо ахәыҷқәа рзы ашколтә маҭәахәқәа ҭаиҵар ҟалоит», – ҳәа еиҭалҳәеит Кристина Лакоиа.

Есышықәса ацхыраара зҭаху ашколхәыҷқәа рсиа иацлоит. Сынтәа акциа аиҿкааҩцәа иазԥхьагәаҭаны ирымоуп зықьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара.

«Ари акциа аҿы ҳара ҳҿы ашәҟәы иҭагалоу аҭаацәа рнаҩс, аҳәынҭқарратә Усбарҭа «Атәыла араионқәа зегьы рҟынтәи ахәыҷқәеи аҭаацәеи асоциалтә дгылара рыҭара азы Амаҵзура» аспециалистцәа иҳарҭо асиақәа рҟынтәи ашколхәыҷқәагьы ацхыраара раҳҭоит.   Убасҵәҟьа есышықәса ҳара иҳадҵаалоит зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩхаз атәылауаа. Иҟалалоит убас аҭаацәа анычмазаҩхалак,  аусура анрылымшалак, зныктәи ацхырааразы иадҳадҵаало.  Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа ҳара иҭаҳҵаауеит, иарбоу аҭаацәа аиашазы ацхыраара шырҭаху анышьақәырӷәӷәахалак, ацхыраара рыҭара ҳҽазаҳшәоит», – ҳәа иазгәалҭеит Кристина Лакоиа.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа Ареспублика Башкортосҭан аҟынӡа днаӡеит.

Уфа ақалақь аҳаирбаӷәаза аҿы иара диԥылеит Башкортосҭан Ахада Ради Хабиров.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Уфа ақалақь 450 -шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Белоруссиа Ахада Алеқсандр Лукашенко ииубилеи идиныҳәалеит, - ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада Алеқсандр Лукашенко ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аимабзиаратә, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы хаҭала илагала ду азгәеиҭеит. Уи иара убас Белоруссиа Аԥсны ареспублика жәларбжьаратәи арена аҿы ианаҭо адгылара акырӡа ахә ҳаракны иршьоит, анаҩсгьы аусхкқәа зегьы рҿы аҩганктәи аусеицура аҿиара иаззхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Григори-иԥа!  Аԥсны жәлар ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала 70-шықәса шәхыҵра аиубилеи шәыдысныҳәалоит.

«Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа еиԥҟьарада шәыжәлари шәыԥсадгьыли рымаҵ аура иазкуп. Шәара зымч-зылша, зԥышәа атәыла аҿиареи аизҳазыӷьареи зыжәлар рыԥсҭазаашьа аиӷьтәреи ирызку иналукааша амилаҭтә ԥыза изы ҿырԥшыга бзианы шәыҟоуп. Шәара шәнапаҵаҟа Ареспублика Белоруссиа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны алҵшәа бзиақәа аиухьеит аиурагьы иаҿуп, жәларбжьаратәи аренаҿы авторитет иаҳа-иаҳа арӷәӷәара иаҿуп», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Алеқсандр Лукашенко ипрофессионализм ҳаракы, ижәлар ринтерес аԥхьа изыргыло ҳәынҭқарратә усзуҩны дшыҟоу. «Шәара ишәылоу ахарахәыцреи адипломатиатә ҟазареи ирыбзоураны аԥышәа змоу ҳаҭыр-пату зқәу, адунеитә политика  аҿы зажәа акыр алнадо, зыжәлар аинтересқәа рыхьӡара аԥхьа изыргыло  аполитикатә усзуҩ нага иаҳасабала шәеицырдыруа шәыҟоуп», - ҳәа иануп адныҳәалараҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә ҳақәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәеи аопозициа аԥхьагылаҩцәеи  анаҩс урыстәылатәи атәылауаҩра рымхра азы ирызку аинформациа рыҭара азы аҭакԥхықәра ихахьы игеит ҳәа аинформациа цәырҵит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Башкорҭосҭан Ахада Радии Хабирови Агәашьаркыра аргылара ахьымҩаԥысуаз иаҭааны ирбеит.
Ахада Аслан Бжьаниеи Башкорҭосҭан Ахада Радии Хабирови Уфа ақалақь, «Белаиа» аӡиас аԥшаҳәаҿы аԥсуа жәлари башкиртәи ажәлари реиҩызара ахьӡала Агәашьаркыра аргылара ахьымҩаԥысуаз иаҭааны ирбеит.
Ажурналистцәа данрыҿцәажәоз Аԥсны Ахада Аслан Бжаниа Башкорҭосҭан ауааԥсыра Уфа 450 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, инаҵшьны иҳәеит аҟәатәи Агәашьаркыра  еиԥшу ари аргыламҭа ҳажәларқәа реимадара иасимволны ишыҟало.
– Сара даара сгәы азыбылуеит Башкорҭасҭан, уи иқәынхо ауааԥсыра, анапхгара. Ҳара ҳделегациа ари ахҭыс агәахәара ду рнаҭеит, агәра згоит аӷәӷәахара иаҿу ҳажәларқәа реиҩызара зырҵабыргуа ак акәны ишыҟоу. Ари ахҭыс аҭоурых аҟны наунагӡа инхоит. Уфа ауааԥсыра Аԥсны рдыруа иҟанаҵоит. Ари агәахәареи агәадуреи ҳазҭо усуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. – Башкорҭасҭан Ареспублика шьахә иқәынхо зегьы ирыдысныҳәалоит Уфа 450 шықәса ахыҵра, ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аԥеиԥш лаша. Ара инхо ажәлар хандеиҩцәоуп, иаԥсоу анапхгарагьы рымоуп. Убри аҟнытә агәра згоит есааира аизҳазыӷьара, аҿиара амҩа шәшану. Ари идеиа бзиоуп. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит!

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 30 рзы Уфа Ареспублика Аҩны аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Башкорҭосҭан Ахада Ради Хабирови реиԥылара мҩаԥысит.

Амшхәаԥштә аҟны иқәгылан жәларбжьаратәи аусеицзуреи азеиԥш проектқәеи рҳәаақәҵара иазкыз азҵаарақәа.

Башкорҭосҭан Ахада иазгәеиҭеит аусеицзура аҿиаразы иҟоу алшарақәа, иҳәеит иааиуа ашықәсқәа рзы уи арҭбааразы амҩатә карта шазырхиахо.

«Ҳусеицзура ахырхарҭа хадақәа ируакуп- атуризм. Иҳаҩсыз ашықәс азы Башкорҭосҭанынтә атәанчаҩцәа рпилоттә гәыԥ «Абашкир-аԥсуа қәранҵыра змоу» апрограммала Аԥсныҟа иааит. Даара агәахәа узҭоз ахҳәаақәа ыҟан. Убри аҟынтә  ҳара ҳазыԥшуп Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аргылара ахыркәшареи, Уфеи Аԥсни ишиашоу ирыбжьоу амҩа аартреи, аҩ-ганкгьы рахь иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара аизырҳаразы, - иҳәеит арегион анапхгаҩы Ради Хабиров. – «Аҽарҭбаауеит иҳабжьоу ахәаахәҭра. Аԥсуа ҩқәеи ашәырқәеи рыҭира еизҳауеит. Аԥсуа џьармыкьаҿы қәҿиарала аус руеит башкириатәи анаплакқәа. Урҭ ажәлар рҭахрақәа ирықәшәо атауарқәа рыла еиқәдыршәоит. Иара убас алшара бзиақәа ыҟоуп акәац аалыҵқәа, аҵиаатә, асирыӷхәшақәа, араԥс, ашьақар, абиопрепаратқәа, арҵәыгақәа уҳәа  Аԥсныҟа  раагаразы».

Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аиустициа Аминистрра аҿы аминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Лагәлаа ихантәаҩрала аттестациатә комиссиа аилатәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аиустициа Аминистрра апресс-маҵзура.  

Рзанааҭтә дырра аҩаӡара аилкаареи  иааныркыло аҭыԥқәа рашьашәалареи, иара убас аӡбаратә нагӡаҩцәа рыла Ареспублика Аԥсны аӡбарҭақәа русура ишьақәыргылоу аиҿкаашьа аҭышәынтәалареи аӡбаратә шәҟәынҵақәеи  егьырҭ аусбарҭақәеи амаҵурауааи рышәҟәынҵақәеи рынагӡареи рзы азанааҭдыррала, ибзианы рзинмчы анагӡара  азы, аиустициа Аминистрра аҿы ишьақәырӷәӷәоуп, аусурахьгьы инагоуп «Аԥсны Аҳәынҭқарра аиустициа Аминистрра аҟны иҟоу аӡбаратә анагӡаҩцәа Рмаҵзура аӡбаратә анагӡаҩцәа  раттестациа азы Аԥҟара».

Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Нанҳәамза 29 рзы Галтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш 16-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкны абла амикрохирургиа Ацентр «Абла» еиҿнакааз агәыҳалалратә акциа алагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гал-медиа.

«Аҳақьымцәа рыдкылара ахь иааит хыԥхьаӡара рацәала Гал араион ауааԥсыра, аиҳарак урҭ зықәрахь инеихьоу ауаа, иара убас ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи роуп», – ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.  Агәыҳалалратә акциа Гал араион Ахадареи араионтә хәышәтәырҭа Хадеи рыцхыраарала имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 14 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз аахыс 32 шықәса аҵра инамаданы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Ааԥхьара атекст аҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны жәлар! Акыр иаԥсоу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы аибашьра ҳреспубликаҟны ҩнаҭацыԥхьаӡа инеит. Аԥсадгьыл ахьчаразы игылеит хәыҷгьы дугьы, ахацәа, аҳәса, абыргцәа. Зықьҩыла Аԥсны аҵеицәа рхы ақәҵаны Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра, аҭынч ԥсҭазаара ҳзырыхьчеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.